АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Жәабранмза 14, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 15 рзы Аԥсны имҩаԥысуеит ҽҳәараанӡатәи Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа.  

Жәабранмза 14 рзы Аҟәа ақалақь аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра Алхратә комиссиа Хада Жәларбжьаратәи апресс-центр аусура иалагеит. 

Аԥсны Алхратә комиссиа Хада ахантәаҩы Дмитри Маршьан апресс-центр аартра иадҳәалоу аусмҩаԥгатә иаҭааз жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа, ажурналистцәа бзаиала шәаабеит ҳәа раҳәо иазгәеиҭеит: «Агәра згоит шәара алхратә процесс аҟынтәи ацәынырра бзиақәа шәоуп ҳәа. Ҳара ахцәажәара бзиақәа раиура ҳақәгәыӷуеит, аха убри аан иҳауз агхақәа, урҭ ахьцәырҵыз, иҳагхаз, уҳәа рзы ииашоу адыррақәагьы ҳамазар ҳҭахуп».

Аҟәа. Жәабранмза 14, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 14 рзы Аҟәа ақалақь аҿы иаартыз Алхратә комиссиа Хада  апресс-центр аҿы иқәгылеит жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа. Урҭ Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа рымҩаԥгара аиҿкаара аҩаӡара ахәшьара ҳаракы арҭеит.

Франциантәи иааз анаԥшыҩ, жәларбжьаратәи азин аганахьала азиндырҩы, Урыстәылатәи Афедерациа иҿыцу арегионқәа руааԥсыра рзинқәа рыхьчара знапы алаку, аполитикатә консультант, ажурналист Арно Оливие Жан Девеле иара Аԥсны аҟазаара даара деигәырӷьоит ҳәа иазгәеиҭеит.  

«Сара зегьы ҭышәынтәаланы ишымҩаԥысуа, ҳара адемократиатә алххрақәа рымҩаԥысра шаабо агәра ганы сыҟоуп», - ҳәа иҳәеит иара.  

Италиантәи анаԥшыҩ, апартиа «Движение пяти звезд» аҟынтәи Апарламент адепутат Сара Куниал алхратә процесс аиҿкаара аҩаӡара ҳаракуп ҳәа иазгәалҭеит. «Шәара шәтәылаҿы имҩаԥысуа адемократиатә процессқәа егьырҭ атәылақәа рзы ажәлар рыҽҳәаақәҵара аганахьала ҿырԥшыгас иҟалар алшоит. Аԥсни Итаалиеи аҭоурыхи акультуреи рнаҩс еидызкыло рацәоуп. Ҳара еилаҳкаауеит шәара ихьыԥшым,  зхы иақәиҭу тәыланы аҟазааразы шәгәазыҳәара. Убри аганахьала сара ибоит шәара шәыжәларгьы убасҵәҟьа ишыҟоу», - ҳәа илҳәеит лара.  

Колумбиа аҟынтәи анаԥшыҩ, Аконгресс Ахаҭарнакцәа Рпалата алахәыла Давид Алехандро Торо Рамирес Аԥсны аҭааразы иоуз ааԥхьара гәахәара дула идикылеит ҳәа иазгәеиҭеит.

«Сара гәахәара дула ари асадкылара зныԥшуа атәыла ссир саҭаауеит. Ҳара ҳхықәкы хаданы иҟоу –  аелекторалтә процессқәа зегьы анаԥшра аҭара», – ҳәа иҳәеит иара.

Аҟәа. Жәабранмза 14, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика Апарламент аҟынтәи жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа рделегациа идикылеит.

Адәныҟатәи аполитикеи апарламентбжьаратәи аимадареи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Заза Дриаев зхадараҿы дыҟоу Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика Апарламент аҟынтәи жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа рделегациа аилазаараҿы иҟоуп ааглыхра, аргылара, аимадареи аԥсабаратә ресурсқәеи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Иван Сланови азакәанԥҵара, азакәанреи аҭыԥантәи ахаланапхгареи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы ихаҭыуаҩ Алан Гаглоеви.

Лаша Ашәба асасцәа дырԥыло Аԥсны адепутатцәа ркорпус гәахәарыла ирыдыркылоит Аахыҵ Уаԥстәылатәи жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа рделегациа раҳасабала  раара ҳәа иазгәеиҭеит.

