АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Анаркотикатә маҭәашьарқәа изакәанымкәа раахәара, рыдгалара, рыиагара, иара убас Аԥсныҟа ралагалара азы ахара идҵоуп 1988 шықәса рзы ииз, Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан инхо ахаҵа  Рогава Нури Џьонди-иԥа.

«Атәылауаҩ Рогава Нури иарбоу ацәгьоураҿы дақәыркит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Анаркотикқәа реикәыршара ахылаԥшра азы Аусбарҭа аусзуҩцәа. Урҭ имҩаԥыргаз аоперативтә усмҩаԥгатәқәа ирылҵшәаны, иарбоу атәылауаҩ имырхит «метадон» ҳәа изышьҭоу, зыкапан рацәаз акыр иџьбароу анаркотикатә маҭәашьар», – ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 19, 2024 шықәса,  асааҭ 13:00 инарзынаԥшуа, аекономикатә политикеи ареформақәеи рзы апарламенттә Еилакы аилатәараан, акриптовалиутақәа рмаининг ақәиҭымтәра азы азакәан апроект алацәажәараан адепутатцәа Кан Кәарҷиеи Адгәыр Ҳаразиеи аимак-аиҿак рыбжьалеит.  

Адгәыр Ҳаразиа имаз амцамбџьар – макьаназы зыхкы шьақәыргылам атапанча ала ԥшьынтә еиҵамкәа дхысит. Убри иахҟьаны адепутат Вахтанги Голанӡиа игәы аганахьала ахы зылҟьаз ахәра иоуит, адепутат Кан  Кәарҷиа – имышьхәылҵ аганахьала ахы зылҟьаз ахәра иоуит. Адепутат Ҳаразиа А.Р. иҟаиҵаз ацәгьоура ашьҭахь аҭыԥ аҟынтәи иҽиӡеит.

Иоуз ахәра иахҟьаны ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит адепутат Голанӡиа Вахтанги.

Азинхьчаратә усбарҭақәа адепутат Адгәыр Ҳарзиа дахьыҟоу аилкааразы аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргоит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Аԥсны Апарламент аҿы ахысра ҟалеит.

Иҟалаз ахысра иахҟьаны ахәрақәа роуит адепутатцәа Кан Кәарҷиеи Вахтанги Голанӡиеи. Урҭ Ареспубликатә хәышәтәырҭа ахь инаган.

Ԥыҭрак ашьҭахь, агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵаз адыррақәа рыла, адепутат Вахтанги Гәаланӡиа иоуз ахәрақәа ирхырҟьаны иԥсҭазаара далҵит. Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Ерик Ҳаҭхәа иҟаиҵаз адыррақәа рыла,  адепутат Кан Кәарҷиа, ахәрақәа иманы Ареспубликатә хәышәтәырҭа аԥсеиқәырхарҭаҿы дышьҭоуп. Уи уажәы аҳақьымцәа ацхыраара ирҭоит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Апарламент аҿы ахысраҿы игәҩароу Адгәыр Ҳаразиа иԥшаареи иаанкылареи рзы аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит. Аанкылара-апланамҩаԥгара рылаҳәоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Аԥшьаша, 19 Ԥхынҷкәын 2024 14:30

Бадра Гәынба аилатәара мҩаԥигеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура аиҳабы Дмитри Дбар, Аҟәа ақалақь апрокурор Алхас Агәмаа, Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа анапхгаҩы Асҭамыр Ҳагәышь иахьа Жәлар Реизара - Апарламент аҿы иҟалаз аинцидент азы иҟарҵаз аинформациа дазыӡырҩит.  

Аилатәара иалахәыз иҟалаз ахҭыс бааԥс азы аусеилыргара шхацырку рҳәеит. Ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ ҳәааркуп, уахь узнеиуа иҟам, аусеилыргаратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гуәынба Аԥсны жәлар рартистка Софа Агәмаа-ԥҳа лиубилеи лыдиныҳәалеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аминистрцәа Реилазаара аҿы аенергетикатә шәарҭадара азы Аштаб аилатәара мҩаԥысит. 

Аилатәара иалахәыз ареспублика фымцалашарала аиқәыршәареи амаининг аҿагылара иадҳәалоу аҭагылазаашьеи иалацәажәеит.

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аенергетикеи атранспорти рминистр инапынҵақәа назыгӡо Џьансыхә Нанба Аԥсны ԥхынҷкәынмза 4 – 18 рзы 450 цыра инарзынаԥшуа амаининг азы аппаратқәа рымхра алыршахеит ҳәа еизаз адырра риҭеит. Уи афымцалашара аҿакра аграфик макьаназы ԥсахрада иаанхоит ҳәа иазгәеиҭеит.  

«2024-тәи ашықәс азы иԥшааны ирымхын 2026 цыра аппаратқәа. Ҳкомиссиа аусура алагара инаркны ауааԥсыра ирымхыз амаининг- аппаратқәа рхыԥхьаӡара 450 цыра рҟынӡа инаӡоит. Иахьа иҟоу алашара аҭара аграфик акәзар уи ҽынлатәи аҿакра 2 сааҭи 48 минуҭи рҟынӡа ауп иахьынаӡо, уахынла акәзар (асааҭ 21:00 инаркны 7:00 рҟынӡа) ареспублика  зегьы афымцамч ала инагӡаны еиԥҟьарада аиқәыршәара мҩаԥысуеит. Аграфик азы аинформациа ауаа ԥымкрада ироулароуп. Афинансыркра «Амшынеиқәафымцамч» ахарџь ала еиԥш, ареспубликатә биуџьет аҟынтәи асубсидиақәа раҳасабалагьы имҩаԥысуеит. Арҭ ашәатәқәа иҟоу аграфик аиԥмырҟьара иацхраауеит», - ҳәа иҳәеит Џьансыхә Нанба.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ашықәс Ҿыц аҟынӡа ҩымчыбжь роуп иаанхаз. Амҩақәа, аҩнқәа, адәқьанқәа аныҳәатә гәалаҟазаара зырҿио аԥсаҵлақәеи арлашагатә еихаԥсақәеи рыла ирҩычахьеит.

Аҟәа ақалақь Ахадара акультура  Аусбарҭа аиҳабы Наала Ҳашыг Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо, ашықәсыҿцтәи ахәаахәҭратә цәыргақәҵеи еиҿкаахо егьырҭ аныҳәатә усмҩаԥгатәқәеи ртәы еиҭалҳәеит.

Наала Ҳашыг лажәақәа рыла, аклассикатә ԥштәқәа аҟаԥшьи ахьыԥштәи рыла иҩычоу атәыла аԥсаҵла хада аныҳәатә аартра мҩаԥгахоит ԥхынҷкәынмза 20 рзы.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба аҳәынҭқарратә напхгараҭара  хадақәеи аҭыԥантәи анапхгаратә усбарҭақәеи рнапаҵаҟа иҟоу аспорттә хыбрақәеи аобиектқәеи ринвентаризациа азы акомиссиа аԥҵара азы Ақәҵара инапы аҵаиҩит.

Акомиссиа ахантәаҩыс дҟаҵоуп Ареспублика Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Хәытаба.

Акомиссиа аилазаараҿы иҟоуп:

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҟәа араион аҩныҵҟатәи аусқәа Рыҟәша аусзуҩцәеи Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура араионтә ҟәша аусзуҩцәеи Алада Ешыра ақыҭан ирыԥшааит аус зуаз амаининг-ферма, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.