«Шәара шәгәадуроуп — Урыстәылатәи ашьапылампыл мацара акәым, Аԥснытәи ашьапылампыл аҿгьы. Шәыспорттә нысымҩа — абиԥарақәа рзы иҿырԥшыгоуп. Агәабзиареи ашықәс рацәеи шәзеиӷьасшьоит!», — ҳәа иҳәеит Ҭарашь Ҳагба.
Никита Симониан адныҳәалара иҭабуп ахиҳәааит, иазгәеиҭеит есымша Аԥсни аспорт аҿы раԥхьатәи ишьаҿақәа зыдҳәалоу ауааи гәыблыла ишигәалашәо.
Никита Симониан диит 1926 шықәсазы Армавир ақалақь аҿы, 30-тәи ашықәсқәа рзы иҭаацәа Аҟәаҟа ииасит, уа иалагеит ишьапылампылтә нысымҩа. Асовет Еидгыла ачемпион, Асовет Еидгыла Ахраҿа занашьоу, ашьапылампыласыҩ Никита Симониан аҟәатәи «Динамо» дааӡамҭоуп. Москватәи акомандақәа «Крылья Советов», «Спартак» рыҟны дыхәмаруан. «Спартак» далахәны Никита Симониан ф-чемпионатк рҿы даиааиит, Асовет Еидгыла Ахраҿақәа хәба игеит, акомандаҿ иреиӷьу ажәылаҩ ҳәа ахьӡ даԥсахеит. Амба иҭаиршәит 160 мпыл.
Никита Симониан — Урыстәыла ашьапылампылтә Еидгыла апрезидент ихаҭыԥуаҩс дыҟоуп. Аԥсны «Ахьӡ-Аԥша» аорден II аҩаӡара ианашьоуп. Жьҭаарамза 10 рзы Аџьа Афырхаҵа ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵан.