АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Абҵара.2025

Жьҭаарамза 1, 2025 шықәсазы абанкттә сектор еизаку акредиттә портфель 7,2 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡеит.

Аҟәа. Абҵарамза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ҳазҭоу  2025 шықәса 9 мыз рыла Аԥсны иҟоу акредиттә еиҿкаарақәа еизаку рыкредиттә портфель 6,4% рыла еизҳаит, уи  7,2 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡеит, ҳәа адырра   ҟанаҵоит Ареспублика Аԥсны Амилаҭтә банк аофициалтә саит.

Иарбоу ахархәагақәа реиҳарак аекономика ареалтә сектор адгылара аҭара иазырхан.

2025 шықәса жьҭаарамза 1 азы аиуристтә хаҿқәеи хазхаҭалатәи аусдкылаҩцәеи ирыҭаз акредитқәа рзеиԥш еицҵалыҵ  4,5 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡеит, даҽакала иуҳәозар  62% акредиттә портфель аҟынтәи. Аекономика асубиектқәа ирыҭаз акредитқәа рхышәа-ҵышәа ала иԥхьагылоуп Акоммерциатә «Универсал-банк» – 0,8 млрд. мааҭ, Иарку Акционертә Еилазаара «Аврора Банк» – 0,7 млрд. мааҭ, Иаарту Акционертә Еилазаара Аԥсны Аҵәахырҭатә Банк – 0,6 млрд. мааҭ.

Жьҭаарамза 1, 2025 шықәса рзы хазхаҭалатәи ахаҿқәа ирыҭаз акредитқәа рхышәа-ҵышәа 2,5 млрд, мааҭ рҟынӡа инаӡеит, даҽакала иуҳәозар -  35,4%. Хазхаҭалатәи ахаҿқәа ирыҭаз акредитқәа рыла иԥхьагылоуп Иаарту Акционертә Еилазаара Аԥсны Аҵәахырҭатә Банк – иарбоу акатегориа иаҵанакуа акредитқәа зегьы рҟынтәи 59,6%.  

2025 шықәса 9 мыз рыла аекономика асубиектқәа ирзоужьыз акредитқәа рыла ибжьараҳасабу анаӡынтә қәҵа, иҳаҩсыз  2024 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, 1,1% рыла иазҳаит, уи 20,3% рҟынӡагьы инаӡеит.

Иара убри аамҭазы хазхаҭалатәи ахаҿқәа ирыҭаз акредитқәа рыла ибжьараҳасабу анаӡынтә қәҵа, 1,7% рыла еиҵахеит, уи 21,3% рҟынӡагьы инаӡеит.

Жьҭаарамза 1, 2025 шықәсазы иҟаз аҭагылазаашьала Аԥсны акредиттә еиҿкаарақәа рҿы зынӡа иҟан  679 акредиттә еиқәшаҳаҭрақәа. Урҭ рахьынтә абанкқәеи аиуристтә хаҿқәеи ирыбжьарҵаз – 298 акредиттә еиқәшаҳаҭра, абанкқәеи хазхаҭалатәи ахаҿқәеи ирыбжьарҵаз –  381 акредиттә еиқәшаҳаҭра.

Аиуристтә хаҿы иҭаз акредит абжьаратә  шәагаа 10,2 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит, хазхаҭалатәи аусдкылаҩцәа– 3,7 млн. мааҭ.

Аҳасабырбатә аамҭахәҭазы хазхаҭалатәи ахаҿқәеи абанкқәеи ирыбжьарҵахьаз аус зуа акредиттә еиқәшаҳаҭрақәа – 6 693. Хазхаҭалатәи ахаҿқәа ирыҭаз акредит абжьаратә шәагаа 380,7 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.


Read 95 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.