АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Абҵара.2025

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Аҟәа иҟалаз аиҿахысра азы ихацыркыз ашьаусеилыргара амҩаԥысшьазы аоперативтә еилатәара мҩаԥигеит.

Аҟәа. Абҵарамза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 11 рзы Аҟәа ақалақь аҿы иҟалаз аиҿахысра азы ихацыркыз ашьаусеилыргара амҩаԥысшьа изкын аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аоперативтәи аексперттәи амаҵзурақәа рнапхгаҩцәа алархәны  имҩаԥигаз аусуратә еилатәара.

Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, аминистр ахылаԥшырҭа амчратә ҟәшеиҵақәа иҟаҵаз ацәгьоура аҭагылазаашьақәа зегьы реилкаареи Аҟәа ақалақь, «ВИЭМ» аҳасбла иахьаҵанакуа иҟалаз аиҿахысра иалахәыз ауаа рхаҭара ашьақәыргылареи раанкылареи рзы аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа шымҩаԥырго азы  адырра ирҭеит.

Ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ аҟны иԥшаан зыхҭаларшә 9х19 мм. рҟынӡа инаӡо ф-џьазцәеи зыхҭаларшә  7,62 мм. рҟынӡа инаӡо ҩ- џьазцәеи, иара убас  ахы заахаз аихатәы аандеи арымӡ абӷакыдҵарҭеи рыхҵәарсҭақәа, аҵәаӷәанҵагатә дырганҵа зхыхыз аснаипертә винтовка «Драгунов», уи иаццоз хә-патронак зҭаз апатронаҭра, атапанчамгәа  иҭаз патронаки ахы агәыцәи.   

Ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ аҟантәи иган ашьа ахкқәагьы.

Агенетикатә експертиза акәзар, уи азҵаара аганахьала, аминистр иажәақәа рыла, урыстәылатәи аколлегацәа ирыцәажәахьеит.

«Ари ашьаусеилыргара аҳәаақәа ирҭагӡаны ихымԥадатәхо аекспертиза ахкқәа зегьы  мҩаԥгахоит. Ҳара заанаҵы урыстәылатәи ҳколлегацәа ҳрыҿцәажәахьеит, аҳәара ҟаҳҵеит дара агенетикатә експертиза амҩаԥгара дырццакырц  азы», – ҳәа иҳәеит аминистр.

Роберт Кьиут ашаҳаҭцәа рбаза аус адуларазы адҵа ҟаиҵеит.

«Уаҟа (аԥсыжраҿы – аред. АП азгәаҭара) ауаа рацәаны иҟан. Ашаҳаҭцәа шьақәыргылатәуп, иҟалаз зыблала избаз.  Ахҭыс ахронологиа еиҭашьақәыргылатәуп. Ихысуаз иаарԥшразы уи ихаҭара шьақәзыргыло адыррақәа максималла еизгатәуп», – ҳәа иҳәеит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахада.

Роберт Кьиут иара убас иахьа даҽазнык акамерақәа ахьыҟоу агәаҭара, урҭ ирну ҷыдала ахшыҩзышьра аҭаны ахәаԥшреи аҭҵаареи, ахысыҩ шьҭахьҟа ицара амаршрут ашьақәыргылареи рзы адҵа ҟаиҵеит.

«Зегьы ари ацәгьоура аартразы аус рулароуп», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Роберт Кьиут.

Абҵарамза 11 рзы Аҟәа ақалақь аҿы иҟалаз аиҿахысра иахҟьаны хә-ҩык еиуеиԥшым бџьармчалатәи ахәрақәа роуит. Ахәрақәа зауз рахьынтә аӡәы иҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп.

 

 

 

 


Read 72 times - Ахәаша, 14 Абҵара 2025 14:40
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.