АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 1:44

Аԥсны арҿиаратә ҿар реидгыла Санкт-Петербург имҩаԥысуаз Кавказ акультура афестиваль ахы аланархәит

Аҟәа. Жьҭаарамза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Кавказ ажәларқәа ркультура XII Афестиваль мҩаԥысит Санкт-Петербург ақалақь аҿы жьҭаарамза  13 рзы.

Ари иналукааша ахҭыс еиуеиԥшым кавказтәи ареспубликақәа рхаҭарнакцәа еиднакылеит, асасцәа арегион ганрацәадатәи аҟазареи атрадициақәеи реилкааразы алшара рзаԥнаҵеит.

Аԥсны ахьӡала афестиваль рхы аладырхәит Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгресси Аԥсны арҿиаратә ҿар Реидгылеи.

Афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкаахеит Аԥсны анаукатәи асахьаркыратәи алитература, аԥсуа милаҭтә музыкатә инструментқәа рцәыргақәҵа. Ахәаԥшцәа даараӡа иргәаԥхеит аконцерттә номерқәа – аԥсуа шәақәа рзы апопурри, иара убас угәы шьҭызхуа аԥсуа кәашарақәа.

Астол гьежь «Кавказ акультуратә ҭынха жәларбжьаратәи аҳәоуеиқәшәара афактор аҳасабала» («Культурное наследие Кавказа как фактор межнационального согласия») ажәларқәа рыбжьара аилибакаара арӷәәӷара аҿы атрадициақәа инарыгӡо ароль   иалацәажәеит.

«Ас еиԥш иҟоу афестивальқәа лабҿаба иаадырԥшуеит акультура ажәларқәа еимаздо цҳаны ишыҟоу. Агәра ганы сыҟоуп, ҳарҿиаратә ҿар ас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа рылахәхара амилаҭбжьаратә диалог арӷәӷәара акыр зҵазкуа алагала шаланагало, насгьы акультуратә ҭынха аԥшӡареи абеиареи инагӡаны раарԥшра шалнаршо», – ҳәа иазгәеиҭеит Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгресс Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы Мусса Еқьзақь.  

Афестиваль рхы аладырхәит Абзагә Ҵәыџьба,  Ҭамаз Кетиа, Викториа Даурова, Елизавета Логәуа, Софиа Габлиа, Ирина Багаҭелиа, Саид Шәлымба, Аслан Сланов.    


Read 50 times - Ахаша, 15 Жьҭаара 2025 17:28
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.