АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Абҵара.2025

Дмитри Осиа Аҟәа ақалақьтә Еизара ахантәаҩыс далырхит.

Аҟәа. Абҵарамза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҟәа ақалақьтә Еизара VIII ааԥхьара актәи аилатәара мҩаԥысит абҵарамза  12 рзы.

Аҟәатәи ақалақьтә алхратә комиссиа ахантәаҩы Алмас Џьапуа аҳҭнықалақьтә Еизара ахь алхрақәа реихшьаалақәа ҟаиҵеит.

Уи иазгәеиҭеит алхрақәа бзианы, иҭышәынтәаланы ишымҩаԥысыз. Алхрақәа рахь иааз алхыҩцәа рзеиԥш хыԥхьаӡара 39,6% рҟынӡа инаӡеит. Хазы игоу алхырҭатә ҭыԥхадақәа рҿы уи  60-70% рҟынӡагьы инаӡеит.

«Ақалақьтә алхратә комиссиа ахь изеиԥшразаалак азашшрақәа мааӡеит. Иааизакны алхрақәа рҿы аҭагылазаашьа акыр иманшәалан, иҭышәынтәалан. Иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп адепутатцәа, избан акәзар уи акомиссиа аусура мацара иалҵшәаны иҟамлаӡеит, уи акандидатцәа рхаҭақәагьы алхрақәа раан хра злоу аҭагылазаашьа аԥҵара руалуп», – ҳәа иҳәеит Алмас Џьапуа.

Алмас Џьапуа иалхыз 19-ҩык адепутатцәа аршаҳаҭгақәа рнапы иаиркит.

Аилатәара даҭааит Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы, ателеканал «Абаза-ТВ» адиректор Хада Руслан Ҳашыг.

Иара адепутатцәа рахь ажәалагала ҟаиҵеит аилатәарақәа ателеканал «Абаза-ТВ» аҿы ишиашо ицо аефир ала амҩаԥгара азы.

«Ҳара Аҟәатәи ақалақьтә алхратә комиссиа аԥшьгара ҳадгылеит, адебатқәа мҩаԥаагеит. Урҭ зхы алазырхәыз зегьы аҭоурых аҿы рышьҭа аанрыжьит. Ателеканал «Абаза-ТВ» ақалақьә Еизара адепутатцәа реилатәарақәа ишиашо ицо аефир ала арбара азы аӡбамҭа шәыдышәкылар, ҳара уи аус аҿы адгылара шәыҭара ҳазхиоуп», –ҳәа иҳәеит Руслан Ҳашыг.

Уи иажәақәа рыла, ас еиԥш аусура аартра иалху адепутатцәа русура иаартны алхыҩцәа рызнагара, алхыҩцәа ракәзар, адепутатцәа инарыгӡо русура, ирыдыркыло аӡбамҭақәа, уҳәа рзы иаартны адыррақәа роуртә еиԥш алшара рынаҭоит.

Аилатәара амшхәаԥштә аҿы аҩбатәи зҵаараны иқәгылан Аҟәа ақалақьтә Еизара ахантәаҩы иалхра. Ақалақьтә Еизара уаанӡатәи VII ааԥхьара ахантәаҩыс иҟаз Дмитри Осиа икандидатура ықәыргылан.

Адепутатцәа маӡалатәи абжьыҭирала Дмитри Осиа Аҟәа ақалақьтә Еизара ахантәаҩыс далырхит. 17-ҩык рыбжьқәа акандидат ирҭеит, аӡәы абжьыҭираан иҽыникылеит. Убасҵәҟьа имаӡоу абжьыҭараан Аҟәа ақалақьтә Еизара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс  далхын Инал Кьышьмариа.

Дмитри Осиа аколлегацәа ирҭаз агәрагара азы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.  

«Раԥхьа иргыланы, ари Аҟәа ақалақьтә Еизара VII ааԥхьара аусура ахәшьара ауп. Сара агәра ганы сыҟоуп ҳара уаанӡа еиԥш уажәгьы ҳалызхыз ауаа рҿаԥхьа ихьыԥшым, хьаҳә-хьачарада залхыҩцәа ргәаанагара иадгыло, аҭакԥхықәра  назыгӡо уааны ҳхы шааҳарԥшуа. Ҳҿаԥхьа даара ирацәаны аусқәа шьҭоуп. Агәра згоит, ҳамчи ҳахшыҩи еилаҵаны, командак ала, ҳара ҳаҳҭнықалақь еиҳа иԥшӡаны, ицқьаны, араҟа инхо ауааԥсыра рзы еиԥш уи иаҭаауа асасцәагьы рзы зегьы рыла иманшәаланы аҟаҵара шҳалшо», – ҳәа иҳәеит Дмитри Осиа.

Иара Аизара ахьӡала Алмас Џьапуеи алхратә комиссиа акоманда зегьи иҭабуп ҳәа реиҳәеит инарыгӡаз аусура азы, алхратә комиссиа ахантәаҩы Алмас Џьапуа аџьшьаратә шәҟәы инапы иаиркит.  

Аҟәа ақалақьтә Еизара акомитетқәа раԥҵара азҵаара иааиуа аилатәарахь ииагоуп. 

 

 

 

 

 


Read 104 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.