
pressadmin-2
Аиашьаратә қалақьқәа Аҟәеи Нижни Новгороди аусеицуразы азԥхьагәаҭаратә хсаалага рыбжьарҵеит.
Аҟәа. Жәабранмза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 12 рзы аусуратә визит ала Аҟәаҟа дааит Нижни Новгород ахада Иури Шалабаев. Нижни Новгороди Аҟәеи аиашьаратә қалақьқәоуп. Нижни Новгородтәи аделегациа Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы иҟоуп жәабранмза 11 инаркны.
Иури Шабалин зхадараҿы дыҟоу аделегациа алахәылацәа Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит – Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз ҳаҭырла иргәаладыршәеит.
Аҟәа ақалақь Ахадара ахаҭарнакцәа рыцны аделегациа аҳҭнықалақь аҿы иҟоу С. Пушкин ихьӡ зху ашкол №2 иаҭааит. Асасцәа иара убас иаҭааит «Нижни Новгород ақалақь ала авиртуалтә гид» ҳәа хыс измоу аҵара-рккаратә проект аурок-аӡыргара. Аҟәа ақалақь атәы еиҭазҳәо аиԥш зеиԥшу VR-гид Урыстәылагьы аӡыргара мҩаԥгахоит.
Нижни Новгород ахада иара убас даҭааит ахәыҷбаҳча «Алиас», урыстәылатәи рколлегацәа ашколнӡатәи аҵаратә усбарҭа цхыраарас иарҭарц рылшо аҭыԥаҿы аилкааразы.
Валери Бганбеи Џьансыхә Нанбеи звольтҳараку афымцацәаҳәа «Кавкасиони» иадҳәалоу аҭагылазаашьа иалацәажәеит.
Аҟәа. Жәабранмза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, афымцамчи атранспорти рминистр инапынҵақәа назыгӡо Џьансыхә Нанба далархәны звольҳараку афымцамҩангагацәаҳәа «Кавкасиони» азҵаара азы аусуратә еилацәажәара мҩаԥигеит.
Звольҳараку афымцамҩангага «Кавкасиони» анаӡара зынӡа 405 км. ыҟоуп, уахьынтәи 38 км. Аԥсны аҵакыра иалсны ицоит. Иарбоу ацәаҳәа ала Қырҭтәыла иаиуо афымцамч ахархәара ахыхь иазаанхо ацәынха експорт ҳасабла Урыстәылаҟа идәықәнаҵоит. Иарбоу афымцамҩангагатә цәаҳәа афымцамч Ҭырқәтәылаҟа адәықәҵаразгьы ахархәара аиуоит.
Абиуџьети акредиттә еиҿкаарақәеи ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы апарламенттә Еилакы аилатәара аҿы азакәан апроектқәа фба ирылацәажәеит.
Аҟәа. Жәабранмза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Абиуџьети акредиттә еиҿкаарақәеи ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы апарламенттә Еилакы инарҭбаау аусуратә еилатәара мҩаԥысит жәабранмза 12 рзы ҳәа адырра ҟанаҵоит Жәлар Реизара-Апарламент аофициалтә саит.
Аилак ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь имҩаԥигоз аилатәара рхы аладырхәит Аизара Аиҳабы Лаша Ашәба, Апарламент адепутатцәа, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр инапынҵақәа назыгӡо Владимир Делба, аминистр ихаҭыԥуаҩ Ирма Амҷба, ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр инапынҵақәа назыгӡо Михаил Габелиа, Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Оҭар Хьециа, Аконтрольтә Палата ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Зураб Оҭырба.
Аилатәара иалахәыз иахәаԥшит «2025 шықәсазы Ареспубликатә биуџьет азы» азакәан апроект, ареспубликатә биуџьет апараметрқәа инарҭбааны иалацәажәеит. Азакәан апроект актәи аԥхьараҿы ирыдыркылеит ԥхынҷкәынмза 30, 2024 шықәса рзы.
Анаҩс иахәаԥшит ««Аинвестициатә усура азы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аиҭакрақәа ралагаларазы» азакәан апроект. Авторцәа ргәаанагарала, азакәан апроект ахықәкы хаданы иҟоуп Очамчыратәи, Ҭҟәарчалтәи, Гал араионқәа рҿы ашәахтә льготақәеи урҭ раиуразы алшарақәеи раԥҵара аҳасабала аинвестициатә процессқәа рымҩаԥгара азы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа рышьақәыргылара ауп.
