АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Жьҭаара.2025

Афымцадәыӷба «Диоскуриа» хәымз рыла 130 нызқьҩык инареиҳаны апассаџьырцәа ныҟәнагеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Афымцадәыӷба «Диоскуриа» хәымз рыла 130 нызқьҩык инареиҳаны апассаџьырцәа ныҟәнагеит.

Ари арбага иарҵабыргуеит ҳаамҭа иақәшәо, зегьы рыла иманшәалоу адәыӷба ала Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аныҟәара алызхуа акыр ишырацәо.

Еиҳа еицырдыруа ахырхарҭақәа иреиуоуп: Имеретинтәи акурорт — Аҟәа, Имеретинтәи акурорт — Гагра, ҳәа адырра ҟанаҵоит Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Аԥсны Аихамҩа» .

Афымцадәыӷба «Диоскуриа» лаҵарамза 1 инаркны Аҟәа — Сириус амаршрут ала аныҟәара иалагеит, (https://t.me/apsnypress/18105) уи алыршахеит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи Урыстәыла анапхгареи рыбзоурала.


Read 29 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.