Аҳәынҭқарра Ахада анхацәа аҽаҩра аныҳәа рыдиныҳәалеит, иҭабуп ҳәагьы реиҳәеит ирбо аџьабаазы.Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит амилаҭтә хаҿра, ибеиоу ҳкультура, ҳԥеиԥш аиқәырхараҟны дара рлагаламҭа иамоу аҵак ду атәы.
«Ақыҭа аиқәырхареи аҿиареи — уасхырс иамоуп ҳҳәынҭқарра, уи адагьы ҳтәыла мчы аманы изыҟалаӡом! Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аизҳазыӷьара, ахирра ҭаацәацыԥхьаӡа»! —ҳәа иҳәеит Бадра Гәынба.
Аныҳәа иалахәын Гәдоуҭа араион ақыҭақәа, Афон ҿыц, иара убас Ҟарачы-Черқьесиа. Аныҳәа иалахәыз дасу рҭыӡқәа рыҟны ицәырыргеит ақыҭанхамҩатә аалыҵ, амилаҭтә чыс, арыжәтә.
Иара убас имҩаԥысит аныҳәатә концерти аспорттә усмҩаԥгатәқәеи, Гәдоуҭа араион акомандақәа еицлабуан аҵәеигәыдҵареи, ҽыла ампыл асреи рҿы.