Адепутатцәа иара убас ««Ареспублика Аԥсны иахьаҵанакуа агәаларшәагатәи аинвестициатә аԥараҿырпқәеи агәаларшәагатә қьаад ԥарақәеи ралагалареи рхархәареи рзы» Ареспублика Аԥсны Азакәан аиҭакрақәа ралагалара азы» азакәан апроект иахәаԥшит. Аусшәҟәы ареспублика иахьаҵанакуа агәаларшәагатәи аинвестициатә аԥараҿырпқәеи агәаларшәагатә қьаад ԥарақәеи ралагалареи рхархәареи аҭышәынтәалара иазырхоуп.
Москва ақалақь аҿы иаатит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхразы алхырҭатә ҭыԥхада.
Аҟәа. Жәабранмза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Москва ақалақь, Шаболовка амҩа, аҩны № 36 ала иҟоу абиблиотека №164 аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхразы алхырҭатә ҭыԥхада аартра иадҳәалоу аусмҩаԥгатә мҩаԥысит.
Жәабранмза 15 рзы имҩаԥысраны иҟоу алхрақәа рзы иазхиоу алхырҭатә ҭыԥ аӡыргара мҩаԥыргеит Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниеи аекстерриториалтә аҭыԥтә алхратә комиссиа ахантәаҩы Беслан Кобахьиеи.
Алхас Кәыҵниеи Беслан Кобахьиеи москаватәи амассатә информациа ахархәагақәа рхаҭарнакцәеи аусмҩаԥгатә иаҭааз асасцәеи иддырбеит иахәҭоу анормақәа зегьы ирықәшәо абжьыҭара амҩаԥгара азы азал.
Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аҿы алашарардыргатә маругақәа рԥышәара мҩаԥысит.
Аҟәа. Жәабранмза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. В. Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» аҿы ианылашьцоу аамҭазы, мамзаргьы иуадаҩу амшцәгьа аҭагылазаашьа аан аҳаирпланқәа рыдкыларазы ашәарҭадара еиқәзыршәо алашарардыргатә система аԥышәара қәҿиарала имҩаԥысит.
«Аҳаирбаӷәаза аҿы ишьақәыргылоу алашарардыргатә маругақәа жәларбжьаратәи астандартқәа зегьы ирықәшәоит, актәи акатегориа ICAO анормақәа нанагӡоит. Иарбоу аиқәыршәагақәа ахархәарахь рыдкылара аҳаирбаӷәаза ҽынла еиԥш уахынлагьы, иара убас амшцәгьақәа раан аҳаирпланқәа рыдкыларазы алшара анаҭоит», — ҳәа иазгәеиҭеит аҳаиртә ныҟәара аиҿкааразы адиректор Хада ихаҭыԥуаҩ Валери Чаплыгин.
Бадра Гәынбеи Адгәыр Арӡынбеи аԥсуа ҳәынҭқарра аҿиара авектор азы рыбжьы арҭарц азы ажәлар рахь ааԥхьара ҟарҵоит.
Аҟәа. Жәабранмза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахадарахь акандидат Бадра Гәынба Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телеканал аҿы ателедебадқәа раан атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит.
«Ҳаҭыр зқәу сџьынџуаа, ҳаҭыр зқәу Аԥсны ауаажәлар! Ҳәара аҭахума, ҳара иахьа ҳҳәынҭқарра ашьақәгыла иҿыцу аетап аҿы ҳгылоуп. Шәара ишәыдышәкыло аӡбамҭа, шәара шәалхра иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп ҳҳәынҭқарра аҿиара ахырхарҭа.
Шәара ижәдыруеит, иарбоу алхратә кампаниа аҳәаақәа ирҭагӡаны, ҳара ҳауаажәлар рҟынӡа аизҳазыӷьара, аԥсҭазаашьа аиӷьтәра, ҳҳәынҭқарратә шьақәгылашьа арӷәӷәара, ҳбызшәеи ҳетноси реиқәырхара азы ҳагәҭакқәа ртәы рызнагара ҳҽазаҳшәеит. Арҭ азҵаарақәа, жәаҳәарада зегьы раасҭа ихадоу зҵаарақәаны иҟоуп.
Урыстәыла Аԥсны ҳамҭас ианаҭаз ашколтә втобусқәа 20 Аԥсны араионқәа рҿы ибжьалоит.
Аҟәа. Жәабранмза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла Аԥсны ҳамҭас ианаҭаз ашколтә втобусқәа 20 Аԥсны араионқәа иазоурыжьит.
Хԥа-хԥа автобус роуит:
– Аҟәа араион Ешыра, Ӡыгәҭа, Шыцкәара ақыҭа школқәа рзы;
– Гагра араион – Алаҳаӡы, Лӡаа, Цандрыԥшь ақыҭа школқәа рзы;
– Гәдоуҭа араион – Аҷандара, Џьырхәа, Блабырхәа ақыҭа школқәа рзы;
– Гәылрыԥшь араион – Дранда, Уарча, Кацикыҭ ақыҭа школқәа рзы;
– Очамчыра араион – Ҷлоу, Кәтол, Мықә ақыҭа школқәа рзы;
– Ҭҟәарчал араион – Царча, Чхәартал, Гәыԥ ақыҭа школқәа рзы.
