АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Абҵарамза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Гәынба Бадра аилацәажәара мҩаԥигеит 2004 шықәсазы ацитрустәқәа рҽаҩра аингалареи аҭиреи рызҵаарақәа ирызкны. 

Аиԥылара иалахәын аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба, Аҳҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, ақыҭанхамҩеи аҩныҵҟатәи аусқәеи рминистрцәа рнапынҵақәа назыгӡо, аҳәынҭқарратә ҳазалхратә хеилаки акарантинтә инспекциеи, аҳәаахьчаратә маҵзуреи рнапхгаҩцәа.

Аилацәжәара иалахәыз ҳазҭоу ашықәс азы ацитрустәқәеи ақыҭанхамҩатә аалыҵқәеи  рҽаҩра аингалареи аҭиреи шымҩаԥысуа атәы иалацәажәеит. Ақыҭанхамҩа аминистр инапынҵақәа назыгӡо Беслан Џьапуа ишазгәеиҭаз ала, ацитрустәқәа раарыхра амҽхак сынтәа аизҳара ишалагаз убоит.  Ари ашықәс азы Аҧсны иалгоуп 9 нызқь тонна инареиҳаны аалыҵ, ҵыԥхтәи ашықәс иаҿырԥшны уахәаԥшуазар ари 3,5 тонна  рыла еиҳауп.

Аҟәа. Абҵарамза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Пицунда ақалақь, апансионат «Литфонд» аҿы рашәарамза, 2022 шықәса инаркны анагӡара мҩаԥысуеит зымҽхак ҭбаау аинвестициатә проект – ҳаамҭа иақәшәо азҩыдахаратә комплекс аргылара.  Ари аобиект ҿыц  8 -еихагылакны иҟалоит, уи азеиԥш ҭагӡара  4,5 нызықь километр рҟынӡа инаӡоит, урҭ рахьынтә  3,5 нызықь – хра злу ахархәара зауа аҵакыра ауп.

Уажәы аргыларақәа ахьымҩаԥысуа аҭыԥ аҿы уаанӡа иҟаз мыцху идуумыз аспорттә зал аҵыхәтәантәи аамҭазы аԥсшьаҩцәа рҭаххрақәа ирықәшәо иҟамызт. Апансионат адиректор хада Анатоли Аҩӡба иажәақәа рыла, амедицинатә центр аргыларазы аӡбамҭа зхаҭабзиара ҳараку азҩыдахаратә маҵзурақәа рымҩаԥгара ахымԥадатәра иадҳәалахеит.

Аҟәа. Абҵарамза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара Ахантәаҩы Лаша Ашәба Аԥсны жәлар Аконституциа амш рыдиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы, ахәҭакахьала, иҳәоуп:

Ҳаҭыр зқәу Аԥсны жәлар!

 

Иахьа Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа 30 шықәса ахыҵуеит! 

Аԥсны Аҳәынҭқарра жәлар рхатәҳәаақәҵаратә зин инақәыршәаны, ҭоурыхла ишьақәгылаз, суверентә, демократиатә, зинтә ҳәынҭқарраны ирылазҳәаз Аконституциа рыдыркылеит 1994 шықәса абҵарамза 26 рзы, Владислав Арӡынба напхгара зиҭоз Аҧсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Ахеилак асессиаҟны. 1999 шықәса жьҭаарамза 3 рзы иахьа аус зуа Аконституциа Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа жәларызегьтәи бжьыҭарала иақәшаҳаҭхеит.

Аҟәа. Абҵарамза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Абҵарамза 26 – Аԥсны Аконституциа Амш ауп.

30 шықәса раԥхьа, 1994 шықәса, абҵара 26 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Асовет аилатәара 12-тәи ааԥхьара иаднакылеит, 1999 шықәса жьҭаарамза 3 рзы жәларзегьтәи бжьыҭиирала иақәшаҳаҭхеит, 1999 шықәса жьҭаарамза 3 рзы жәларзегьтәи абжьыҭиира (ареферендум) аан ирыдыркылаз аԥсахра алагаланы. «Ҳарҭ, Аԥсныжәлар, ҳхатәҳәаақәҵаратә зин аԥсҭазаара иаларҵәо, жәлары зегьы рзы насыԥла аԥсҭазаареи аҩнуҵҟатә гәҭынчреи ҳарзықәԥо, ауаҩытәыҩса изинқәеи, ихақәиҭрақәеи, ауаажәларратә ҳәоуеиқәшәареи шьақәырӷәӷәо, гәеизҳарала ирылаҳҳәоит, егьышьақәҳаргылоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа», - абас иаҳәоит Аконституциа алагамҭа аҿы.

