АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Жәабранмза 24, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Експорт ҳасабла идәықәҵаз амимоза (араӡны лакациа) апартиақәа руак аԥсны-урыстәылатәи аҳәааҿы иааныркылеит. Урыстәыла акарантинтә маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, уаҟа ирыԥшааит калифорниатәи трипс ҳәа изышьҭоу ашәҭтә ҵиаақәа аԥхасҭа рызҭо ахәаҷа-маҷа хкы. 

Адәныҟатәи акарантин аҟәша аиҳабы Руслан Смыр Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо, амимоза апартиақхәа руак заанкылаз атәы дахцәажәеит.  

Руслан Смыр, иахьа Аԥсны Акарантинтә маҵзура ахь урыстәылатәи акарантинтә маҵзура аҟынтәи ашәҟәы ааит, уаҟа аиагара иазырхиаз амимоза апартиақәа руак  аҿы калифорниатәи трипс ҳәа изышьҭоу ашәҭтә ҵиаақәа аԥхасҭа рызҭо ахәаҷа-маҷа хкы рыԥшааит ҳәа иазгәаҭан ҳәа иҳәеит.   

«Ҳара ҳзы ари иҿыцу аԥхасҭа зырҿио ахәаҷа-маҷа хкуп, уи аҭҵаара ҳалагоит. Аха амашьынақәа аҳәааҿы игылаӡам. Уаҟа ҳара иҳамоу аинформациа ала, иааныркылеит зыкапан 25 кьыла рҟынӡа инаӡоз анапылеидарала иргоз аидара. Ҳара ари ажәабжь атәыла анапхгара аҟынӡа инаҳгеит», ҳәа иҳәеит иара.

Руслан Смыр иажәақәа рыла, трипс ҳәа изышьҭоу ахәаҷа-маҷақәа аҵиаақәа аԥхасҭа рырҭоит, ирылоу ацәаакыра алырцәаауеит, абыӷьқәеи ашәҭқәеи ӷәӷәала ааха рырҭоит.  Арҭ аԥхасҭа зырҿио ахәаҷа-маҷақәа  рықәгара азы амониторинг мҩаԥыргоит, иара убас урҭ рхыԥхьаӡара зырмҷуа ахимиатә маҭәашьарқәа рыла аӡиаақәа аус рыдырулоит.  

Аҟәа. Жәабранмза 24, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәатәи акоманда жәабранмза 23 2025 шықәса рзы Гориачи Клиуч имҩаԥысыз зхы иақәиҭу аиқәԥара азы Урыстәыла атәылахьчара Аминистрра Иаарту аԥхьахәгара аҿы аԥхьахәтә ҭыԥқа ааннакылеит.  Ари аусмҩаԥгатә Аԥсадгьыл Ахьчаҩ Имш иадҳәалахеит.

Аицлабрақәа рхы аладырхәит еиуеиԥшым арегионқәа рҟынтәи 150 инареиҳаны аспортсменцәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан Ҟарачы-Черқьессиатәи Ареспублика, Шәача, Генленџьыкь, Анапа, Даӷьсҭантәи Ареспублика, Краснодартәи атәылаҿацә, Темриук, Аԥсны ахаҭарнакцәа.  

Аҟәа. Жәабранмза 19, 2025 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. Аҳәынҭқарра ахадарахь акандидат Адгәыр Арӡынбеи Аҳәынҭқарра ахадарахь акандидат ихаҭыԥуаҩрахь акандидат Алхас Џьынџьали рыпресс-конференциа мҩаԥысит ахаша, жәабранмза 19 рзы, Аҟәа ақалақь аҿы.  

Аԥсны атәылауаа зегьы доусы рлахьынҵа аӡбара азы азин рымоуп.

Адгәыр Арӡынба ишазгәеиҭаз ала, уажәы имҩаԥысуа алхраԥхьатәи акампаниа – «Аԥсны аҭоурых аҿы зегьы раасҭа иҟьашьу» ҳәа иаанхоит. Уи игәаанагарала, аетникатә гәыԥқәак акандидатцәа руаӡәк идгылаҩцәа рҟынтәи ипрецедентдоу ақәыӷәӷәара роуит.  Иара убас иара икоманда Ҭырқәтәыла иазырхоушәа аинформациа ацәырҵра иалагеит.

