Аицлабрақәа ирылагеит жьҭаарамза 8 рзы. Урҭ рхы аладырхәит Волгоград, Краснодар, Новосибирск, Тиумень, Ставрополь, Ростовтәи аобласт, Улиановск, иара убас Аԥснынтәи аҳәса ркомандақәа ԥшьбеи ахацәа ркомандақәа фбеи.
Аицлабрақәа реихшьаалақәа рыла аԥхьахәтә ҭыԥқәа абасала еихшахеит:
Ахацәа ркомандақәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааннакылеит Волгоградтәи акоманда, аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит Новосибирсктәи амҵәышәмпыласыҩцәа, ахԥатәи аҭыԥ ргеит Ростова-на-Дону аҟынтәи акоманда.
Аҳәса ркомандақәа рыбжьара аиааира ргеит Краснодартәи амҵәышәмпыласыҩцәа, аҩбатәи аҭыԥ ааныркылеит Тиуменьтәи аспортсменкацәа, ахԥатәи аҭыԥ ргеит аҟәатәи амҵәышәмпыласыҩцәа.
Атурнир аԥхьахәгаҩцәеи аиааира згази ахраҿақәа, амедалқәа, агәаларшәагатә ҳамҭақа ранашьахеит. Атурнир аиҿкааҩцәа алахәылацәа зегьы иҭабуп ҳәа рарҳәеит иаадырԥшыз иҳараку аспорттә ҟазара аҩаӡареи аспорттә гәазҭазаареи амҵәышәмпыл абзиабареи рзы.