Аҳәынҭқарра Ахада апалатақәеи ареанимациа аҟәшеи дырҭааит, ааха зауыз рҭынхацәа драцәажәеит, изықәшәаз арыцҳара игәы ишалсыз ҳәаны, ахцәа агәабзиара рзеиӷьеишьеит.
Агәабзиарахьчара аминистр Быҭәба Едуарди Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым Хада Ҳаҭхәа Ерики Аҳәынҭқарра Ахада ихәу рҭагылазаашьеи урҭ рыхәышәтәра шымҩаԥысуеи рзы адырра ирҭеит. Ахәцәа ианаамҭаз ацхыраара рыҭан.
Аҳәынҭқарра Ахада агәабзиарахьчара аминистри Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым Хадеи драцәажәеит, иҳәеит ахәцәа рҭагылазаашьа иалнаршозар, аҳақьымцәа урҭ Аԥсны анҭыҵҟа ргаразы азин ҟарҵар, урыстәылатәи аколлегацәа рышҟа аҳәара шыҟаиҵо аԥхьаҟатәи рыхәышәтәразы изыхәҭоу ацхыраара ҟарҵарц.
«Уажәы ихадароу – ҳауаажәлар лассы ргәабзиара аиҭашьақәыргылароуп. Аҳақьымцәа ирылшо зегь ҟарҵоит. Ҳара ҳганахьала иаҭаху ацхыраара иацҵаны иҟаҳҵалоит», — ҳәа иазгәеиҭеит Бадра Гәынба.
Аҳәынҭқарра Ахада иара убас иаҵшьны иазгәеиҭеит ари ацәгьоура бааԥс ҟазҵаз ацәгьоуцәа шаанкылахо, иагьшахьырхәхо.
«Ацәгьара зуыз иҟарҵаз ацәгьара бааԥс анаҩсгьы, аԥсуа ҵасқәа зегьы еиларгеит», — ҳәа иҳәеит Бадра Гәынба.






