АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Абҵарамза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба атәыла Анапхгара алахәылацәа дыдирдырит аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба.  

«Ишыжәдыруа еиԥш, сара Аԥсны аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо изы Аусԥҟа снапы аҵазҩит. Дышәсырдыруеит шәколлега  Валери Рамшьыхә-иԥа Бганба. Шәара зегьы Валери Рашьыхә-иԥа ибзианы дышәдыруеит. Иара изныкымкәа атәыла Анапхгара дахагылахьеит, имариамыз аамҭақәа раан Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабыс дыҟан, атәыла Ахада инапынҵақәа наигӡон. Сара  сақәгәыӷуеит, ҳаҭыр зқәу сколлегацәа, хра злоу, алҵшәа бзиа аазырԥшуа аусеицура шшәыбжьало. Иахьа атәыла Анапхгара аҿаԥхьа акыр зҵазкуа аусқәа шьҭоуп. Урҭ рыӡбаразы иаҭахуп ахшыҩеилаҵара, аԥышәеилаҵара, апроффессионализм», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Бадра Гәынба.

Аҟәа. Абҵарамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Хара имгакәа Жәлар Реизара-Апарламент аҿы ишьақәдырӷәӷәараны иҟоуп Аҳәынҭқарра Ахада ҽҳәараанӡатәи иалхрақәа арыцхә.

Ареспублика Аԥсны алхратә Закәанԥҵара инақәыршәаны, изаамҭанытәиу Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа арыцхә Жәлар Реизара-Апарламент ала иҟоу Аҳәынҭқарра Ахада изинмчы аҽҳәара ԥшьымз шыбжьоу ишьақәырӷәӷәахоит, имҩаԥгахоит Аҳәынҭқарра Ахада изинмчы аҽҳәара ахыркәшара хымз еиҳамкәа, мамзаргьы Аҳәынҭқарра Ахада изинмчы анынҵәалак ашьҭахь мызкы иахымгакәа.

Аҳәынҭқарра Ахада изинмчы уи аконституциатә ҽҳәара нҵәаанӡа ианижьуазар, усҟан Жәлар Реизара-Апарламент Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа анышьҭеиҵа амш инаркны 15-мшы иахымгакәа ҽҳәараанӡатәи алхрақәа рымҩаԥгара арыцхә шьақәнарӷәӷәоит.

Аҟәа. Абҵарамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ауаажәларратә Палата анапхгара асистема аконституциатә еиҭакрақәа ралагаларала аҳәынҭқарратә институтқәа рырӷәӷәара иадгылоит. Абри атәы аҳәоит Ауаажәларратә Палата Аԥсны жәлар рахь иҟанаҵаз ааԥхьара аҿы. 

«Ҩаԥхьа иҟалаз аполитикатә кризис даҽазныкгьы ҳажәлар рзы ԥышәара дуны иҟалеит. Раԥхьатәи амшқәа инадыркны Ауаажәларратә Палата алахәылацәа иарбоу акризис лыԥхала алҵразы, атәылаҿы аҭагылазаашьа аҭышәынтәаларазы активла аусура мҩаԥнагон. Аганқәа рыла ачҳара, ахарахәцра, агәҽанызаара, ианаамҭоу аҽынкылара раарԥшреи аконструктивтә диалог ахь рцәырҵреи аиҿцәажәаратә процесс алахәылацәа рполитикатә рымчхареи аҭагылазаашьа аҭышәынтәаларазы ргәазыҳәареи акомпромисстә ӡбамҭақәа рыдкылара разхиареи иабзоураны ҳҳәынҭқарратә шьақәгылара азы акырӡа зҵазкуаз, аҭагылазаашьа анаҩстәи аибарххара ацәцареи аконституциатә шьаҭала акризис аҭышәынтәалареи алыршхеит», – ҳәа иаҳәоит ааԥхьара аҿы.

Аҟәа. Абҵарамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи Аиашахаҵаратә Уахәама ҳамҭас иарҭеит  Ацқьа Иоанн Ахьҿы еицамкуа ибаҩ-ашаҩ. Ари амшхәыбзазаратә миссиа анагӡарала Аԥсныҟа дааит ҳџьынџьуаҩ Владимир Какоба.

Владимир Какоба иажәақәа рыла, Ацқьа Иоанн Ахьҿы еицамкуа ибаҩ-ашаҩ Италиантәи иааган, анаҩс урҭ Испаниаҟа идәықәҵан, аҵыхәтәаны, Анцәа иџьшьаны Аԥсныҟа аагара алыршахеит.