– Гал араион автобусқәа ҩба Галтәи абжьаратәи ашкол №1, иара убас Абырқыҭ ақыҭа абжьаратәи ашкол рзы.
Иааиуа амшқәа рзы "ГАЗель NEXT" амаркала автобусқәа бжьалоит араионқәа рҟны ашкол иацәыхароу аҭыԥқәа рҟны. Урҭ аҵаҩцәа рымацара ракәымкәан, арҵаҩцәагьы ақыҭа школқәа рахь иргалоит.
Автобусқәа рыҭара азы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит Аԥсны аҵара аминистр инапынҵақәа назыгӡо Инал Габлиеи Урыстәылатәи Афедерациа аҵара аминистр Сергеи Уравцови Москва ақалақь аҿы имҩаԥысыз реиԥылара аҿы.
Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа иҭышәынтәаланы ишымҩаԥысуа азы агәыӷра аадырԥшуеит.
Аҟәа. Жәабранмза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи аган жәабранмза 15 рзы Аԥсны имҩаԥысраны иҟоу Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа иҭышәынтәаланы ишымҩаԥысуа азы агәыӷра аанарԥшуеит, ҳәа РИА Новости аинтервиу аҭо аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузин.
Аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи Реидгыла акандидатцәеи урҭ рыдгылаҩцәеи алхратә кампаниа амҩаԥгараан азакәан мацара рхы иадырхәарц азы ааԥхьара ҟарҵоит.
Аҟәа. Жәабранмза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи Реидгыла акандидатцәеи урҭ рыдгылаҩцәеи алхратә кампаниа амҩаԥгараан азакәан мацара рхы иадырхәарц азы ааԥхьара ҟарҵоит.
Аҳәамҭа:
Аҵыхәтәантәи аамҭазы атәыла аинформациатә ҵакыраҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра ахадарахьы акандидат Б. Гәынба иганахь ала ахарадҵара мҩаԥысуеит иара Аконституциеи Аԥсны Аҳәынҭқарра алхратә закәанԥҵареи еилеигазшәа.
Иҟаҵоу ахарадҵарақәа шьаҭас ирымоуп Б. Гунба Аԥсны ахадаи алхрақәа рзы азакәанԥҵара еилеигоит, иара Аԥсны ахада имаҵураҭыԥ ахь кандидатс дыҟоуп, ус анакәха ареспублика ахада инапынҵақәа неигӡаӡом ҳәа иҟаҵоу аԥаршеи ҳәамҭақәа. Ари агәаанагара, Б. Гәынба Урыстәыла иҟазаараан аинтернет ҳақәа рҿы инарҭбааны ирыларҵәан.
Арҭ аҳәамҭақәа Аԥсны алхрақәа рзы азакәан хада иаҿагылоит, Аԥсны атәылауаагьы идырны имҩахырҟьоит Б. Гәынба иҳаҭыр аларҟәра хықәкыс ирымоуп.
Раԥхьа иргыланы Аԥсны Ахада иалхразы азакәан, акандидатцәа ԥсшьара шәцароуп ҳәа ҭакԥхықәра рыднаҵом.
Аконституциатә закәан «Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа рзы» аҿы иазгәаҭоуп «Алхратә кампаниа аан Аԥсны Аҳәынҭқарра ахадарахьы акандидатцәеи ахада-ихаҭыԥуаас иқәгылоу акандидатцәеи аааглыхратә, ма амаҵзуратә ҭакԥхықәрақәа рҟынтәи рхы иақәиҭтәуп русуратә ҭыԥ аҿы ироуа ибжьаратәу руалафахәы, алхрақәа рзы иалкаау аԥарақәа рҟынтәи ирызшәо» ҳәа.
М.Е. Пиатницки ихьӡ зху ахор Аԥсны иқәгылоит.
Аҟәа Жәабранмза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 12 рзы Аҟәа имҩаԥысраны иҟоуп М.Е. Пиатницки ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә академиатә аурыс жәлар рхор агастрольқәа. Аусмҩаԥгатә мҩаԥгахоит Аԥсни Урыстәылеи акультура Аминистррақәа иҟарҵо адгыларала. Аиҿкааҩ – «Росконцерт».
Урыстәыла жәлар рартистка, апрофессор Александра Пермиакова напхгара зылҭо зыхьӡ нагоу урыстәылатәи арҿиаратә коллектив ахәаԥшцәа иддырбоит аконцерттә программа «Живи в веках, моя Россия». Ақәгылара мҩаԥысуеит С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр асценаҿы.