1994 шықәсазы ирыдыркылаз Ареспублика Аԥсны Аконституциа аформеи аҵаки рыла Аԥсны асовет аамҭазы ирыдыркылоз аконституциатәә актқәа акыр иреиԥшымхеит. Уаҟа иаарԥшхеит аконституциатә зин аҿиара адунеизегьтәи атенденциақәа. Аконституциа  адемократиатәии азинтәи аҳәынҭқарра апринципқәеи аҵакы хадақәеи аныԥшуеит.

Ихадоу азакәан быжь-хык рыла иҟоу апреамбала ала ишьақәгылоуп:

  1. Аконституциатә шьақәгылара ашьаҭақәа;
  2. Ауаҩи атәылауаҩи изинқәеи ихақәиҭреи;
  3. Азакәанԥҵаратә мчра;
  4. Анагӡаратә мчра;
  5. Аӡбаратә мчреи апрокуратуреи;
  6. Аҭыԥантәи ахаланапхгара;
  7. Аконституциатә еиҭакрақәеи Ареспублика Аԥсны Аконституциа аиҭахәаԥшра аԥҟарақәеи.

Абҵарамза 26 Аԥсны аныҳәамшны иԥхьаӡоуп.   30 шықәса ирылагӡаны атәыла ихадоу азакәан аиҭакрақәак алагалан –  жьҭаарамза 3, 1999 ш., мшаԥымза 30, 2014 ш., жәабранмза 3, 2016 ш., хәажәкырамза   29, 2016 ш.

Жьҭаарамза 3, 1999 шықәсазы имҩаԥгаз ареферендума аан аӡбаҩцәа рҽымԥсахра азы аԥҟара алган. Убри аамҭа инаркны аӡбаҩцәа хәы-шықәса аҽҳәара рыманы иалырхуа иалагеит.

Мшаԥымза 30, 2014 ш. Аҳәынҭқарра Ахада Алеқсандр Анқәаб ареспублика  аӡбаратә система аҿиара иҿыцу ахырхарҭа азҭаз «Аӡбаратә мчреи Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа аиҭахәаԥшразы иҿыцу аԥҟарақәа рзы» «Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа аиҭакрақәа ралагалара азы» Аконституциатә закәан инапы аҵаиҩит. Атәыла иаку аӡбаратә система иалагалаз Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә ӡбарҭа аԥҵан. Аиҭакра алагалан иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа азинмчқәагьы, аӡбаҩцәа рзинмчы аҽҳәара иацҵахеит (5 шықәса инаркны 10 шықәса рҟынӡа),  ақәратә ценз иацҵан (27 шықәсантәи 30 шықәсанӡа – актәи аинстанциа аӡбаҩцәа рзы, 35  шықәса рҟынӡа – Иреиҳаӡоу аӡбарҭеи Абжьаҟазаратә ӡбарҭеи рыӡбаҩцәа рзы), иара убас Иреиҳаӡоу аӡбарҭеи Абжьаҟазаратә ӡбарҭеи рыӡбаҩцәа рзы аусура аџьашықәс –  5 шықәса рҟынтәи 10 шықәса рҟынӡа иацҵахеит. 

Аҟәа. Абҵарамза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны апрокурор Хада актәи ихаҭыԥуаҩ Дамир Кәыҵниа Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Кан Кәарҷиа Аконтрольтә Палата аҟынтәи инашьҭыз аҳәынҭқарратә мазара аимҵәара иазку 20 инарзынаԥшуа аусқәа рзы аилыргарақәа мҩаԥысӡом ҳәа иҟаиҵаз аҳәамҭа ҵаҵӷәы амаӡам ҳәа иазгәеиҭеит. Дамир Кәыҵниа, ари аинформациа мцыркуп ҳәа иҳәеит: «апрокуратура аусбарҭақәа рахь инашьҭхо арзаҳалқәа зегьы иахәҭоу азхьаԥшра роуеит, акагьы хшыҩзышьҭрада  иаанхаӡом».

