
pressadmin-2
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров адипломатиатә усзуҩ Имш идиныҳәалеит.
Аҟәа. Жәабранмза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба Урыстәыла адипломатиатә усзуҩ Имш инамаданы Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров ихьӡала адныҳәаларатә шәҟәы дәықәиҵеит.
Адныҳәаларатә цҳамҭа атекст аҟны, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Сергеи Виктор-иԥа! Шәара аԥхьа шәнаргыланы Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аусзуҩцәеи аветеранцәеи шәзанааҭтә ныҳәа шәыдысныҳәылоит! Ҳаамҭазтәи агеополитикатә ҭыгылазаашьақәа рҿы, иҿыцу адунеитә шьақәгылара аҿиараан адипломаттә усзуҩцәа русура аҵакы еиҳагьы ихадахоит.
Иахьагьы, адунеизегьтәи аиашамратә ҭагылазаашьаан урыстәылатәи адипломатцәа адунеи аҿы ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рышьақәгылара аус активла рхы аладырххәуеит, урҭ равторитети иҳараку рзанааҭдырреи рхырхәарала ақәреи асоциалтә статуси, амилаҭреи адинхаҵареи ирыхьмырԥшыкәа, аиашара шьаҭас измоу адунеизегьтәи аиҿкаара ашьақәыргыларазы иазықәгылоит.
Аҟәатәи аҭыԥҳацәа аишәатә ԥкьаҭмпыл азы аицлабрақәа «Надежды Кубани» аҿы аҩбатәи аҭыԥ ааныркылеит.
Аҟәа. Жәабранмза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәатәи аҳәса ркоманда аишәатә ԥкьаҭмпыл азы аицлабрақәа «Надежды Кубани» аҿы қәҿиарала иқәгылеит.
Валери Бганба Михаил Шургалин адипломаттә усзуҩ Имш идиныҳәалеит.
Аҟәа. Жәабранмза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин адипломаттә усзуҩ Имшныҳәа идиныҳәалеит.
Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысит ашахматқәа рзы ахәыҷтәы реитингтә еицлабрақәа.
Аҟәа. Жәабранмза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь, Анатоли Карпов ихьӡ зху ашахматтә школ аҿы 12 шықәса рҟынӡа зхыҵуа аспортсменцәа рыбжьара имҩаԥысит традициала еиҿкаахо ашахматқәа рзы иаарту ареспубликатә ахәыҷтәы реитингттә еицлабрақәа «Алашара – агәыӷра ҿарақәа».
Аԥснытәи акаратистцәа Волгоград имҩаԥысуаз атурнир аҿы 18 медал ргеит.
Аҟәа. Жәабранмза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аспортсменцәа карате киокусинкаи (кумите) азы Волгоградтәи аобласт Иаарту аицлабрақәа «Сталинградская Битва» рҿы 18 медал ргеит.
Аицлабрақәа мҩаԥысуан жәабранмза 9 рзы Волгоград ақалақь аҿы.
Тиумен инхоз Алексеи Берестениов иԥсыбаҩ рыԥшааит иахьа ашьжьымҭан Риҵатәи аиҩхааҿы.
Аҟәа. Жәабранмза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Тиумен инхоз Алексеи Берестениов иԥсыбаҩ рыԥшааит иахьа ашьжьымҭан Риҵатәи аиҩхааҿы Риҵа аӡиахь ицо амҩа 35-тәи акилометр аҿы.
«Уажәтәи адыррақәа рыла, урыстәылауаҩ ацаҟьа далҟьеит», - ҳәа адырра ҟарҵеит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура аҿы.
Аҟәантәи Москваҟа ихынҳәуа аҳаирплан хҩык ачымазцәа агоит аҽыхәшәтәразы.
Аҟәа. Жәабранмза 7, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәантәи Москваҟа ихынҳәуа аҳаирплан иҷыдоу амедицинатә цхыраара роурц азы хҩык ачымазцәа агараны иҟоуп. Урҭ Москва ақалақь, Урыстәылатәи Афедерациа амедицинатә Центрқәа рҿы ахәышәтәра иахысуеит, - ҳәа иҳәеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр инапынҵақәа назыгӡо Едуард Быҭәба. Уи алыршахеит Аԥсни Урыстәылеи ргәабзиарахьчара Аминистррақәа рыбжьара аиқәшаҳаҭрақәа ирыбзбоураны.
Москватәи аҳаирбаӷәаза Внуково аҿы ачымазцәа ирԥылоит Урыстәыла Амашәырцәгьақәа рмедицинатә Центр аҟынтәи ацхыраара лас амашьынақәа.
Аспектакль «Аҵыҵындра» аԥхьарбара мҩаԥгахоит жәабранмза 8 рзы Аурыс драматә театр аҿы.
Аҟәа. Жәабранмза 6, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Џьума Аҳәба иажәабжь ала Денис Хусниаров иқәиргылаз аспектакль «Аҵыҵындра» аԥхьарбара мҩаԥысуеит жәабранмза 8 рзы. Аспектакль арежиссиортә лабораториа аконкурс «Сандро» аҿы аиааира агеит.
Аԥышәатә реис Москва-Аҟәа раԥхьатәи апассаџьырцәа рыдыркылеит аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аҿы.
Аҟәа. Жәабранмза 7, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥышәатә реис Москва-Аҟәа раԥхьатәи апассаџьырцәа рыдыркылеит аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аҿы. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы дыҟан Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадарахь акандидат Бадра Гәынба. Уи ицны иааит урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҿы аҵара зҵо аԥснытәи астудентцәа. Аҳаиртә еилазаара «UTVaero» аҳаирплан аӡытә салиут ала иаԥылеит. Иара убас аҳәынҭқарратә хореографиатә ансамбль «Абаза» акәашаҩ ҿарацәа уи аҿаԥхьа инарыгӡеит аԥсуа милаҭтә кәашарақәа.
«Аиашазы, иахьа даара акыр зҵазкуа, 30 шықәса раахыс ҳаззыԥшыз ахҭыс ҟалеит. Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза иаднакылеит акыр аамҭа ҳаззыԥшыз раԥхьатәи аҳаирплан. Агәра ганы сыҟоуп, Урыстәылаҟа аԥыррақәа ргеографиа аринахыс ессааира аҽшарҭбаало», – ҳәа иҳәеит Бадра Гәынба. Бадра Гәынба иажәақәа рыла, атуристтә сезон алагарала Урыстәыла ақалақьқәа рахь иааиԥмырҟьаӡакәа ареисқәа мҩаԥгахалоит.
Михаил Шургалин Бадра Гәынба Москва имҩаԥигаз аиԥыларақәа рыхҳәаа ҟаиҵеит: уи иҿцәажәоз зегьы ибзиаӡаны ирдыруан иара уажәы Аԥсны аофициалтә ҳәынҭқарратә структурақәа дырхаҭарнакны дшыҟам.
Аҟәа. Жәабранмза 7, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин аинформациатә Маҵзура Sputnik Аԥсны аҳәарала Бадра Гәынба абарҭ амшқәа рзы Москва ақалақь аҿы аиԥыларақәа мҩаԥго дзыҿцәажәоз ирҩашьон, избан акәзар иара ареспублика аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рхаҭарнакны дыҟаӡам ҳәа иҟоу ацәажәарақәа рыхҳәаа ҟаиҵеит.