АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Жьҭаара.2025

Аԥкьаҭмпыласҩы қәыԥш Нестор Цужба Болгариа имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи аицлабра Huskovo Cup 2015 аҟны аиааира игеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥкьаҭмпыласҩы қәыԥш Нестор Цужба Болгариа, ақалақь  Хасково жьҭаарамза 6 инаркны 12-нӡа имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи аицлабра Huskovo Cup 2015 аҟны аиааира игеит. Нестор хаҭалатәи аиндаҭлараҿи, иара убас 13 шықәса зхыҵуа арԥарцәа рыбжьара ҩыџьа-ҩыџьалатәи аицлабрақәа рҿы аиааира игеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы.

 Хаҭалатәи аиндаҭлара афинал аҿы Нестор Болгариа ахаҭарнак Митко Генова асчиот 6:1, 6:0 ҳәа дииааит. Ҩыџьалатәи аицлабрақәа ихадоу аматч аҿы Нестор Цужбеи Александр Кириианови  аҭыԥантәи адует ириааит асчиот - 6:2, 7:5 ала аиааира ргеит.

Нестор Цужба 13 шықәса зхыҵуа реилазаараҿы Урыстәыла еизгоу акоманда далахәуп, аспорттә клуб «Спартак» аҿы Урыстәыла Зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ Алеқсандр Златоустови Анастасиа Мыскинеи рнапхгарала иҽазыҟаиҵоит. Иара аԥкьаҭмпыл ахь раԥхьатәи ишьаҿақәа еихигеит Аԥсны аспорт азҟаза Елизабет Акәыциа лнапхгарала.

 


Read 26 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.