АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Жәабранмза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Асааҭ 18:00 рызтәи адыррақәа рыла рыбжьы арҭахьеит 55% инеиҳаны, хыԥхьаӡарала иугозар, ари 79 019 - ҩык иреиҳауп, ҳәа Аԥсны АКХ Жәларбжьаратәи апресс-центр аҿы имҩаԥысуаз абрифинг аҿы иҳәеит АКХ ахантәаҩы Дмитри Маршьан. 

Асабша, 15 Жәабран 2025 15:33

Асааҭ 15:00 рзы рыбжьы арҭахьеит 43,5%.

Аҟәа. Жәабранмза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Асааҭ 15:00 рызтәи адыррақәа рыла рыбжьы арҭахьеит 43,5%, хыԥхьаӡарала иугозар, ари 60 613 человек -ҩык рҟынӡа инаӡоит, ҳәа Аԥсны АКХ Жәларбжьаратәи апресс-центр аҿы имҩаԥысуаз абрифинг аҿы иҳәеит АКХ ахантәаҩы Дмитри Маршьан.  

Асабша, 15 Жәабран 2025 21:57

Асааҭ 19:30 рзы рыбжьы арҭахьеит 65%.

Аҟәа. Жәабранмза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Ахада иалхрақәа рҿы асааҭ 19:30 рызтәи адыррақәа рыла рыбжьы арҭахьеит 65 % алхыҩцәа, хыԥхьаӡарала иугозар, ари 94 313-ҩык рҟынӡа инаӡоит, ҳәа Аԥсны АКХ Жәларбжьаратәи апресс-центр аҿы имҩаԥысуаз абрифинг аҿы иҳәеит АКХ ахантәаҩы Дмитри Маршьан.

 

 

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа мҩаԥысуеит. бхазии проходят выборы президента. Абх. Абх. Абх. Абх. Абх. Абх.

Аҟәа. Жәабранмза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада ҽҳәараанӡатәи иалхрақәа мҩаԥысуеит. Аҳәынҭқарра ахадарахьы иқәгылоуп хәҩык акандидатцәа – Бадра Гәынба, Адгәыр Арӡынба, Роберт Аршба, Олег Барцыц, Адгәыр Хәырхәмал.

12:40.  «Москваҟа идәықәҵахеит 4 нызықь биуллетен. Москва ақалақь аҿы абжьыҭаразы абиуллетенқәа рхыԥхьаӡара инацҵаны идәықәҵан. Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ аҳәара ҟаиҵеит быжьнызқь биуллетен рзынарышьҭырц, аха акомиссиа иҟанаҵаз аҳасабрақәа ишаадырԥшыз ала, алхырҭатә ҭыԥ 12 сааҭ рыҩнуҵҟа хнызқьҩык иреиҳамкәа атәылауаа рымаҵ аура ауп иалшо.

Аҟәа. Жәабранмза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгресс Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзақь иахьа имҩаԥысуа Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа инарымаданы Аԥсны атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит.

Ааԥхьара иаҳәоит:

«Иахьа Аԥсны азы акыр зҵазкуа мшуп. Ареспублика аҿы алхрақәа мҩаԥысуеит. Аԥсны атәылауаа аҳәынҭқарра уаҵәтәи амҩа иалырхуа, уи аҭышәынтәалареи аҿиареи шалнаршо.

Алхрақәа рылахәхара иаанаго – утәыла азы аҭакԥхықәра ухахьы агара ауп. Агәра ганы сыҟоуп, дарбанызаалак Аԥсны атәылауаҩ аган аҿы дашзаанымхо иахьа. Ари амш – дазусҭазаалакгьы изы атәыла ԥхьаҟатәи аԥеиԥш аҿы илагала алаҵара азы зеиӷьаҟам лшароуп.

Аҟәа. Жәабранмза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Ахада иалхрақәа рахь аккредитациа роуит 150-ҩык рҟынӡа ажурналистцәа, ҳәа АКХ аҿы имҩаԥысыз абоифинг аҿы иҳәеит Аԥсны Алхратә комиссиа Хада ахантәаҩы  Дмитри Маршьан. 

Аԥсныҟа 25 тәыла рҟынтәи иааит 100-ҩык инарзынаԥшуа жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа.

Аҟәа. Жәабранмза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза  15 рзы Аҳәынҭқарра Ахада ҽҳәараанӡатәи иалхрақәа мҩаԥысуеит. Ашьыжь, асааҭ 8 рзы Аԥсны еиҿкааз  алхратә ҭыԥхадақәа 35 рҟны иҟоу алхырҭатә ҭыԥқәа 152 зегьы аатит.

–  Аҟәа ақалақь аҿы – алхратә ҭыԥхадақәа 9, алхырҭатә ҭыԥқәа 25;

– Гагра араион аҿы – алхратә ҭыԥхадақәа 5, алхырҭатә ҭыԥқәа 29; 

– Гәдоуҭа араион аҿы– алхратә ҭыԥхадақәа 7, алхырҭатә ҭыԥқәа 31;

– Аҟәа араион аҿы – алхратә ҭыԥхадақәа 2, алхырҭатә ҭыԥқәа 8;

– Гәылрыԥшь араион аҿы – алхратә ҭыԥхадақәа 3, алхырҭатә ҭыԥқәа 16;

– Очамчыра араион аҿы  – алхратә ҭыԥхадақәа 6, алхырҭатә ҭыԥқәа 33;

– Ҭҟәарчал араион аҿы– алхратә ҭыԥхадақәа 2, алхырҭатә ҭыԥқәа 8;

– Гал араион аҿы  – алхратә ҭыԥхадақәа 1, алхырҭатә ҭыԥқәа 2.

