АЖӘАБЖЬҚӘА

07.Абҵара.2025

Иаԥҵахоит Станислав Лакоба ихьӡ анаӡаӡатәреи иҭҵаарадырратә ҭынха аиқәырхареи ирызку аҳәынҭқарратә комиссиа.

Аҟәа. Абҵарамза 7, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Иаԥҵахоит Станислав Лакоба ихьӡ анаӡаӡатәреи иҭҵаарадырратә ҭынха аиқәырхареи ирызку аҳәынҭқарратә комиссиа.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩцәа Сократ Џьынџьал, Олег Дамениа, Валери Гәырџьуа дырԥылеит.

Аиԥылараан ирылацәажәеит машәырла иҭахаз иналукааша аҵараууаҩ, аҳәынҭқарратә усзуҩы Лакоба Станислав ихьӡ анаӡаӡатәра иазкыз азҵаарақәа.

Станислав Зосим-иԥа иҩызцәеи ицнагаҩцәеи Аҳәынҭқарра Ахада иҟны ажәалагала ҟарҵеит ихьӡ анаӡаӡатәра инамаданы аҳәынҭқарратә комиссиа аԥҵареи иҭҵаарадырратә ҭынха аиқәырхареи рзы.

Бадра Гәынба иазгәеиҭеит абас еиԥш иналукааша ауааи урҭ атәыла аҿиараҿы рлагаламҭеи аҵак ду змоу ҳәынҭқарратә уснагӡатәны ишыҟоу. Аҳәынҭқарра Ахада игәалаиршәеит  Станислав Лакоба иҭахара мышқәак шагыз реиԥылара шымҩаԥысыз, иаҵшьны иҳәеит усҟан реиԥылараан иалыршаз аиқәшаҳаҭрақәа  хымԥада ишынагӡахо.

Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит хара имгакәа Станислав Лакоба ихьӡ анаӡаӡатәреи иҭҵаарадырратә ҭынха аиқәырхареи рзы Аҳәынҭқарратә комиссиа шаԥҵахо.

 

 

 

 


Read 69 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.