АЖӘАБЖЬҚӘА

11.Абҵара.2025

Аминистррақәеи ахылаԥшырҭақәеи ркомандақәа рыбжьара ашьапылампыл-маҷ азы атурнир Аҟәа аиалагеит.

Аҟәа. Абҵарамза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистррақәеи ахылаԥшырҭақәеи ркомандақәа рыбжьара ашьапылампыл-маҷ азы атурнир Аҟәа иалагеит. Аицлабрақәа мҩаԥысуеит «Аминистрцәа Реилазаара» ҳәа изышьҭоу ашьаплампылдәы маҷ аҿы. Арҭ аицлабрақәа еиуеиԥшым аструктурақәа рхаҭарнакцәа еидызкыло аспорттә хҭысны иҟалароуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы.

Атурнир рхы аладырхәуеит 18 команда: Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура, Иҷыдоу азкызаара Ацентр, Арепатриациа азы Аҳәынҭқарратә Еилакы, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа, Апрокуратура Хада, Аԥснытәи Аихамҩа, Аҟәа ақалақь Ахадара, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә шәарҭадара Амаҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭа, Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафмцамч», В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа», Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы, Иаарту Акционертә Еилазаара «Аҵәахырҭатә Банк», Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра, Аҟәатәи Иаарту Аинститут, Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура, аекономика Аминистрра, агәабзиарахьчара Аминистрра, атәылахьчара Аминистрра.

Аицлабрақәа ҩ-етапкны имҩаԥыслоит. Агәыԥтә етап аҿы акомандақәа агәыԥхәҭақәа рыла еихшахоит. Анаҩс анаҩстәи араунд ахь инеиз аицлабрақәа ирылаху алҵразы плеи-офф-матчқәа ихәмаруеит.  Убас ала, аиԥыларақәа зегьы ихадароу аҵакы амазаауеит.

Атурнир хыркәшахоит абҵарамза  24 рзы.


Read 220 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.