«Уи зегьы мцуп, ипровакациоп. Ҳара иаадыруеит ас еиԥш иҟоу адезинформациа гәҭакыла аларҵәара шамаз, ақыҭақәагьы уахь иналаҵаны», – ҳәа иҳәеит иара.

Адгәыр Арӡынба атәылауаа рықәыӷәӷәара иалкаау аеффект аиуит ҳәа иазгәеиҭеит.

«Ҳара иаҳҭахӡам милаҭрацәала еилоу ҳажәлар етникатә ҟазшьа ала реихшара ҟаларц, иаҳҭахӡам џьукы-џьоукы рхатә политикатә хықәкқәа рынагӡаразы урҭ рхы иадырхәаларц. Уи аҩыза ҟалашьа амам!», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра ахадарахь акандидат.

Уи иажәақәа рыла, ас еиԥш ақәыӷәӷәара ахҟьаԥҟьақәа излауа ала армаҷреи аҭагылазаашьа аҭышәынтәалареи рзы, акандидат иштаб ахаҭарнакцәа аерман милаҭ иатәу Аԥсны атәылауаа ахьынхо аҭыԥқәа рахь инеины ауааԥсыра ирыҿцәажәоит, иреилдыркаауеит урҭ имцырку аинформациа рыларҵәарала ишдырҩашьаз, шьаԥҿаршә шырзыруз.

«Рыцҳарас иҟалаз, Аԥснытәи аерманцәа Рхеилк ахада Алик Миносиан уажәы Аԥсны дыҟаӡам, иҟоу аҭагылазаашьа алацәажәаразы уи иԥылара рҭахын аветеранцәагьы, аиҳабацәа рабиԥара иаҵанакуа ауаагьы, аха уи макьаназы изалмыршахеит», – ҳәа иажәа иацҵо иҳәеит иара.

Адгәыр Арӡынба игәаанагарала, адезинформациа ахархәарала ауаа ргәаанагара аманипулиациа азура азы аҽазышәарақәа зегьы иахәҭоу азинтә хәшьара аиуроуп, иазбан акәзар уи иаанаго ишиашоу алхратә процесс аҽалагалара ауп.

Аҟәа. Жәабранмза 21, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарра ахадарахь акандидат Бадра Гәынба ахәылбыҽха, жәабранмза 20 рзы Аҳәынҭқарра ахадарахь акандидат Адгәыр Арӡынба иштаб ахаҭарнакцәа рԥылара шымҩаԥысыз атәы далацәажәеит.  Уи рхы аладырхәит Адгәыр Арӡынба иштаб аҟынтәи Ҭемыр Гәлиа, Қамас Аиба, Вианор Ашба, Аҳәынҭқарра ахадарахь акандилат Бадра Гәынбеи Аҳәынҭқарра ахадарахь акандидат ихаҭыԥуаҩрыхь акандидат Беслан Бигәааи Бадра Гәынба ареспубликатә иалхратә штаб анапхгаҩы Алеқсандр Анқәаби.

Аҟәа. Жәабранмза 20, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы апарламенттә Еилакы инарҭбаау аилатәара мҩаԥысит ахаша, жәабранмза 19 рзы.

Адепутатцәа рнаҩс аилатәара иара убас рхы аладырхәит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа назыгӡо Роберт Киут, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Руслан Ажьиба, апрокурор Хада инапынҵақәа назыгӡо Дамир Кәыҵниа.  

Аҟәа. Жәабранмза 22, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аспортсменцәа Черқьесск ақалақь аҿы имҩаԥысуаз зхы иақәиҭу аиқәԥаразы арегионбжьаратәи атурнир «Аиааиразы агәазыҳәара» аҿы актәи амш азы аԥхьахәтә ҭыԥқәа жәба ааныркылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилкы.

Рамин Арсҭаа (35 кь), Абазг Феҭ-оглы (38 кь), Сандро Жьиба (48 кь), Богдан Ӡиӡариа (52 кь) актәи аҭыԥқәа ааныркылеит, Осман Ҳагба (38 кь), Нестор Арлан (52 кь), Дамеи Кархалаа (48 кь) аҩбатәи аҭыԥ ааныркылеит, Владик Ладариа (41 кь), Данаҭ Жьиба (62 кь) ахԥатәи аҭыԥқәа ааныркылеит.