«Аахыҵ Уаԥсытәыла ахаҭарнакцәа есымша ҳелекторалтә процессқәа рхы аладырхәуеит. Уи – Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа, Жәлар Реизара-Апарламент ахь алхрақәа роуп. Ҳара аиашьаратә жәларқәа ҳауп, ҳара аимабзиаратә аизыҟазаашьақәа шабжьоуп», – ҳәа иҳәеит Лаша Ашәба.

Аҟәа. Жәабранмза 14, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба урыстәылатәи аполитик аҳәынҭқарратә усзуҩ Сергеи Бабурин диԥылеит.

Сергеи Бабурин 2008 шықәса раахыс Аԥсны ҳаҭыр зқәу атәылауаҩ ҳәа ахьӡ ихҵоуп. Иара убас уи шьҭа традициала Урыстәыла аҟынтәи ихьыԥшым анаԥшҩыс дҟалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәха рҿы.

Валери Бганба аполитик иҭабуп ҳәа еиҳәеит иааразы, Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аизыҟазаашьақәа рыҿиара аганахьала хра злоу иусуразы. Аԥсны Ахада инапынҵақәа назыгӡо Сергеи Бабурин активла ареспублика ауаажәларра-политикатә амшхәаԥштә активла далагалоуп, уи ихатә ҿырԥштәы ала, ипроффесионалреи експертизеи рыла аԥснытәии урыстәылатәи жәлар реилзаара еиҳа еиӷьны аилибакаара аганахьала акыр дацхгаауеит ҳәа иазгәеиҭеит.  

Аҟәа. Жәабранмза 14, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 13, 2025 шықәса рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахь инашьҭын ԥхынҷкәынмза  5, 2024 шықәса рзы Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡоз Бадра Гәынба иҭижьыз «Еилоу аҟазшьа змоу иҷыдоу аекономикатә зона «Амра» аҟазаара ҽҳәараанӡа аанкыларазы азы» Аусԥҟа №370 ззакәанмчы цахьоу усшәҟәны азхаҵаразы административтә зашшратә зыҳәамҭа.

Аҟәа. Жәабранмза 13, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аләратә комиссиа Хада ашҟа Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны азинмчы змоу ахаҭарнак Ибраҳим Аҩӡба иҟынтәи Ҭырқәтәыла жәабранмза 15, 2025 шықәса рзы иазгәаҭоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа рзы алхратә ҭыԥ аартра залыршахом ҳәа ашәҟәы ааит.

Аҟәа. Жәабранмза 14, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа назыгӡо Сергеи Шамба аинформациатә Маҵзура Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо, иара Гал араион аҿы иҷыдоу аекономикатә зона џьара акала далахәны дшыҟам, уи аԥҵара азы апроект напхгара шаимҭоз азы аҳәамҭа ҟаиҵеит.

Аҟәа. Жәабранмза 14, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥсабарахьчаратә прокуратура Аԥсны аӡымҽхак иахьаҵанакуа 2024-2025шш. ҭагалан-аӡынтәи аамҭахәҭа азы аԥсыӡкратә наплакқәа рыла Аԥсны аԥсабарахьчаратә закәанԥҵара анагӡара азы планла иазԥхьагәаҭоу агәаҭара мҩаԥыргоит.  

Аԥсны иҟоу аԥсыӡусдуларатә наплакқәа иахәҭоу алицензиақәа рымоуп. Урҭ рахьынтә быжьба аԥсыӡкра иалагахьеит.

Иҟоу адыррақәа рыла, иазоужьыз аквота  25 нызықь тонна акамшьиа аҟынтәи, иҟоу аинформациа ала, зынӡа иркхьеит  5 200 тонна рҟынӡа акамшьиа.  

Аҟәа. Жәабранмза 13, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Лидеры России» амодель ала акадртә резерв аконкурс «Команда Абхазии»  амҩаԥгара иалагоит. Аконкурс https://abkhazia.team/ анагӡара хықәкыс иамоуп аперспектива злоу анапхгаҩцәа, акадртә резерв аԥҵара. Ари аконкурс амҩаԥгаразы аԥшьгара ҟазҵаз Аҳәынҭқарра Ахадарахь акандидат Бадра Гәынба иоуп.  Алԥшаара амодель ашьаҭаҿы иҟоуп урыстәылатәи аԥышәеи Урыстәыла Аҳәынҭқарра Ахада иплатформа «Урыстәыла – алшарақәа ртәылеи» анапхгаҩцәа рконкурс «Урыстәыла аԥызацәеи».

