АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа  рминистрра  адипломат, аԥсадгьыл атәылауаҩ, апатриот, 1992-1993 шықәсқәа рызтәи  Аџьынџьтәылатә еибашьра хатәгәаԥхарала иалахәыз Аҭрышба Кавказ Камиль иԥсҭазаара иалҵра инамаданы агәалсра ду аанарԥшуеит.

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ианалага, Каваз Аҭрышба амца зхақьоуқьадуаз иабацәа рыдгьыл Аԥсны ахьчаразы даауеит. Хаҭала Аԥсны ар ркомандаҟаҵаҩ Хада Владислав Арӡынба инапаҵаҟа иҟаз, ирццаку аҭакҟаҵаратә ҟәша далахәны  деибашьуан.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла агәабзиарахьчара аминистр инапынҵақәа назыгӡо Едуард Быҭәба Аԥсны аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба диҿцәажәо ишьақәгылаз аенергетикатә кризис аан ареспублика амедицинатә усбарҭақәа русура азы адырра ииҭеит.

Иара иазгәеиҭеит  ахәышәтәырҭа дуқәа зегьы рҿы агенераторқәа аус шыруа, иара убас, агәабзиарахьчара Аминистрра ишамоу еиҭаҵуа адизельтә генератор, уи иаҭахха азы иарбан медицинатә усбарҭазаалакгьы афымцамч ала аиқәыршәара алшоит. 

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Егрытәи Аӡфымцатә Станциа аусура аамҭала иаанкылоуп, ҳәа Аԥсныпресс ахь адырра ҟарҵеит АУН «Амшынеиқәафымцамч». 

«Џьвартәи аӡеизакырҭа аҿы даараӡа илаҟу аӡы аҩаӡара иахҟьаны автоматика аус ауит, Егрытәи Аӡфымцатә Станциа аусура аанкылеит» - ҳәа иаҳәоит адырраҭара аҿы.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҳәынҭқарратә еимадара азы Аилак Аԥсны аминистрцәа Реилазаара аҭаххрақәа рзы ахылаԥшырҭабжьаратәи, иара убас  ахылаԥшырҭақәа рыҩныҵҟа  аелектронтә усшәҟәқәа рымадара азы иаку асистема апрограмматә хархәагақәа ркомплекс аԥҵареи алагалареи рзы аконкурс аланаҳәоит.  

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьатәи амш азы Аԥснынтәи иалганы Урыстәылаҟа ацитрустә шәырқәа рдәықәҵара мҩаԥысуеит.  Иҳаҩсыз уахыки ҽнаки рыла аҳазалхратә ԥыԥшырҭа Ганрацәалатәи Амашьынақәа роушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ Адлер иахыганы ииаган 1 нызықь тонн амандарина, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аладатәи аҳазалхратә усбарҭа апресс-маҵзура.

Есыҽны, аҳазалхратә гәаҭара иахысуеит Аԥснынтәи ақыҭанхамҩатә аалыҵ зго 200 инарзынаԥшуа аидарамҩангагатә транспорттә хархәагақәа. Ҳазҭоу ашықәс жьҭаарамза алагара инаркны  ииагахеит 16 нызықь тонн ацитрус шәырқәа, уи иҳаҩсыз ашықәс арбагақәа (10 тыс. тонн) 60% рыла еиҳауп.

Ацитрусстә шәырқәа рыдагьы аусдкылаҩцәа ииаргоит афеихоа (725 тонна), ахәырма (210 тонна), апаҭырқал (22 тонна), алимон (165 тонна), араса (245 тонна). Зынӡа - 17,5 нызықь тонн инарзынаԥшуа ақыҭанхамҩа аалыҵ. Ацитрустә шәырқәа, егьырҭ ашәырқәеи ашәырҩақәеи реиԥш акарантин иаҵанакуа аалыҵ асиа иалагалоуп. Урҭ афитосанитартә гәаҭареи уи шымҩаԥгаз азы аршаҳаҭгақәеи ацзароуп. 

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент асессиа аилатәара аҿы актәи аԥхьарала ирыдыркылеит атәыла абиуџьетнҭыҵтәи афондқәа фба иааиуа 2025 шықәсазы рбиуџьетқәа. 