Иара ишазгәеиҭаз ала, Аконтролтә Палата  апрокуратура ахь ишиашоу аусқәа дәықәнаҵаӡом. Уи агәаҭарақәа рышьҭахь агәаҭаратә усмҩаԥгатәқәа рзы актқәеи аҳасабырбақәеи раҳасабала аинформациа аанашьҭуеит. Дамир Кәыҵниа Каха Пертаиа напхгара зиҭо Аконтрольтә Палата Апрокуратура Хада ахь 10 материалк роуп идәықәнаҵаз ҳәа иазгәеиҭеит.

Аха ҩ-уск рҿы мацара ауп аудиторцәа аҳәынҭқарратә мазара аимҵәара аҟазшьақәа ахьаадырԥшыз. Апрокурор Хада,  иара иажәақәа рыла, Аконтрольтә Палата анапхгаҩи иареи еимадоуп, русеицурагьы хра злоу алҵшәақәа аанарԥшуеит:

«Ҳара апрокуратура аусбарҭақәа рҿы аилыргара иахысуа аматериалқәа ирыдҳәаланы аиԥыларақәа еиҿаҳкаауеит, имҩаԥаагоит. Иарбоу аусқәа рӷьырак ала Аконтрольтә Палата аиҳаби апрокуротуреи аилибакаара рыбжьоуп. Уимоу, иазгәасҭарц сҭахуп даҽакгьы. Апрокурор Хада ҳхылаԥшырҭақәа рыбжьара аиқәшаҳаҭра абжьаҵара аганахьа аусура ахацыркра аԥшьигеит, иарбоу апроект аиқәыршаҳаҭразы иахәҭоу апроцедурақәа зегьы ирхысит. Уажәазы уи анапаҵыҩра иазырхиоуп, хықәкы хадасгьы иамоу ҳусеицура аҩаӡара ашьҭыхра ауп», - ҳәа иазгәеиҭеит Дамир Кәыҵниа.

Иажәа иацҵо, Дамир Кәыҵниа иара убас Аконтрольтә Палата аспециалистцәа ззанааҭдырра аҩаӡара ҳараку уаауп, урҭ мҽхакы ҭбаала аусура нарыгӡахьеит, афинанстә еилагарақәа рацәаны раарԥшра рылшеит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит. Дамир Кәыҵниа иажәақәа рыла, аиҳарак аимак-аиҿак цәырызго зҵаарақәаны иҟоуп абиуџьеттә ԥаратә хархәагақәа иарбоу ахықәкы азы акәымкәа даҽаџьара азоужьра иадҳәалоу афактқәа раарԥшра.

Аҟәа. Абҵарамза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Гагра араион Бзыԥҭа аҳаблаҿы инхо аишьцәа Ардаши Бориси Дудукчианаа ахылаԥшратә хықәкытә программа «Ақыҭанхамҩа аҿиара» аҳәаақәа ирҭагӡаны амандаринақәа раарыхра апроект анагӡара иаҿуп. Аҵиаақәа реиҭаҳатәқәеи егьырҭ ихымԥадатәиу аматериалқәеи  анроу ашьҭахь, дара рбаҳчара арҭбаареи рҳабла ақыҭанхамҩа аҿиара рлагала алагалареи рыӡбеит.

«Гагра араион Ахадараҿы ақыҭанхамҩа аҿиара адгылара иазырхоу апрограмма аҟазаара атәы анеилаҳкаа ашьҭахь, ҳара иаразнак апроект алахәхаразы аӡбамҭа ҳадаҳкылеит.  Ҳара уи аамҭазы ҳаҩны азааигәара мыцхц идуумыз ашәырбаҳча ҳаман, уи арҭбаара азы агәазыҳәара ҳазцәырҵит. Ҳара ҳқыҭа, ҳтәыла азы, иара ҳхаҭақәа ҳзы хра злоу џьара акы аҟаҵара ҳҭахуп», - ҳәа иҳәеит Борис Дудукчиан.

2,5 гектар рҟынӡа инаӡо адгьылҵакыра аҿы  аишьцәа еиҭарҳаит 1200 шьапы «Сентябрьский» ҳәа изышьҭоу, заа иҟало амандарина ахкы. Урҭ рахьынтә 1000 шьапык ибзианы ршьапы ркит, иаанхаз  100 шьапык иҟалар зылшо ацәыӡ ахарҭәаара иазкуп.  

