АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Абҵарамза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аконституциатә ӡбарҭа Ареспублика Аԥсны Аконституциа 30-шықәса ахыҵра иазкны 1-тәи Аԥснытәи азиндырратә амчыбжь мҩаԥнагоит.

Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны иазԥхьагәаҭоуп абарҭ аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара:

– III Жәларбжьаратәи анаука-практикатә конференциа «Иаарту амчра: ашьақәгылареи аусуреи рыпроблемақәа» (ААУ азиндырратә факультети Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа иатәу Аекономикеи азини Ринститути еицеиҿыркаауеит);

– Жәларбжьаратәи анаука-практикатә конференциа «Ареспублика Аԥсны Аконституциа – 30 шықәса ахыҵра: аихшьаалақәа, иҿыцу ахыдҵақәеи аҿиара аперспективақәеи» (ААУ азиндырратә факультети Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа иатәу Аекономикеи азини Ринститути еицеиҿыркаауеит);

Аҟәа. Абҵарамза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Нестор Цужба аԥкьаҭмпыл азы атурнир «Амурский утес» аҿы 13 шықәса зхыҵуа арԥарцәа рыбжьара еихацалаку аҟазараҩаӡара аҿы аиааира игеит, изаҵәу аҟазараҩаӡараҿы аџьазтә медал игеит.

Аицлабрақәа мҩаԥысуан абҵарамза  16 – 23 рзы Хабаровск ақалақь аҿы.

Аҟәа. Абҵарамза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Асовет Еидгыла зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ Борис Греков игәалашәаразы» абокс азы Урыстәылазегьтәи аицлабрақәа абҵарамза 18-24 рзы Москва ақалақь аҿы имҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы.

Сынтәа 57 инареиҳаны  Урыстәыла арегионқәа рҟынтәи 251-ҩык рҟынӡа абоксиорцәа  иарбоу аицлабрақәа рхы аладырхәит.

13 шықәса зхыҵуа арԥарцәа рыбжьара аиааира ргеит аԥснытәи аспортсменцәа: Владислав Шульгин актәи аҭыԥ ааникылеит, Гьаргь Гындиеи Инал Хәырхәмали аџьазтә аԥхьахәқәа ргеит.

Аицлабрақәа реихшьаалақәа рыла, аспортсменцәа рыхҩык Урыстәыла еизгоу аиуниортә команда аилазаара иалалеит.

Аспортсменцәа азыҟарҵоит азыҟаҵаҩцәа Аслан Ахба, Едуард Депелиан, Давид Аҩӡба, Беслан Адлеиба, Владимир Шульгин.

Аҟәа. Абҵарамза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспублика Аԥсны Аконституциа 30 - шықәса ахыҵра иазку I Аԥснытәи азиндырратә амчыбжь аартра мҩаԥысит Аҟәа ақалақь, И. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека аконференц-зал аҿы.

Аусмҩаԥгатә алагамҭазы еизаз идырбан атәыла азакәан хада аԥҵареи ашьақәырӷәӷәареи Аконституциатә ӡбарҭа аԥҵареи рҭоурых иазку адокументалтә фильм.

Аконституциатә ӡбарҭа ахантәаҩы Диана Ԥлиа, абҵарамза 26, 1994 шықәса рзы ирыдыркылаз Ареспублика Аԥсны Аконституциа аҳәынҭқарратә реформақәа рҭоурых аҿы акырӡа зҵазкуа хҭысны иҟалеит, уи ала ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылара ашьапы акит ҳәа иазгәалҭеит.

«Аконституциа амчрақәа реихшара априцип ҳасаб азурала атәыла аҿы аҳәынҭқарратә мчра адемократиатә модель аԥнаҵеит.

Иаарту амчра аинститут ҿыцқәа рышьақәгылара, апҟарақәа раԥҵареи урҭ рынагӡашьеи ралкаареи апроцесс аан аконституциатә реформақәа мҩаԥысуеит.  

Аконституциатә ӡбарҭа аԥҵара аӡбаратә реформа иалҵшәахеит», - ҳәа илҳәеит Диана Ԥлиа.

Аҟәа. Абҵарамза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны асоциалтә ԥгаԥсеи аџьа ахьчареи рзы Аҳәынҭқарратә Фонд ахантәаҩы Бакур Бебиа асоциалтә ҳақәа рҿы идаҟьа ацхыраагӡатә ԥаратә хархәагақәа реицҵалыҵ ашьҭыхразы афонд имҩаԥнаго аусуразы адыррақәа ҟаиҵеит. Иара ишазгәеиҭаз ала, асоциалтә ԥгаԥсеи аџьа ахьчареи рзы Афонд есыҽны мҽхакы ҭбаала аусура нанагӡоит ареспублика ауааԥсыра ацхыраагӡатә шәатәқәа рызшәаразы.