Абиуџьетқәа зегьы идефицитәӡам. Убас:

Ихымԥадатәиу амедицинатә ԥгаԥса Афонд абиуџьет ахашәалахәқәеи аныхтәқәеи рыла иазԥхьагәаҭоу аицҵалыҵ 90 млн. 571,3 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

Аџьа ахьчареи асоциалтә ԥгаԥсеи рзы Афонд абиуџьет ахашәалахәқәеи аныхтәқәеи рыла иазԥхьагәаҭоу аицҵалыҵ 232 млн. 475,9 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.  

Арепатриациа Афонд абиуџьет ахашәалахәқәеи аныхтәқәеи рыла иазԥхьагәаҭоу аицҵалыҵ 385 млн. 130,1 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Беслан Бараҭелиа Аԥсны Абанк ахантәаҩыс деиҭалырхит.  

Имаӡоу абжьыҭирала Беслан Бараҭелиа икандидатура азы рыбжьы арҭеит 25 - ҩык адепутатцәа.

Беслан Бараҭелиа диит цәыббрамза 11, 1977 шықәса рзы Аҟәа ақалақь аҿы. Ибзиаӡаны далгеит Аҟәатәи абжьаратәи ашкол № 10, убасҵәҟьа ибзиаӡаны далгеит М.Ломоносов ихьӡ зху Москватәи Аҳәынҭқарратә Университет  (МГУ), Великобританиа Лондонтәи аекономика ашкол аҿы дахысит аҵаратә курс «Аҿиара иаҿу атәылақәа рекономика» («Экономика развивающихся стран»), аекономикатә наукақәа ракандидат ҳәа аҵарауаҩ иҩаӡара имоуп. 

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ааџьа ахьчареи асоциалтә ԥгаԥсеи рзы Афонд ауааԥсыра аҳәынҭқарратә социалтә ԥгаԥса азы аԥаратә цхыраагӡатәқәа рызшәара алыршара азы есыҽнытәи аусура мҩаԥнагоит, ҳәа атәыла аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба диԥыло адырра ҟаиҵеит Асоциалтә ԥгаԥсеи аџьа ахьчареи рзы Аҳәынҭқарратә Фонд ахантәаҩы Бакур Бебиа.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 11 рзы ААУ  афилологиатә факультет аурыси аҳәаанырцәтәи алитература акафедра аҿы имҩаԥысит М.Иу. Лермонтов ирҿиара иазку агәалашәаратә хәылԥазы.

ААУ  афилологиатә факультет аурыси аҳәаанырцәтәи алитература акафедра арҵаҩы еиҳабы Асҭанда Константин-иԥҳа Бигәаа еизаз адунеитә литературатә процесс аҿы ашәҟәыҩҩы ирҿиара иамоу аҵакы ахадара иазхьалырԥшит.

«М.Иу.Лермонтов – ари алитературатә ҭоурых аҿы акыр зҵазкуа ахьӡ адагьы, аԥсҭазаара ҵакыс иамоу азхәыцрақәеи азықәԥарақәеи рыла игәылҭәааз аепоха ду асимволны иҟоу иоуп», -

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 11 рзы ААУ  афилологиатә факультет аурыси аҳәаанырцәтәи алитература акафедра аҿы имҩаԥысит М.Иу. Лермонтов ирҿиара иазку агәалашәаратә хәылԥазы.

ААУ  афилологиатә факультет аурыси аҳәаанырцәтәи алитература акафедра арҵаҩы еиҳабы Асҭанда Константин-иԥҳа Бигәаа еизаз адунеитә литературатә процесс аҿы ашәҟәыҩҩы ирҿиара иамоу аҵакы ахадара иазхьалырԥшит.

«М.Иу.Лермонтов – ари алитературатә ҭоурых аҿы акыр зҵазкуа ахьӡ адагьы, аԥсҭазаара ҵакыс иамоу азхәыцрақәеи азықәԥарақәеи рыла игәылҭәааз аепоха ду асимволны иҟоу иоуп», -

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.