Акадртә конкурс аслоган: «Аԥызас аҟалареи ԥхьаҟатәи аԥеиԥш ахь амҩа алкаареи рзы уара улшара!»

Апроект «Аԥсны Акоманда» асоциалтә ҩаӡара ашьҭыхра асистема аԥҵара, ауаа иахьынхо, занааҭс ирымоу, рсоциалтә ҭагылазаашьа иадҳәаламкәа зегьы рзы еиҟароу аҭагылазаашьақәа раԥҵара иазырхоуп.

Аиҿкааратә комитет напхгара аиҭоит Ареспублика Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба.

«Иахьа ҳара акыр зҵазкуа ахҭыс аҟалара – ҳреспублика аҿиара аҿы хра злоу шьаҿаны иҟало апроект ахацыркра ҳазыԥшуп. Сара гәахәара дула, сазгәдуны апроект «Аԥсны акоманда» алагара азы алаҳәара ҟасҵоит! Ари апроект  – ареспублика анапхгаратә резерв алалара алзыршо акадртә конкурс мацара акәӡам, ари, раԥхьаӡа иргыланы шәара зегьы шәзы доусы шәпатенциал аарԥшра, иаашәыкәыршаны иҟоугьы шәара шхаҭақәагьы анапхгаҩы, даҽакала иуҳәозар ачынуаҩ  – ари  баша жәаӡам, ари азҟазазаара ауп. Уи зхахьы аҭакԥхықәра агара иазхиоу, хра злоу аиҭакрақәа рыҟаҵара зҽазызшәо, убри аан зымчи-зыхшыҩи иақәгәыӷуа, зидеиақәа рымч азхазҵо рзы иреалу аперспектива ауп, – ҳәа иазгәеиҭеит Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысыз аҿар рԥылара аҿы дықәгыло Аҳәынҭқарра Ахадарахь акандидат Бадра Гәынба.

Аконкурс алахәхара азы азыҳәамҭақәа рыдкылара хәажәкырамза 10 рҟынӡа имҩаԥыслоит.  

Зынӡа иазԥхьагәаҭоуп аконкурстә еицлабрақәа аетапқәа хԥа:

– адистанциатә етап актәи амодуль хыркәшахоит хәажәкырамза  12 рзы. Уи иазԥхьагәанаҭоит абиографиатә анкета ахарҭәаара, асистематә хәыцреи аессе аҩреи ранализ аҟаҵара азы атест ахысра;

– хәажәкырамза 14 - 16 рзы имҩаԥысуа аҩбатәи аетап аҿы аконкурс иалаху анапхгараҭаратә потенциал ахәшьара аҭара иазырхоу аонлаин-тест ахысра рзыԥшуп;

– иреиӷьу алҵшәақәа аазырԥшыз алахәылацәа хәажәкырамза анҵәамҭазы имҩаԥысраны иҟоу латәаратәи аусмҩаԥгатә ахь ааԥхьара роуеит.

Аконкурс алахәылацәа рахь иқәгылоу адҵақәа иреиуоуп – қәрала 18 шықәса рҟынтәи  55 шықәса ирхымсуазароуп, ҩы-шықәса иреиҵамкәа анапхгаратә усура аԥышәа рымазароуп, иара убас Ареспублика Аԥсны атәылауаҩра рымазароуп.

Аҟәа. Жәабрамза 13, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа:  Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аҟынтәи  - Џьихан Султаноглу,  Европатәи атәылақәа Реидгыла аҟынтәи - Магдален  Гроно, иара убас Европатәи атәылақәа Реидгыла Ашәарҭадара Аиҿкаара аҟынтәи -   Кристоф Ернст  Спати.

Аԥсны аганахьала аиԥылара рхы аладырхәит адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ  Одиссеи Бигәаа, Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусзуҩцәа Лаша Аҩӡбеи Артур Гагәылиеи.        

Аиԥылара алахәылацәа имҩаԥысран иҟоу Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа а-63-тәи араунд амшхәаԥштә зҵаарақәа пунк-цыԥхьаӡа ирзааҭгылеит. Еиуеиԥшм актуалра злоу атемақәа шьҭыхын.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.