АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  2025 шықәса, ажьырныҳәамза 1 инаркны Аԥсны афымцамч азы ахәԥҵәақәа ирыцлеит ҳәа ажырра ҟаиҵеит Аенергетикеи атранспорти рминистр инапынҵақәа назыгӡо Џьансыхә Нанба.

Иҿыцу ахәԥҵәақәа абас ала ишьақәгылеит:

  1. Абзазаратә хықәкқәа рзы афымцамч зхы иазырхәо, х-фазак зызнеиуа хазхаҭалатәи ахаҿқәа шьҭарнахыс иршәалароуп – 2 мааҭки 20 коп.;          
  2. Абзазаратә хықәкқәа рзы афымцамч зхы иазырхәо, фазак зызнеиуа  хазхаҭалатәи ахаҿқәа шьҭарнахыс иршәалароуп – 1 мааҭки 70  коп.;
  3. Агәабзиарахьчареи аҵарадырреи русхкы иадҳәалоу икоммерциатәым аиҿкаарақәа – 2 мааҭки 20 коп.;

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҟоу ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу Анас Кьышьмариаԥҳа ажьырныҳәамза  9 рзы Алхратә Комиссиа Хада ахантәаҩы, уаанӡа Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змаз Дмитри Маршьан диԥылеит.

Аиԥылараҿы ааигәа имҩаԥысраны иҟоу Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа, акандидатцәа рышәҟәҭагалара апроцедура, иара убас алхыҩцәа рзинқәа рыхьчареи аилагарақәа раԥырҟәҟәаареи рганахь ала Алхратә комиссиа хадеи алхырҭатә ҭыԥхадақәеи араионтә комиссиақәеи русура аспектқәа,  ирылацәажәеит. 

Дмитри Маршьан Анас Кьышьмариа, хаҭала иара, Акомиссиа Хада ахантәаҩы иаҳасабала, иара убас Акомиссиа аилазаареи аппарати русура аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанқәеи Аконституциа рыла иҳәаақәҵахоит ҳәа агәра лиргеит.

«Шәара шусдырра, шәԥышәа, шәҭакԥхықәра Алхратә Комиссиа Хада имҩаԥысраны иҟоу Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа иахәҭоу аҩаӡара аҿы, ареспублика азакәанԥҵара инақәыршәаны аиҿкаареи амҩаԥгареи шалнаршо азы аӡәгьы агәыҩбара изцәырнагом», – ҳәа иазгәалҭеит аомбудсмен.   

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 24, 2014 шықәса рзы знапаҵыҩра мҩаԥысыз Ареспублика Аԥсни Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара аиҩызареи астратегиатә еидгылареи рзы Аиқәшаҳаҭра ахәҭаҷ 11, ахәҭа 1 инақәыршәаны,  Аԥсны иарбоу Аиқәшаҳаҭра азакәанмчы аиура инаркны хы-шықәса иахымгакәа аҳазалхратә ус аганахьала азакәанԥҵара Евразиатәи аекономикатә Еидгылара (ЕАЭС) актқәеи Урыстәылатәи Афедерациа азакәанԥҵареи рышьашәалара алыршаразы аҭакԥхықәра ахахьы иагеит.

Азакәанԥҵарақәа реишьашәалара Апрограмма хацыркын 2021 шықәсазы, уи иара убас аҳазалхратә ус аҿы – Аҳазалхратә Закәанеидкыла аиқәыршәара, аҳазалхра-тарифтә политика аиҭакра, уҳәа реиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәак ахԥхьагәанаҭон. 

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ашьапылампыл Афедерациа Аԥсны Супер Лига иҳаҩсыз асезон аихшьаалақәа рыла Аԥсны иреиӷьу ашьапылампыласыҩцәа рыхьӡқәа алнакааит.

Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы иҟанаҵо адыррақәа рыла, иреиӷьу амбахьчаҩ ҳәа далкаахеит очамчыратәи акоманда «Ерцахә» аголкипер Леон Кәытелиа, иреиӷьу ахьчаҩ ҳәа далкаахеит аҟәатәи акоманда «Нарҭ» ахәмарҩы Алиас Асланӡиа, иреиӷьу абжахьчаҩ –  акоманда «Нарҭ» ахәмарҩы Наур Ҵнариа, акоманда «Нарҭ» даҽа ахәмарҩык Емир Џьопуа иреиӷьу ажәылаҩыси иреиӷьу асезон ахәмарҩы қәыԥши ҳәа далкаахеит.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ҳазҭалаз 2025-тәи ашықәс ҿыц азы раԥхьа ииз ақалақь ауаҩԥсы – Алиса Инаԥшьбеи Гәыдиса Ҵкәуеи рҭаацәараҿы ииз аҷкәын иоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақь Ахадара апресс-маҵзура.

Уи ҽынла, ажьырныҳәамза 4 рзы диит. Иара икапануеит  4 кьылаки 100 грамми, иоура - 53 сантиметр рҟынӡа инаӡоит. Ахәыҷы иаб Шамиль ҳәа  ахьӡ изалихит.

2025-тәи ашықәс ҿыц азы раԥхьа ииз Аҟәа ауаҩԥсы хәыҷы Аҟәа ақалақь Ахадара аҟынтәи 100 нызықь мааҭ рзы асертификат ианашьахеит.

