Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Асҭамыр Шьынқәбеи Шараҭ Џьыкырбеи рырбаандаҩразы аӡбамҭа аднакылеит.
Аҟәа ақалақь аҿы абҵарамза 11 рзы аҭыԥ змаз ахысра иалахәыз зегьы раанкылара иазку аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа ирыцҵоуп.
Ашьаусеилыргара хацыркуп Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 29 ахәҭа 3 апункт «е», ахәҭаҷ 99 ахәҭа 2, ахәҭаҷ 217 ахәҭа 1, ахәҭаҷ 105 ахәҭа 3 апункт «б» иазԥхьагәанаҭо ацәгьоурақәа рҟазшьақәа рыла – азеиԥш шәарҭара зҵоу ҩыџьа, ма инариеҳаны ргәабзиара ашәарҭара азҭаз ауаҩшьра афакту ала.
Абҵарамза 11 рзы Аҟәа ақалақь, Гәымаа рымҩала иҟалаз ахысраан хәҩык ахәрақәа роуит, ԥыҭрак ашьҭахь урҭ руаӡәк Руслан Адлеиба Ареспубликатә хәшәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит.






