Аиԥылара рхы аладырхәит иара убас Урыстәылатәи Афедерациа аҟны иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Кан Ҭаниеи Вито Гриттани иԥшәмаԥҳәыс Камелиа Дарина-Попи.
Олег Барцыц 2016 шықәса раахыс Вито Гриттани иусура Аԥсни егьырҭ атәылақәеи рыбжьара аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара, аҳәаанырцә, Европа атәылақәа рҿы, ҷыдала Италиатәи ареспубликаҿы уи ахьӡ ашьҭыхреи аларҵәареи иазырхан ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
Аминистр Вито Гриттани Бари ақалақь аҿы Ареспублика Аԥсны адипломатиатә Хаҭарнакра аартра аҿы илагала ду, иара убас Аԥсны иазкны европатәи аҭыжьымҭақәа рҿы иара ипубликациақәа ҷыдала иазгәеиҭеит.
Ахәҭакахьала, Вито Гриттани аминистр аԥхара зҵаз адкыларазы иҭабуп ҳәа иаҳәаны Италиа иҟоу Ареспублика Аԥсны адипломатиатә Хаҭарнакра аусуреи уи амҩаԥгараан ицәырҵуа ауадаҩрақәеи ртәы еиҭеиҳәеит.
Италиа иҟоу, анапынҵа ҷыдақәа змоу ацҳаражәҳәаҩ Вито Гриттани инаҵшьны иазгәеиҭеит адипломатиатә Хаҭарнакра адипломатиатә миссиа ахыдҵақәа нанагӡоит ҳәа иазгәеиҭеит. Уи иажәақәа рыла, уи аполитикатә мчрақәа рымадара еиҿнакаауеит, Ареспублика Аԥсны атәылауаа рыцхырааразы аконсультә функциақәа нанагӡоит.
Вито Гриттани Олег Барцыц Италиа, ҷыдала Ареспублика Аԥсны адипломатиатә Хаҭарнакра ахьыҟоу Бари ақалақь аҭааразы ааԥхьара ииҭеит.
Олег Барцыц, Вито Гриттаниааԥхьаразы иҭабуп ҳәа иаҳәаны уи гәахәарыла идикылеит.
Адәныҟатәи аусқәа рминистр Аԥсны уи апозициа здызкыло зегьы рацәажәара иазхиоуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит:
«Ҳара ҳусураҿы хра злоу апринципқәа напхгаганы ҳхы иаҳархәоит. Ҳара ҳазхиоуп ҳгәаанагара, ҳпозициа, ҳиаша иахьынӡазалшо аилкаара рҭахны иахьыҟоу аҭыԥ аҿы алацәажәара. Ҳгәы иаанагоит акырӡа аҵанакуеит ҳәа активла аусура, насгьы активла ҳпозициа аарԥшра».
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр абҵарамза 11-12 рзы имҩаԥысыз Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 65-тәи рраунд далацәажәеит.
«Ҳара ҳпозициа аартны, инақәырӷәӷәаны, иреиҳау Европатәи ачинуааи ацхантәаҩцәеи, ООН, Европатәи Аидгыла, ОБСЕ уҳәа рҿаԥхьа иаҳҳәеит. Ҳрылацәажәеит акыр шықәса рыҩныҵҟа арегион аҿы иҟоу аҭагылазаашьақәа. Иҟоуп ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа: Аԥсны Аҳәынҭқарра, Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика. Уи азхаҵатәуп – мрагыларатәи ҳгәылацәа иргәаԥха-иргәамԥха. Урыстәыла адгылара абзоурала, ҳара ҳхатәы ҳәынҭқарратә проект шьақәҳаргылоит, уи анагӡара, арӷәӷәара ҳаҿуп, ари ҳаамҭазтәи иҟаҵәҟьоу аҵабыргқәа иреиуоуп», - ҳәа иҳәеит аминистр.
Аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны, еицырзеиԥшу амшхәаԥштә хырхарҭа иаҵанакуа еиуеиԥшым азҵаарақәа рзы ргәаанагарақәа еибырҳәеит.