Аҳҭнықалақь ахада Беслан Ешба ихьӡала асаби иан длыдныҳәалеит аҳамҭагьы ланеишьеит Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Авҭандил Сурманиӡе.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара аҿы акриптовалиута арҳара иадҳәалоу анапхгаратә қәҵарақәа ҩба аиҭакрақәа аларгалеит.

Ԥхынҷкәынмза 8, 2020 шықәсазы ирыдыркылаз «Афымцамч ахархәареи акриптовалиута арҳаразы ахархәагақәа атәыла ралагалареи рзы аԥкрақәа рышьақәыргыларазы» Ақәҵара №137 инақәыршәаны,  азинҟамҵара аҿҳәара 2026 шықәса ԥхынҷкәын 31 рҟынӡа инахахоит.

Аиҭакрақәа алагалоуп иара убас 2022 шықәса ԥхынҷкәынмза 27 рзы ирыдыркылаз «Акриптовалиута арҳара азы аусура аҭышәынтәалара иазку ауснагӡатәқәа рзы» Ақәҵара. Аминистрцәа Реилазаара аӡбарала, ақәҵара амчра аиура аамҭа 2027 шықәса ԥхынҷкәынмза 1 аҟынӡа иацҵоуп.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба Урыстәыла атәылауаа рҭахара зыхҟьаз апассаџьыртә ҳаирплан «Баку-Грозныи» акаҳара инамаданы   Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин дидышшылеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥшьаша, ԥхынҷкәынмза 26 рзы имҩаԥысыз аминистрцәа Реилазаара аилатәара аҿы амшхәаԥштә иарбаз адгьылтә зҵаарақәа 10 рзы аӡбамҭақәа рыдыркылеит. 

Аминистрцәа Реилазаара Гәдоуҭа араион Ахадара ажәалагалақәа ирықәшаҳаҭхеит:

– Ҟәланырхәа ақыҭан иҟоу, 0,06 гектар рҟынӡа инаӡо адгьыл  «ақыҭанхамҩа иазку адгьыл» акатегориа аҟынтәи «аиланхарҭатә пунктқәа разкызаара» змоу адгьыл акатегориа ахь аиагареи, анаҩс уи ахатәы ҩны аргыларазы Барцыц Исхан Нурбеи-иԥа иҭаразы;

– Лыхны ақыҭан иҟоу 0,06 гектар рҟынӡа инаӡо адгьыл  «ақыҭанхамҩа иазку адгьыл» акатегориа аҟынтәи «аиланхарҭатә пунктқәа разкызаара» змоу адгьыл акатегориа ахь аиагареи, анаҩс уи ахатәы ҩны аргыларазы Конџьариа Д.В. иҭаразы;  

– Лыхны ақыҭан иҟоу 0,06 гектар рҟынӡа инаӡо адгьыл  «ақыҭанхамҩа иазку адгьыл» акатегориа аҟынтәи «аиланхарҭатә пунктқәа разкызаара» змоу адгьыл акатегориа ахь аиагареи, анаҩс уи ахатәы ҩны аргыларазы Конџьариа Науру Владимир-иԥа иҭаразы; 

– Гәдоуҭа араион Ҟәланырхәа ақыҭан иҟоу 0,06 гектар рҟынӡа инаӡо адгьыл  «ақыҭанхамҩа иазку адгьыл» акатегориа аҟынтәи «аиланхарҭатә пунктқәа разкызаара» змоу адгьыл акатегориа ахь аиагареи, анаҩс уи ахатәы ҩны аргыларазы Ҭырқьба Азамаҭ Сергеи-иԥа иҭаразы;

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Герман Арџьениа 2024 шықәсазы Аԥсны иреиӷьу аспортсмен ҳәа далкаауп. 

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҿы Аԥсны Жәлар рартист, актиор, арежиссиор, «Ахьӡ-Аԥша» аорден акавалер Шьалуа Гыцба аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара ацеремониа мҩаԥысит.

Актиор наунагӡа инаскьагара азы арахь иааит уи иҩызцәа, иколлегацәа, ареспублика ауаажәларра рхаҭарнакцәа жәпаҩык.

Алахьеиқәҵаратә митинг аартуа, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә аҿар ртеатр адиректор Аслан Еныкь Шьалуа Ҷыф-иԥа иԥсҭазаарамҩеи ирҿиареи дрыхцәажәеит.

Ашәҟәыҩҩы, адраматург, Аԥсны Зҽаԥсазтәыз артист Анӡор Мықәба, Шьалуа Гыцба аԥсуа литература аҿы илагала ахә ашьара уадаҩуп ҳәа иазгәеиҭеит.

«Шьалуа Ҷыф-иԥа хьыӡла-ԥшала иԥсҭазааратә мҩа данысит. Уи атеатр аҿиара азы аџьабаа ду ибеит. Ахәаԥшыҩ аспектакль дахәаԥшырц данаауа, уи игәы иаанагоит, уи ақәыргылара даараӡа имариоушәа, уи игәы иаанагоит арольгьы анагӡара мариоуп ҳәа. Аха аиашазы –уи аџьабаа ду ацуп. Убри ауп инапы злакыыз, гәыла-ԥсыла дзыдҳәалаз Шьалуа Гыцба», - ҳәа иҳәеит Анӡор Мықәба. 

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.