АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Абҵара.2025

Олег Ҷедиеи Наала Ломиеи иреиӷьу аландшафдтә проект «Апаҭырқалтә мҩаду» азы аконкурс аҿы аиааира ргеит.

Аҟәа. Абҵарамза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. /Алеқсеи Шамба/. Ахаша, абҵарамза 5 рзы «Апаҭырқалтә мҩаду» (Џьанашьиа имҩа) аиқәыршәазаара аконцепциа азы аконкурс аихшьаалақәа ртәы иҳәеит аҳҭнықалақь архитектор хада Беслан Багаҭелиа.

Ақалақьргыларатә комитет ахь инашьҭын апроектқәа жәпакы, урҭ рахьынтә иалԥшаан хԥа. Аиааира згаз алкаахеит жьҭаарамза 29 инаркны абҵарамза 5-нӡа имҩаԥысуаз ауаажәларратә бжьыҭира аҳасабала.

«Иалкаахеит архитекторцәа Олег Ҷедиеи Наала Ломиеи еиқәдыршәаз апроект. Ари дара еицынарыгӡаз усуроуп, сара сгәаанагарала уи даараӡа ибзиоуп», - ҳәа иазгәеиҭеит Беслан Багаҭелиа. Уи иара убас иажәа иацҵо, уажәазы апроект аконцепциа аҳасабала адгалара шымҩаԥгоу – ҳаԥхьаҟа уи деталла аус адулара шазыԥшу иҳәеит.  


Read 78 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.