«Сара исҭахын Аԥсны акала сацхраарц, исҭахын араҟа зыԥсҭазааратә мҩа хзыркәшаз Иоанн Ахьҿы ибаҩ-ишаҩ араҟа наунагӡа иаанхарц. Иара араҟоуп иҭыԥ, уи Аԥсны аҭынчра ашьақәгылара иасимволхароуп. Ихашәымҵар ҟалап, аха сара исыздырӡомызт Аԥсныҟа аара арыцхә, аха абҵарамза 16 рзы абилеҭқәа анаасхәа ашьҭахь, ас еиԥш иҟаз иуадаҩыз аҭагылазаашьа аилашымҭаз, ҳшымгәыӷӡоз иаарласны аҭышәынтәалара ҟалеит, азҵаара ҭынчмҩала иӡбахеит», – ҳәа иҳәеит Владимир Какоба.

Ҳара ҳџьынџьуаҩ уажәаԥхьагьы ас еиԥш амиссиа анагӡарала Аԥсныҟа даахьан. Уаанӡа иара VI ашәышықәса иатәу Анцәа дзыхшаз Ацқьа Мариа лылацәеикәыԥсара Аныхабаа ахь иԥшьоу абер Нил Столобенски еицамкуа ибаҩ-ишаҩ ааигахьан, ааӡабхгаҩы, ахәшәтәҩы Пантелеимон, Ацқьа Трифони аԥшьаҩы Спиридон Тримифунтски еицамкуа, зҿаҳәатәы ҟалоз  Ацқьа Илииа рыбаҩ-ашаҩ Агәыӡера игылоу ауахәама ахь иааигахьан.

Аҟәа. Абҵарамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәаахьчаратә Усбарҭа 32 шықәса ахыҵит.  Аԥсны аҳәаахьчаратә архәҭақәа Аԥсны Адҵаҟаҵаҩ Хада Владислав Арӡынба иҭижьыз Аусԥҟа ала иаԥҵахеит абҵарамза 20, 1992 шықәса рзы.  Зеилазаара 120-ҩык асолдаҭцәеи 30-ҩык офицарцәеи рыла ишьақәгылаз аотриад Ԥсоу аӡиас ала инагоу Аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчара рыдҵан. 

Иахьа Аҳәаахьчаратә Усбарҭа иахьаҵанакуа Аусбарҭа анапхгаҩы Рустам Латипов инапхгарала ари арыцхә иазкны аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥысит.

Аҟәа. Абҵарамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 20 рзы иазгәарҭоит адунеизегьтәи ахәыҷы Имш. 

Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчара знапы Иану Мактина Џьынџьалԥҳа ахәыҷқәеи урҭ рҭаацәеи рандуцәеи рабдуцәеи абҵарамза 20 рзы иазгәарҭо Адунеизегьтәи ахәыҷы Имш рыдылныҳәалеит.

Адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Гәык-ԥсыкала ахәыҷқәа зегьы ирзеиӷьасшьоит агәабзиара, бзиа избо аҭаацәа, иҭәы-иԥха иҟоу аҩнаҭа, агәырӷьареи анасыԥи рыла игәылҭәаау ахәыҷра, аԥеиԥш бзиа.

Аҟәа. Абҵарамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иҭыжьуп Дырмит Гәлиеи Таиф Аџьбеи  рхьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиақәа рлауреат, ажурнал «Алашара» аредактор Хада Анатоли Лагәлаа ахәыҷқәа рзы ииҩыз ажәабжьқәа реизга «Арбаӷь ҟаԥшь».

Зтираж 500 екземплиар рҟынӡа инаӡо  ари ашәҟәы аҭыжьра алыршахеит агәыҳалалратә Фонд «Амшра» иҟанаҵаз адгылара иабзоураны.  Ашәҟәы ахь аллиустрациақәа ҟаиҵеит Гарри Дочиа. Аизга жә-жәабжьк рыла ишьақәгылоуп.

Аҟәа. Абҵарамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, афымцамчи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган,  аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба алархәны  аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩцәа напхгара зырҭо ахырхарҭақәа рыла аусура шцо азы адырра ҟарҵеит.  Аилатәара аҿы иахьатәи амш азы еиҳа актуалра злоу, Урыстәылантәи акоммерциатә шьаҭала иаауа афымцамч азы ашәатәқәа ианаамҭоу рымҩаԥгара азҵаара иалацәажәеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аҟәа. Абҵарамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба «Ареспублика Аԥсны аԥыза-министр ԥхьатәара ишьҭра азы» Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.

Аусԥҟа аҿы иаҳәоит:

««Ареспублика Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара (Анапхгара) азы Аконституциатә закәан ахәҭаҷ 7 инақәыршәаны:

Аҟәа. Абҵарамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба «Ареспублика Аԥсны аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо изы» Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.

«Ареспублика Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара (Анапхгара) азы» Аконституциатә закәан инақәыршәаны Бганба Валери Рамшьыхә-иԥа аԥыза-министр инапынҵақәәа рынагӡара идҵоуп. Ари амаҵураҿы иара диԥсахит Александр Анқәаб.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.