АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Жәабранмза 18, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Алхратә комиссиа Хада аӡбамҭала Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкырамза 1, 2025 шықәса рзы.

«Ареспублика Аԥсны Аконституциа ахәҭаҷ ҩба  инақәыршәаны, ажәлармчра - Аԥсны аҳәынҭқарратә мчра шьаҭас иамоуп. Аԥсны асуверенитет ныҟәгаҩыси уи амчра хыҵхырҭаси иамоу Аԥсныжәлар роуп. Ажәлар рымчра аԥсҭазаара иаладырҵәоит дара рхала, ма рхаҭарнакцәа рыла. Аконституциа ахәҭаҷ 12 иаҳәоит: «Ауаҩы ицшоуп ихадароу азинқәеи ахақәиҭрақәеи. Дарбанзаалак ауаҩы дшоуп ихы дақәиҭны. Азакәани аӡбареи рҿаԥхьа зегьы еиҟароуп милаҭлеи, хаҵалеи, ԥҳәыслеи, бызшәалеи, хылҵшьҭралеи, маллеи, маҵуралеи, нхарҭа ҭыԥлеи, динлеи, дунеихәаԥшышьалеи, идеологиалеи, цәаԥшшәахәылеи ҳәа еилых ҟамҵакәа», – хәа иаҳәоит Аԥсны Алхратә комиссиа Хада иахьа, жәабранмза 18 рзы иаланарҵәаз ааԥхьара атекст аҿы.

Аҟәа. Жәабранмза 18, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Алхратә комиссиа Хада жәабранмза 15, 2025 шықәса рзы имҩаԥысыз Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа аихшьаалатә лҵшәақәа шьақәнарӷәӷәеит.

Аҟәа. Жәабранмза 18, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. «Аԥсны Ахада иалхрақәа азакәан инақәыршәаны, хәажәкырамза 1 азы имҩаԥысуеит, атәылауаа зегьы иаарԥшхо ргәазыҳәара рыдыркылароуп, уи зеиԥшрахозаалакгьы!» - Аԥсны атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит Аҳәынҭқарра ахадарахьы акандидат Бадра Гәынба.

Иара иаппонентцәа аҭынчреи ачҳареи аҽынкылареи аадырԥшырц, амилаҭтә цәымӷра зырҿио аҳәамҭақәа ҟарымҵаларц, иара убас аиҿагылара зхылҿиаар алшо ажәақәеи аусқәеи рҽырцәырыхьчарц ааԥхьара ҟаиҵеит».

Бадра Гәынба аполитикатә кризис аҭышәныртәалареи атәылауаа рыбжьара аҭынчра аиқәырхареи рзы ирыдыркылаз аусмҩаԥгатәқәа дрылацәажәеит. Уи Жәлар Реизара-Апарламент алхратә кампаниа нҵәаанӡа акадртә ӡбарақәа рыдкыларазы аморатории шьақәнарӷәӷәеит ҳәа иазгәеиҭеит.  

«Алхратә кампаниа иалахәу аганқәа зегьы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур алҵшәақәа рҟны иаарԥшхо ауааԥсыра ргәазыҳәара рыдыркылароуп, уи зеиԥшрахозаалакгьы», — ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра ахадарахьы акандидат Бадра Гәынба.

Аҟәа. Жәабранмза 18, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа аҩбатәи аԥхьараҿы «Аҭыԥантәи ахаланаԥхгара аусбарҭақәа рдепутутцәа рзинмчқәа рыцҵаразы» Ақәҵара рыдыркылеит.

Аҟәа. Жәабранмза 18, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа «Аҳәынҭқарра Ахада инапынгҵақәа назыгӡо, Аҳәынҭқарра Ахадарахь акандидатцәа, иара убас Аԥсны атәылауаа зегьы рахь ааԥхьара аҟаҵара азы» ақәҵара рыдыркылеит.

Ааԥхьара атекс иаҳәоит:

«Ареспублика Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент, имҩаԥысуа алхратә процесс азинтә шьаҭақәа реиқәырхара ахымԥадатәра шьақәырӷәӷәо, Аҳәынҭқарра Ахадарахь акандидатцәеи урҭ рыштабқәеи рахь аҭынчра ахьчара, азакәанқәа рықәныҟәара, иара убасгьы дарбанзаалак атәылауаҩ имилаҭра, идинхаҵара, идеологиа, егьырҭ игәаанагарақәа ирмыхәаԥшкәа ргәазыҳәара хақәиҭрала аарԥшра апринципқәа рықәныҟәаразы аҭагылазаашьа аԥырҵарц, иара убас абҵарамза 19, 2024 шықәсазтәи аиқәшаҳаҭрақәа ирықәныҟәаларц азы ааԥхьара ҟаҳҵоит.

 Убасҵәҟьа, ауаажәларратә ҭагылазаашьа аибарххара аҟынӡа анамгара азы Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба иахь ааԥхьара ҟаҳҵоит хыхь иарбоу акомпромисстә еиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, иалху Ахада имаҵура нап аиркаанӡа иарбанзаалак акадртә ӡбамҭак идимкыларц.

Ареспублика Аԥсны атәылауаа зегьы рахь аҳәара ҟаҳҵоит иаанхаз алхратә аамҭахәҭа азы  ачҳареи аҽынкылареи аадырԥшырц».

Ааԥхьара атекст ахәаԥшра иалагаанӡа Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба иҳәеит:

«Шәара ижәдыруеит, иацы акадртә еиҭакрақәа – Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы ҿыц инапынҵақәа назыгӡо иаҭареи аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо иаҭареи  ирыдҳәаланы иҟалаз ахҭысқәа ртәы. Еиуеиԥшым аполитикатә мчрақәа, алхратә штабқәа, Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо рыҿцәажәарақәа мҩаԥысит.

