АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Абҵара.2025

Аԥсны Ахада Ихаҭыԥуаҩ аруаа ҿыц аҭоуба рыдкылара иазкыз аусмҩаԥгатә далахәын.

Аҟәа. Абҵарамза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Арбџьармчқәа аруаа ҿыц аҭоуба рыдкылара иазкыз аусмҩаԥгатә далахәын.

Ахада Ихаҭыԥуаҩ аруаа ҿыц рахь иҟаиҵаз ааԥхьараҟны иҳәеит:

«Ҳаҭыр зқәу аррамаҵзурауаа!

Ишәыдысныҳәалоит Шәыԥсадгьыл иашәҭаз иԥшьоу Арратә ҭоуба адкылара.

Шәара есқьынгьы ижәдыруазароуп шәыԥсҭазаараҿы знык ҭоуба шыжәуа. Аԥсны аруаҩ иаҳаҭыр ҳаракны инажәгалароуп.

Иахьа инаркны шәара шәара шәҟазшьа, шәхаҵара аарԥшра шәалагоит. Шәнапхгаҩцәа, шәҭаацәа, шәҩызцәа рыгәрагара шәаԥсахааит.  Ишәхашәмыршҭлан шәышьҭахьҟа Шәыԥсадгьыл шыҟоу.

Ишәыдысныҳәалоит аҵак ду змоу ари амш!»

Аԥсадгьыл аҿаԥхьа ҭоуба зуыз аруаа ҿыц рыҩныҵҟа дыҟан Ахада Ихаҭыԥуаҩ иԥа – Бигәаа Леон.

 

 


Read 5 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.