Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра арбагақәа рыла, хәҩык еиуеиԥшым ахәрақәа роуит, руаӡәк иҭагылазаашьа бааԥсуп.
Аҳәынҭқарра Ахада азинхьчаратә усбарҭақәа рахь адҵа ҟаиҵеит ацәгьоура ашьақәыргыларазы зыда ԥсыхәа ыҟам ауснагӡатәқәа зегьы рынагӡаразы, иалахәу ахаҿқәа раанкыларазы, аусҭҵаара алҵшәақәа рзы лассы иара адырра иҭаразы.
Бадра Гәынба агәабзиарахьчара Аминистрра анапы ианиҵеит ихәу иахәҭоу амедицинатә цхыраара рыҭареи аҭагылазаашьа ахылаԥшра алыршареи рзы.