Аҟәа. Абҵарамза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла Анапхгара алахәылацәа доусы напхгара зырҭо аминистррақәеи ахылаԥшырҭақәеи рҿы иҟоу изаамҭанытәиу аҭагылазаашьа азы аԥыза-министр адыррақәа ирҭеит.

Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо, аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба Урыстәылантәи иаауа афымцамч абҵара 29 рҟынӡа ахә ахшәаауп ҳәа адырра ииҭеит.

«Ҳара иҟоу алшарақәа зегьы – абиуџьеттәи еиԥш абиуџьетнҭыҵтәиқәагьы  еидазкылоитиҳауа афымцамч ахә ахшәаара азы – иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит ҳауаажәларфымцалашарада иаанымхарц азы», - ҳәа иҳәеит Џьансыхә Нанба.  

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр инапынҵақәа назыгӡо Владимир Делба ишиаҳәаз ала, сынтәа иааидкыланы Аԥсны аенергетика аусхк амаҵзуразы 560 миллион мааҭ азоужьуп.

Иара иажәақәа рыла, урҭ рахьынтә ареспубликатә биуџьет аҟынтәи 360 миллион мааҭ азоужьуп, 200 миллион мааҭ – урыстәылатәи афинанстә цхыраара аҟынтәи хықәкытә шәароуп.

«Арҭ аԥарақәа рҟынтәи 285 миллион мааҭ акоммерциатә фымцамч аахәаразы инашьҭуп ҳәа иҳәеит Владимир Делба.

«2024 шықәсазы Урыстәылантәи афымцамч асоциалтә аашьҭра 302 миллион кВт-с. инаӡоит. 2025 шықәсазы иазԥхьагәаҭоу афымцамч аиура амҽхак 326 миллион кВт-с. ҳәа иазгәаҭоуп. Урыстәылатәи аилахәыра «ИнтерРАО» заҵәык ауп аҳәаанырцәҟа афымцамч ашьҭра зылшо. 2023 шықәсазы «Амшынеиқәафымцамчи» ари аилахәыреи афымцамч аиуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Адокумент инақәыршәаны 2024 шықәсазы Аԥсны афымцамч кВт-с. 4 мааҭк рҟынӡа аԥара ахнашәаауеит», - ҳәа иҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба.

Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Оҭар Хьециа Аԥсны аҳазалхратә шәарақәа рыплан 3% рыла инацны инагӡоуп ҳәа адырра ҟаиҵеит. Аԥсны аҳазалхратә шәарақәа рыплан 3% рыла инацны инагӡоуп. Абри атәы иҳәеит Аԥсны Аҳазалхратә еилакы анапхгаҩы и.н. Оҭар Хьециа, аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба имҩаԥигоз аилатәараҟны.

Аҟәа. Абҵарамза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацуразы аофициалтә Хаҭарнакра аԥҵара 15-шықәса ахыҵра инамаданы, Аинформациатә Маҵзура ТАСС афотокорреспондент, Аԥсны Афырхаҵа  Андреи Соловиов ихьӡ зху ажурналистцәеи аблогерцәеи рыбжьара аицлабра «Взгляд-2024» алахәхара азы арзаҳалқәа рыдкылара ишалагаз ала алаҳәара ҟаҵоуп.

Аконкурс амҩаԥгара хықәкы хадас иамоуп Аԥсни Урыстәылеи русеицура аҿиареи адгылара аҭареи. Уи иалахәхар рылшоит ареспубликатә кьыԥхьтә ҭыжьымҭақәа, аинтернет-АИХқәа, аинформмаҵзурақәа, аблогерцәа, афотокорреспондентцәа, иреиҳау аҵараиурҭақәа абри азанааҭ ала иҭоу астудентцәа.

Аҟәа.  Абҵарамза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Инар Кетиа аруаа рыбжьара  зхы иақәиҭу аиқәԥаразы адунеи ачемпионат аҿы аџьаз медал игеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы.   

Аԥсуа спортсмен Урыстәыла еизгоу акоманда аилазаараҿы 70 кьыла иҟоу акапантә категориа иаҵанакуа рыбжьара дықәгылеит.  

Аҟәа. Абҵарамза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ахада ин. н. Бадра Гәынба Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит.

Аилацәажаәара далахәын Ахада Иусбаҭа Анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.