АЖӘАБЖЬҚӘА

11.Абҵара.2025

Аҟәа иҟалаз аиҿахысраан ахәрақәа зауз иахәҭоу амедицинатә цхыраара роуеит.

Аҟәа. Абҵарамза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Аҟәа ақалақь ВИЭМ аҳабла иахьаҵанакуа иҟалаз аиҿахысраан ахәрақәа зауз рҭагылазаашьазы адырра ҟаиҵеит.

Ареспубликатә хәышәтәырҭахь инаган хәҩык ахәрақәа зауз, зегьы иахәҭоу амедицинатә цхыраара рырҭоит.

Ихәу руаӡәк ихшыбаҩ ааха амоуп, уи дԥырҟоит ҳәа адырра ҟаиҵеит агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.

Аҽа ҩыџьагьы ԥырҟоит— руаӡәы иӷра ахы алҟьеит, егьи – инапы ахы аахеит.

Зхазҿы ахәра амоу апациенти згәыбжьыҵҟьа ахәра амоу апациенти ареанимациаҿы иҟоуп ҳәа иҳәеит Едуард Быҭәба.

«Апациентцәа зегьы аҳақьымцәа иахәҭоу ацхыраара рырҭоит. Аҭагылазаашьа Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба хаҭала ахылаԥшра аиҭоит», – ҳәа иҳәеит агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.


Read 150 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.