АЖӘАБЖЬҚӘА

29.Жьҭаара.2025

«Аҷныш» — Аԥсуа драматә театр аҿы аспектакль аԥхьарбара мҩаԥысуеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр аҿы жьҭаарамза  30 – 31 рзы А. Чехов еицырдыруа ипиеса ала иқәыргылоу аспектакль «Аҷныш» аԥхьарбара мҩаԥысраны иҟоуп.  

Арежиссиор Мадина Аргәын апиеса аԥсуа бызшәахьы ишеиҭагаз, уи ақәыргыларазы 2021 шықәса раахыс ишазырхиаз, аха аобиективтә мзысқәа рыла аԥхьарбара аҽҳәара шахырԥаз атәы еиҭалҳәеит. 2025 шықәса,  нанҳәамзазы ирҿыцыз актиортә еилазаарала  аспектакль аус адулара ҩаԥхьа ихацдыркит.

«Ари Чехов иоуп, ари «Аҷныш» ауп, уи ақәыргылара зхы пату ақәызҵо атеатрқәа зегьы ируалԥшьуп», — ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит арежиссиор.

Мадина Аргәын лажәақәа рыла, лара лырҵаҩы  Павел Роман-иԥа Мельниченко ари апиеса ақәыргылара дахымццакларц илабжьигон. Аха, лара лажәақәа рыла, уажәы, даҽа аамҭанк еиԥшымкәа инарҵауланы уи аарԥшразы аамҭа ааит:

«Иахьа, сара сгәаанагарала, Чехов ирҿиамҭала иқәыргылоу аспектакль ала ҳактиорцәеи ҳареи ахәаԥшцәа идҳарбаша, ирызнаҳгаша, ираҳҳәаша ҳамоуп. Уи иҿыцу џьара аартраны иҟамларгьы ҟалоит, аха гәаартыла иҟаҵахо акакәны иҟалоит аиашазы».

«Аҷныш»— ԥшь-қәгыларакны ишьақәгылоу, 1895–1896шш. рзы иҩыз апиеса ауп. Иҟоуп агәаанагара, уи ала Чехов иҭышәынтәалоу идраматургиа алагоит ҳәа: автор итрадициатәу аконфликтқәа дрыцәхьаҵны абжьааԥнытәи аԥсҭазаара, инагӡамкәа иаанханы иҟоу агәыӷрақәа, агәҭакқәа, агәаҵан џьара иҭаҵәаху аемоциақәа дрызхьаԥшуеит. Апиеса аҿы аҷныш агәазыҳәара, ахақәиҭра, иҳараку ацәаныррақәеи аҽазышәарақәеи ирсимволны ицәырҵуеит.

Апиеса «Аҷныш» раԥхьатәи аԥхьарбара мҩаԥысит 1896 шықәсазы Петербург ақалақь, Александринсктәи атеатр аҿы. Усҟан у қәҿиарада имҩаԥысит, аха 1898 шықәсазы Москватәи Асахьаркыратә Театр аҿы  Константин Станиславскии  Владимир Немирович-Данченкои рнапхгарала уи атриумфалтә ҟазшьа аманы имҩаԥысит, аҵыхәтәаны аурыс драматургиа аҿиара ҳәаақәнаҵеит ҳәа агәаанагара ыҟоуп. Убри нахыс иахьа уажәраанӡагьы истильрку аҷныш асахьа Москватәи Асахьаркыратә Театр (МХТ) иасимволны иҟоуп.

Ақәыргыламҭа авторцәеи акомандеи:

Арежиссиор-ақәыргылаҩи аԥсшәахь еиҭазгази— Аԥсны Зҽаԥсазтәыз артистка Мадина Аргәын;

Акостиумқәа рзы асахьаҭыхҩы — Урыстәыла асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла алахәыла Диана Допуа;

Алашара-аоператор — Влад Григориан;

Абжьырежиссиор — Алан Чамлар;

Актиорцәа реилазаара:

Аркадина — Тома Аҩӡба, Аԥсны Зҽаԥсазтәыз артистка;

Треплев — Миха Ҵкәуа;

Сорин — Кьасоу Ҳагба, Аԥсны Жәлар рартист, Адыгеиа Зҽаԥсазтәыз артист;

Заречнаиа — Гәында Ажьиба;

Шамраев — Мран Алҭеиба;

Полина — Маиа Џьыкырба, Аԥсны Зәаԥсазтәыз артистка;

Маша — Кристина Цымцба, Хьыбла Мықәба, Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи Зҽаԥсазтәыз артисткацәа;

Тригорин — Алхас Ферзба;

Дорн — Беслан Хьиба;

Медведенко — Саид Кокосқьериа.

 

 

 

 

 

 

 


Read 121 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.