Алхырҭатә ҭыԥқәа Аԥсны анаҩсгьы ақалақьқәа Москвеи Черқесски иаартуп.

Абжьыҭара иалагаанӡа алхратә ҭыԥхада акомиссиа алахәылацәа анаԥшыҩцәа алархәны алхратә биуллетеньқәа рыԥхьаӡеит.

Урҭ рахьынтә уи азы азинмчы змаз ҩыџьа абиуллетень ахаҿратә ган хыхь, арыӷьарахьала рнапынҵақәа ықәдыргылеит, анаҩс урҭ аҭыԥхадатә алхратә комиссиа амҳәыр аадырхеит.

Аҟәа. Жәабранмза 14, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба дидикылеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа жәларбжьаратәи анаԥшыҩ иаҳасабала зхы алазырхәа Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума Афедералтә Еизара I, II, IV ааԥхьарақәа рдепутат, азиндырратә наукақәа рдоктор Сергеи Бабурин.

Сергеи Бабурин дидкыло, Апарламент Аиҳабы уи Аԥсны ашьақәгылареи аҿиареи аус аҿы, ҳҳәынҭқарра асуверенитети ахьыԥшымреи разхаҵара ҟалаанӡеи уи аныҟала ашьҭахьгьы иҟаз аамҭахәҭа иадҳәалаз апроцессқәа рҿы илагала ду азгәеиҭеит.

Лаша Ашәба Сергеи Бабурин, 2004 шықәсазы акризис алҵра азы имҩаԥысуаз аиҿцәажәарақәагьы уахь иналаҵаны,  алхратә процессқәа дышрылахәыз еизаз иргәалаиршәеит.  

«Агәыӷра ҳамоуп уажәы алхратә кампаниа иҭышәынтәаланы имҩаԥысып ҳәа. Ус ишыҟало агәра ҳгоит», – ҳәа иазгәеиҭеит иара.

Лаша Ашәба Сергеи Бабурин Аԥсны азы – «алегендартә хаҿуп», уи ихьӡ Владислав Григори-иԥа Арӡынбеи Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшьи егьырҭ ареспублика анапхгаҩцәеи рыхьӡ иадҳәалоуп. Иара убас Сергеи Бабурин Аԥсны анаукақәа Ракадемиа аҳәаанырцәтәи алахәылас дыҟоуп, уи аҩ-ҳәынҭқаррак рнаукатә еилазаарақәа реимадара арӷәӷәаара азы илагала ахә ашьара уадаҩуп ҳәа иазгәеиҭеит.

«Иаадыруеит Шәара ҷыдала Аԥсны аҳәынҭқарратә Университет шәшамадоу. Аԥсны шәара ҳаҭыр-пату шәықәырҵоит, бзиа шәырбоит. Ҳара даара гәахәарыла иҳадаҳкылоит Шәара аамҭа ԥшааны уажәы имҩаԥысуа ҳалхрақәа анаԥшыҩ иаҳасабала шәхы ахьалашәырхәуа», – ҳәа иҳәеит Лаша Ашәба.

Ихәҭакахьала, Сергеи Бабурин Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы иҭабуп ҳәа еиҳәеит адкылара бзиа азы, уи инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны иара игәаҿы иҷыдоу аҭыԥ шааннакыло. Аԥсны афырхаҵаратә ажәлар, аҳалалреи активреи злоу ауаа  рахь имоу абзиабара аарԥшуа, иара 2025 шықәсазтәи Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа атәыла ажәлар реидгылара, реилибакаара аҭагылазаашьа аҿы имҩаԥысырц азы азеиӷьашьара ҟаиҵеит.

Аҟәа. Жәабранмза 14, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Алхратә комиссиа Хада алахәылацәа ахантәаҩы Дмитри Маршьан игәра шырго шьақәдырӷәӷәоит.

«Иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Алхратә комиссиа Хада аилазаара ԥхынҷкәынмза 29, 2021 шықәса рзы еицҿакны далырхит Аԥсны Аҳәынҭқарра Алхратә комиссиа Хада ахантәаҩы Дмитри Зураб-иԥа Маршьан.

Аусеицура аамҭа аҩныҵҟа Дмитри Зураб-иԥа Маршьан ихы ааиԥшит аиашара иадгыло, хьаҳә-хьачара злам, Аԥсны Аҳәынҭқарра алхратә закәанԥҵара иақәныҟо  анапхгаҩы иаҳасабала», – ҳәа иаҳәоит АА АКЗ алахәылацәа иҟарҵаз аҳәамҭа аҿы.

Аҟәа. Жәабранмза 14, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ганрацәалатәи амашьынақәа роушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Адлер» аҳазалхратә ԥыԥшырҭа аусзуҩцәа Аԥснынтәи иаауаз автомашьына HYUNDAI SOLARIS ааныркылеит.

Иарбоу атранспорттә хархәага амобилтә инспекциатә гәаҭара акомплекс ахархәарала агәаҭараан уи аҩныҵҟа ашәҟәы иҭагалам атауар аҟазаара шьақәдыргылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит УА АҲМ Аладатәи аҳазалхратә усбарҭа апресс-маҵзура. Анаҩстәи агәаҭараан амашьына аҵҟьа аҩныҵҟа аидараҭыԥ аганахьала иҭаҟаҵаз аҵәахырҭаҿы иаарԥшын иԥхьакыз аҭаҭын аалыҵ –  220 ҭоԥ (4400 цыра) аԥснытәи акцизатә дыргақәа змоу асигареҭқәа.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.