Аҽазыҟаҵарақәа еиҿкаахеит жьҭаарамза 25 инаркны жьҭаарамза 31 аҟынӡа Аԥсни Урыстәылеи аенергетика Аминистррақәа рыбжьара ибжьаҵаз аиқәыршаҳаҭрақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, ҳәа адырра ҟанаҵоит аенергетика Аминистрра апресс-маҵзура.
Аҽазыҟаҵарақәа аилахәыра «РусГидро» аҿы апрограмма «Аӡфымцатә станциақәа ихадоуи ицхыраагӡатәуи амаругақәа роперативтә напхгареи рхархәареи» аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуеит.