Аҟәа. Жәабранмза 18, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҟоу ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчаҩ Анас Қьышьмариаԥҳа Урыстәылатәи Афедерациа Ашьаусеилыргаратә Еилакы ахантәаҩы Бастрыкин ареспубликаҿы Урыстәыла атәылауаа ашәарҭара рҭаргылареи рзинқәа реилагареи рганахьала аҭҵаара амҩаԥгаразы иҟаиҵаз адҵа инамаданы, Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура, Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи Апрокуратура Хадеи рахь   азыҳәамҭақәа ҟалҵеит.

«Адинхаҵаратә, амилаҭтә, мамзаргьы даҽа мзызк азы ауаҩы изинқәа реилагара Аԥсны Аконституциеи азакәанқәеи реилагара адагьы, ареспубликаҿы инхо ажәларқәа ркультуреи, рҵасқәеи, рдунеихәаԥшышьақәеи ҭаацәарак реиԥш реицынхашьа шьаҭанкыла ирҿагылоит ҳәа. Ҩажәи жәаха шықәса раԥхьа ҳара  амилаҭеилыхра аарԥшны иақырҭуамыз ауаа рықәыӷәӷәареи цәымӷыс рыҟаҵареи зцыз аибашьра хлымӡах ҳхаҳгеит.  Хыԥхьаӡарала имаҷу аԥсуа милаҭ даараӡа ирнырит ари ақәыӷәӷәара. Аԥсны иҟаз Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа ркомандаҟаҵаҩ аҿагылара ҟалар, аԥсуаа ахәыҷы инаркны аду иҟынӡа зегьы шнырҵәахо азы аҳәамҭа ҟаиҵеит.  Ҳажәлар амилаҭеилыхра авирус аҟынтәи иӡрыжәны иҟоуп, аха, рыцҳарас иҟалаз, ҳара иаабоит мчрақәак иахьа ари азҵаара аиҭахацыркра, аиҭарҿиара ишашьҭоу. Уи аҩыза ҟалашьа амамзароуп», – ҳәа аҳәамҭа ҟалҵеит Анас Кьышьмариа.

Аҟәа. Жәабранмза 18, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи рнапхгаҩцәа алархәны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.

Аҟәа. Жәабранмза 18, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ауаажәларратә Палата амилаҭтә ҟазшьа ала Аԥсны атәылауаа рықәмақарра иадҳәалоу афактқәа рзы ироуа адырра азы ӷәӷәала агәҭынчымра аанарԥшуеит.

Убри аамҭазы Ауаажәларратә Палата «иарбоу аинформациа азимчра змоу аусбарҭақәа рыла цқьа агәаҭареи, анаҩс азакәан ишаҳәо ала азхьаԥшреи рзы азинтә хәшьара аҭатәуп» ҳәа иазгәанаҭоит.  

«Ареспублика Аԥсны Ауаажәларратә Палата алахәылацәа атәылауаа амилаҭтә ҟазшьа ала  реилыхреи рықәыӷәӷәареи рықәмақарреи ҟалашьа амамзароуп, избан акәзар уи  атәылауаа зегьы милаҭла изеиуазаалакгьы  реиҟарара апринципқәа ирҿагылоит, ҳтәыла аҿы ҭоурыхла ишьақәгылахьоу еиуиеԥшым амилаҭқәеи адинхаҵареи рхаҭарнкцәа ҭынч реицынхара азы атрадициақәа ирҿагылоит», – ҳәа иаҳәоит Ауаажәларратә Палата Ареспублика Аԥсны иқәынхо аерманцәа Рхеилак ахантәаҩы Алик Миносиан ихьӡала идәықәнаҵаз ашәҟәы аҿы.

Аҟәа. Жәабранмза 17, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа, жәабранмза  17 рзы змаҵура аҟынтәи зхы иақәиҭтәыз Дмитри Кәычбериа «Апсны.Иахьа» акорреспондент диҿцәажәо иара иамхра иадҳәалоу аҭагылазаашьа атәы изеиҭеиҳәеит.  

Дмитри Кәычбериа иажәақәа рыла, иара дизасит Аҳәынҭқарра Ахадарахь акандидат Адгәыр Арӡынба. Уи аҳәара ҟаиҵеит иара Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба иҟынӡа днеирц азы.

«Сара азнаказы иаасгәамԥхеит уи, акалашәақәа избеит, аха уеизгьы сцеит. Уаҟа Адгәыр Арӡынба ида Ахада ихаҭыԥуаҩрахь акандидат Алхас Џьынџьалгьы дыҟан», – ҳәа иҳәеит Дмитри Кәычбериа.

Аҟәа. Жәабранмза 17, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Москва ақалақь, ателецентр  «Останкино» аҿы ихыркәҳахеит ашколхәыҷқәа рзы Урыстәылазегьтәи ателехәаԥшратә гуманитартә олимпиада «Умницы и умники». Ари аинтеллектуалтә еицлабра рхы аладырхәит Урыстәыла зегьы, ааигәатәии ихароуи аҳәаанырцәтәи атәылақәа рҟынтәи аконкурсантцәа. Урҭ рыбжьара дыҟан А.С. Пушкин ихьӡ зхоу аҟәатәи абжьаратәи ашкол  №2 аҵаҩы  Нестор Ҭарба. Аицлабрақәа реихшьаалақәа рыла Нестор ателедырраҭара «Умницы и умники» афинал аҟынӡа днаӡеит.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.