АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Абҵара.2025

Иреиҳаӡоу аӡбарҭа апрезидиум Беслан Аҩӡба иганахьала аӡбамҭа еиҭакрада ианнажьит.

Аҟәа. Абҵарамза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҩҵарамза 4, 2025 шықәса рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа апрезидиум апрокурор Хада Адгәыр Агрба  Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа апрезидиум «Аԥсныбылтәы» ԥыхьатәи аиҳабы Беслан Аҩӡба иганахьала  акассациатә лкаа азы иҟаиҵаз ахылаԥшратә азԥхьанагаара иахәаԥшит иагьақәшаҳаҭхеит. Аҟәа ақалақьтә ӡбарҭа ала Беслан Аҩӡба имаҵура ихы иархәаны 144 миллион мааҭ инареиҳаны аимҵәаразы  ахара идуп ҳәа ишьақәрӷәӷәан.

Уаанӡа иҟаз адыррақәа рыла, Аҟәатәи аӡбарҭа 2024 шықәса ԥхынгәымза 16 рзы иаднакылаз аӡбамҭала — зрежим ӷәӷәоу ариашаратә колониаҿы имазара имхны 12 шықәса бахҭала ихигаразы ашьауӷа иқәҵан. Беслан Аҩӡба харас идырҵон имаҵура ихы иархәаны аа-епизодк рыла аҳәынҭқарратә мазара еимиҵәеит ҳәа, иара убас аҳәынҭеилахәыра амазара 114- млн мааҭ мцҳәарыла еимиҵәеит ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны апрокуратура хада.

2025 шықәса хәажәкырамза 18 рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа акассациатә қәҵара ԥсахын. 12 шықәса аҭакра ԥсахын — 1,5 миллион мааҭ ахараԥса ашәарала. Убри аан иӷьычыз 144 миллион мааҭ инареиҳаеы «Аԥсныбылтәы» азшәаразы аграждантә зыҳәара шыҟоу иааныжьын. Анаҩс уи аӡбара Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Апрезидиум иаԥнахит, Аҟәа ақалақьтә ӡбарҭа азыӡба азинмчы аманы иаанхеит.

Азыӡба анагӡаразы Б.И. Аҩӡба иаанкылара хымԥадоуп ҳәа Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистррахь анапынҵа нашьҭуп.


Read 68 times - Ашәахьа, 10 Абҵара 2025 03:36
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.