Аҟәа. Жәабранмза 22, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсуа  драматә театр ахәыҷтәы студиа ахь ахәыҷқәа рыдкылара ишалаго азы адырра аланарҵәеит.  Ирыдыркылоит 6 шықәса инаркны 16 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ахәыҷқәа. Адкылара мҩаԥыслоит хәажәкырамза 10 аҟынӡа.

Агәыԥ ахь адкыларатә ԥышәарақәа рыда агәазыҳәара змоу зегьы рыдыркылоит. Атеатр адиректор инапынҵақәа назыгӡо Хьыбла Мықәба лгәаанагарала, ахәаԥшрақәа раан обиективла ахәыҷы илшарақәа, илоу аҟыбаҩ атәы аилкаара уадаҩуп, избан акәзар, ахәыҷқәа реиҳараҩык руалуашара риаиуеит.  

Арҵара ихадоу х-хырхарҭак рыла имҩаԥысуеит.

Актиортә ҟазара рылҭалоит Мадина Аргәын – аԥсуа театр арежиссиор, асценаҿы ацәажәаратә бызшәа – актиор Адгәыр Џьениа, асценаҿы ахымҩаԥгашьа – Ерик Ҭырқьба. Аҵаҩцәа атеатр аҭоурых азы адыррақәа роуеит, иазԥхьагәаҭоуп аҟазара-классқәа рымҩаԥгарагьы.

Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыслоит атеатр аҩныҵҟа мчыбжьык рахь ҩынтә, аԥсшьамшқәа инақәыршәаны. Аҵара аамҭа – шықәсык аҟынӡа инаӡоит. Апотокқәа зегьы нхыркәшахо аҳасабырбатә қәгылара мҩаԥыслоит. Иара убас иазԥхьагәаҭоуп ахәыҷқәа аԥсуа театр аспектакльқәа рҿы рылахәхара.

Аҟәа. Жәабранмза 21, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Алхратә кампаниа ԥсыцқьарыла, иаартны амҩаԥгара алыршара, адемократиатә принципқәа рықәныҟәара, амилаҭтә интересқәа рыхьчара азы, Аԥсны ԥхьаҟатәи аԥеиԥш зыдҳәалоу аӡбамҭа здызкылаша ажәлар мацара шраку еилкааны,  Аҳәынҭқарра Ахадарахь акандидатцәа Адгәыр Арӡынбеи Бадра Гәынбеи   жәабранмза 21 рзы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.

Аиқәшаҳаҭра атекст иаҳәоит:

«Ҳара, ҵаҟа знапы аҵазҩыз Ареспублика Аԥсны ахадарахь акандидатцәа, алхратә кампаниа ԥсыцқьарыла, иаартны амҩаԥгара алыршара, адемократиатә принципқәа рықәныҟәара, амилаҭтә интересқәа рыхьчара азы, Аԥсны ԥхьаҟатәи аԥеиԥш зыдҳәалоу аӡбамҭа здызкылаша ажәлар мацара шраку, Аԥсны жәлар ргәаанагара зегьы ишрыцку еилаҳкаауеит.

Ҳара абри аиқәшаҳаҭра ҳабжьаҳҵоит аҭакԥхықәрагьы ҳхахьы иаагоит абарҭ аҭагылазаашьақәа рынагӡаразы: Ҳара Аԥсны ҳапатриотцәоуп, ажәлар рзы абзиара ҟаларц ҳҭахуп, уи ҳара ҳхықәкы хаданы иҟоуп, еиԥшымзаарас иҳамоу мацара уи ахықәкы анагӡаразы мҩас иалхтәу азы ҳгәаанагар заҵәык ауп. Даҽазныкгьы иазгәҳҭоит, Аԥсны жәлар роуп уаҵәтәи рԥеиԥш ахь амҩа алызхуа.

Ҳара инаҵшьны иазгәаҳҭоит, аԥсуа уаажәларра рҿы Аԥсны асуверенитети Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара азинеиҟарареи аидгылареи рҟазшьа змоу аизыҟазаашьақәа аринахысгьы рырӷәӷәара аганахьала ишьақәгылаз ԥсахра зқәым аконсенсус шыҟоу, Аҳәынҭқарра Ахадарахь иқәгылоу акандидатцәа рҟынтәи аӡәгьы изеиԥшразаалак ахԥатәи амчрақәа рхаҭарнакыс, мамзаргьы адгалыҩыс дшыҟам.

