АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 23:26

Аԥсны амчратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа «атерроризм иаҿагыло аоперациа» амҩаԥгараан ауснагӡатәқәа рымҩаԥгаразы аоператив-зыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Арҭ амшқәа рзы мҽхакы ҭбаала имҩаԥысуа аоператив-тактикатә арратә зыҟаҵарақәа рхы аладырхәуеит ареспублика амчратә структурақәа зегьы.  Азыҟаҵарақәа напхгара аиҭоит Аԥсны Арбџьармчқәа рыдҵаҟаҵаҩ Хада, Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Иахьатәи азыҟаҵарақәа хықәкы хадас ирымоуп шасыс игаз рхы рақәиҭтәрааан аконтртеррористтә операциаҟны амчратә усбарҭақәа ражәа еимаданы русеицура аиҿкаара.  Уи иалахәуп иҷыдоу Аҳәынҭқарратә Шәарҭадара Ахеилак архәҭақәа реиԥш, Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра, Атәылахьчара аминистрра архәҭақәагьы.

Арбџьар мчқәа рыдҵаҟаҵаҩ Гәынба Бадра, Ахада ихаҭыԥуаҩ Бигәаа Беслан, амчратә еилазаарақәа рнапхгаҩцәа  ҳазҭагылоу аамҭазы  шасыс иргаз рхы рақәиҭтәразы аоперациа шымҩаԥысуаз иахәаԥшуан атехникатә хархәагақәа рыбзоурала.

Азыҟаҵарақәа раан архәҭақәа аус адырулеит ахыбрақәа рнапахьы аагаразы аплан, «атеррористцәа» ирымпыҵархалаз, анаҩс «ашасцәа» роужьразы.

Аҵарақәа напхгара анаҭон аоперативтә штаб, аштаб аиҳабы иажәахә анаҩс, Арбџьар мчқәа рыдҵаҟаҵаҩ иҟынтә иақәнагаз адҵа аниоу ашьҭахь, архәҭақәа зегьы рҳәаақәҵара далагеит.

Азыҟаҵарақәа хықәкыс ирымоуп арратә ҽазыҟаҵара аҩаӡара ашьҭыхреи Аԥсны амчратә еилазаарақәа рзеиԥш усура арҿыцреи атеррористтә цәырҵрақәа рҿагылара аҭагылазаашьаҟны.

Аоперациа анхыркәшаха анаҩс, Арбџьар мчқәа Рыдҵаҟаҵаҩ хада амчратә еилазаарақәа рырхәҭақәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит иаадырԥшыз азыҟаҵара бзиеи, русуреи рзы, иара убас иазгәеиҭеит рыпофессионализм аҩаӡара аҳаракра.

«Шәара шәыпрофессионализм, шәыԥсадгьыл азы ишәымоу аҭакԥхықәра ҳтәыла ашәарҭадара ахьчара иазхоуп», - ҳәа иҳәеит Бадра Гәынба.

 

 

 

 

 

 

 


Read 68 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.