Аҟәа. Абҵарамза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылантәи иаашьҭхо афымцамч зыхә шәоу ахәҭа ҳазҭоу амчыбжь аԥшьашанӡа иҟоу адефицит ахарҭәааразы иҳазхоит. Афымцамч ала аиқәыршәара иазкны имҩаԥгаз аусуратә еилатхәара аҿы абри азы Бадра Гәынба адырра ииҭеит атәыла аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, афымцамчи атранспорти рминистр инапынҵақәа назыгӡо Џьансыхә Нанба.  

Аилатәараҿы афымцамч ала аиқәаршәара иадҳәалоу аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп ҳәа иазгәарҭеит. Иаашьҭхо афымцамч ахәԥса ашәаразы аԥаратә хархәагақәа рыԥшааразы абиуџьеттә ныхтәқәа рыхәҭак еиҭарыхәаԥшхоит, ауал зқу аиуристтә хаҿқәа рганахьала ахьырхәратә санкциақәа рымҩаԥгарагьы уахь иналаҵаны.

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр инапынҵақәа назыгӡо Владимир Делба иааиуа амчыбжь азы Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи афымцамч аашьҭра азы ихымԥадатәиу аԥаратә хархәагақәа рыԥшааразы анапынҵақәа иҭан.

Аҟәа. Абҵарамза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспубликатә ауаажәларратә Еиҿкаара «Ажәлар рымч» аԥаҵара иазкын абҵарамза 27 рзы имҩаԥысыз аԥҵаратә еизара.

Аизара алахәылацәа Аиҿкаара Аԥҟаԥҵәа шьақәдырӷәӷәеит, уи анапхгаҩгьы далырхит. Аиҿкаара анапхгаҩыс дылырхит Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба.

Аҟәа. Абҵарамза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспубликатә стадион аҿы шьҭа традициала ишышьақәгылахьоу еиԥш, Аԥсны атлетика лас Афедерациа ала еиҿкаахо «Ҭагалантәи аиԥхныҩларақәа» мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы.

2007-2009 шш. рзы ииз аспортсменцәа рыбжьара  5000 метр рҟынӡа инаӡо адистанциа аҿы актәи аҭыԥқәа ааныркылеит – Дамир Хмаили Лолита Хмаили, аҩбатәи аҭыԥқәа - Ҭемыр Габуниеи Саломеиа Ҳаразиеи, ахԥатәи аҭыԥқәа - Данил Берзениеи Даниела Адлеибеи.

2010-2012 шш. рзы ииз аиԥхныҩлара алахәылацәа рыбжьара  3000 метра рҟынӡа инаӡо адистанциа аҿы аиааира ргеит Иарослав Воробиови Саломеиа Ҳаразиеи, аҩбатәи аҭыԥ ааныркылеит - Ерик Асланиани Лолита Хмаили, ахԥатәи аҭыԥ ааныркылеит - Алеқсеи Бондари Маргарита Лахинеи. 

Аҟәа. Абҵарамза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Украинатәи архәҭақәа рҟынтәи ааха зауз, аҳәаа иаԥну Курсктәи аобласт аҟынтәи 15-ҩык  ахәыҷқәа рҭаацәа рыцны Аԥсны ареабилитациа иахысит. 

Ареспубликаҿы рыҟазаара ҩымчыбжь рыҩныҵҟа ахәыҷқәа ҳтәыла аҭыԥшӡарақәа ирҭааит ҳажәлар ркультуреи рытрадициақәеи рзы адыррақәа роуит. 

Аҟәа. Абҵарамза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспублика Аԥсны ахаҭарнак Дамеи Кархалаа, абҵарамза 22 – 24 рзы  Санкт-Петербург ақалақь аҿы имҩаԥысуаз СК Legion арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи рыбжьара зхы иақәиҭу аиқәԥаразы  IV Урыстәылазегьтәи атурнир аҿы аиааира игеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы.

Аицлабрақәа иаднаԥхьалеит Урыстәыла 92 региони ақалақьқәеи рҟынтәи, иара убас Ҟазахсҭани Аԥсни рҟынтәи 645-ҩык  рҟынӡа аспортсменцәа.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.