Ҳара ҭакԥхықәрала иазгәаҳҭоит алхратә процесс зегьы   иалагӡаны апиар еиқәаҵәа ҳәа изышьҭоу ахархәара, хра злам аӡырга, ахәымгара, аопонентцәа излаҟам ала рыхцәажәара ҳшаҿагылало, доусы ҳалхратә кампаниа аконкуренциа иаша, апрограммақәеи аидеиақәеи рыла мацара ишышьақәҳаргыло. 

Ҳара милаҭрацәала еилоу Аԥсны жәлар рыбжьара амилаҭтә цәымӷра зырҿио аҳәамҭақәа, иара убас аиҿагылара зхылҿиаар алшо ажәақәеи аусқәеи ӷәӷәала ҳарҿагылоит.

Ҳара Аԥсны алхратә кампаниа амҩаԥысшьа атәы аазырԥшуа аҭыԥантәи аеиԥш анҭыҵтәи амассатә информациа ахархәагақәеи ажурналистцәеи зегьы рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит. Изеиԥшразаалак ҵаҵӷәы аҟам аԥснытәи ауаажәларратәии аполитикатәи аусзуҩцәа, уимоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадарахь акандидатцәа ахәшьара рыҭареи, иара убри ала  аҭагылазаашьа  арбыжкреи иҟам-ианым аларҵәареи рзы. Ас еиԥш иҟоу ариторика анегативтә хҟьаԥҟьақәа амоуп, уи атәыла аҩныҵҟа аҭагылазаашьа ашьақәҟьара, аибарххара ахь игылнагар алшоит.  Аԥсны Ахада иалхра – ари азҵаара зыӡбо аԥсуа  жәлар роуп.

Аҟәа. Жәабранмза 21, 2025 шықәса. Аԥсныпренсс. Иахьа, жәабранмза 21 рзы, Аҟәа ақалақь аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра ахадарахь акандидатцәа Адгәыр Арӡынбеи Бадра Гәынбеи реиԥылара мҩаԥысит.

Аиҿцәажәарақәа ирылҵшәаны дара адемократиатә принципқәа рықәныҟәара, амилаҭтә интересқәа рыхьчара азы алхратә кампаниа ԥсыцқьарыла, иаартны амҩаԥгара алыршара ишацхраауа ала аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.  Акыр сааҭ рыҩныҵҟа имҩаԥысуаз аиҿцәажәарақәеи аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩреи рышьҭахь Аҳәынҭқарра ахадарахь акандидатцәа ажурналистцәа рахь ицәырҵит.

Аҟәа. Жәабранмза 21, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр афоие аҿы иаатит асахьақәа рцәыргақәҵа «Ҩ-ҟәарак». Аԥсни Ҟрыми рсахьаҭхыҩ ҿарацәа рдиалог» Араҟа ицәыргақәҵоуп еиуеиԥшым астильқәеим аформатқәеи рыла инагӡоу 10 оҟынӡа аԥснытәи асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәеи 30 инарзынаԥшуа Ареспублика Ҟрым аҟынтәи асахьаҭыхыҩцәа   русумҭақәеи.

Ицәыргақәҵоу аусмҭақәа рыбжьара иуԥылоит  – апортретқәа, апеизажқәа, афотоинсталиациақәеи уҳәа убас ирацәаны.

Аԥснытәи асахьаҭыхыҩцәа рыбжьара «Лимоны» Даниела Ашәба, «Незнакомые» Идает Аҭрышба, «Сплетение веков» Арсоу Берзениа.

Ҟрымтәи асахьаҭыхыҩцәа ацәыргақәаҵа ралахәхара ихадоу аелементны иҟоуп «Светить всегда, светить везде» ҳәа хьӡыс измоу Арт-кластер «Таврида» апроект.

Ацәыргақәҵа аартуа, Аԥсны акультура Аминистрра акультуреи аҟазареи рыҟәша аиҳабы Авҭандил Конџьариа иахьа араҟа ицәыргақәҵоу асахьақәа Урыстәылатәи Севастополь аҟазара агалереиа аҟынтәи Аԥсныҟа иааргеит ҳәа иазгәеиҭеит.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.