АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 20:06

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети «Урыстәыла астудентцәа рыспорттә клубқәа реидгылеи» рыбжьара астуденттә спорт аҿиараҿы аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университети Урыстәылазегьтәи аҿартә уаажәларратә еиҿкаара «Урыстәыла астудентцәа рыспорттә клубқәа реидгылеи» астуденттә спорт арҿиареи апопулиаризациеи рганахьала аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит ААУ апресс-маҵзура.

Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра ацеремониа мҩаԥысит Москва ақалақь, Г. В. Плеханов ихьӡ зху Урыстәылатәи аекономикатә Университет аҿы имҩаԥысыз Урыстәылазегьтәи астуденттә спорттә клубқәа рфорум аҳәаақәа ирҭагӡаны.   

Аусшәҟәы рнапы аҵарҩит ААУ анапхгараҭареи Урыстәылазегьтәи аҿартә уаажәларратә еиҿкаара «Урыстәыла астудентцәа рыспорттә клубқәа реидгыла» анагӡаратә директор Сергеи Владимир-иԥа Криукови.

Ацеремониа аҿы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет ахаҭарнакс дықәгылеит ААУ Аспортклуб ахантәаҩы Инга Карчаа.

Аусшәҟәы иарбоуп — аспорттә усмҩаԥгатәқәа реицеиҿкаареи, аԥышәа аимдареи, астудентцәа рыбжьара аспорт рыларҵәареи.

Урыстәыла астудентцәа рыспорттә клубқәа рассоциациа ауниверситет аметодологиатәи аконсалтингтәи цхыраара ҟанаҵоит, Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет еицырзеиԥшу апроектқәа рынагӡаразы аинфраструктура рыднагалоит.

 

 

 


Read 17 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.