«Аиааира» - ари Аԥсны Атәылахьчара аминистрра ацхыраарала Аҵара аминистрра есышықәса (2004 шықәса инаркны) имҩаԥнаго еицлаброуп. Уи иалахәуп араионқәа зегьы рҟынтәи 10-тәии 11-тәии аклассқәа рҵаҩцәа.
Аусмҩаԥгатә мҩаԥысуеит 2025 шықәса жьҭаарамза 28 инаркны абҵарамза 1-нӡа.
Ашколхәыҷқәа шәаҳәарыла шьаҿеиқәшәала аныҟәараҿы, аҽышьҭыхраҿы, еиуеиԥшым абжьаӡарақәа (100 м, 1000 м. арԥарцәа/ 800 м. аҭыԥҳацәа) рҿы аҩра, ахыци ахәымпали рыла ахысра, автомат ала ахысра, автомат еимыхны аибаыҭараҿы, ашаха ахара, аграната аршәраҿы уҳәа аицлабрақәа рзыԥшуп.






