
pressadmin-2
Бадра Гәынба Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа рынагӡара далагеит.
Аҟәа. Абҵарамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Бадра Гәынба Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа рынагӡара далагеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Ареспублика атәылауаа рахь ихы рханы Бадра Гәынба иҳәеит:
«Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Гьаргь-иԥа Бжьаниа инапынҵақәа рышьҭаҵара азы иаднакылаз аӡбамҭа инамаданы, Ареспублика Аԥсны Аконституциа инақәыршәаны, сара Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа рынагӡара салагеит.
Аҳәынҭқарратә напхгараҭара аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа зегьы рахь Ареспублика Аԥсны азакәанԥҵара инақәыршәаны аҳәынҭқарра аԥсҭазаара аиқәырхареи уи ашьақәгылара ахьчареи рзы рмаҵуратә ԥхықәра нарыгӡаларц азы адҵа ҟаҵоуп».
Афильм «Ҳабацәа рабацәа рыдгьыл аҟынӡа ихароу амҩа» («Долгая дорога к земле предков») аӡыргара Ставрополи Черкесски ақалақьқәа рҿы имҩаԥгахоит.
Аҟәа. Абҵарамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ставрополи Черкесски ақалақьқәа рҿы Ареспублика Аԥсны ашәҟәыҩҩцәеи ажурналистцәеи Реидгыларақәа рлахәыла, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет апрофессор Екатерина Бебиа иаԥылҵаз аҭоурых-документалтә фильм «Ҳабацәа рабацәа рыдгьыл аҟынӡа ихароу амҩа» («Долгая дорога к земле предков») аӡыргара мҩаԥгахоит.
Афильм Нхыҵ Кавказ еицырдыруа ауаажәларратә усзуҩ, арегионалтә уаажәларратә еиҿкаара — Ставропольтәи атәылаҿацә абаза жәлар рмилаҭ-культуратә автономиа «Абаза» анапхгаҩы, Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгресс алахәыла Армида Хизир-иԥҳа Псҳәы-Чагова илыхҳәаауп.
Афильм асиужеттә цәаҳәа хаданы иҟоуп — Армида Псҳәы-Чагова Аԥснытәи ашьхақәа рҿы иҭаҵәаху џьанаҭ дгьыл ҳәа изышьҭоу, Аҟәа араион, ашьха иаԥну Ԥсҳәы ақыҭан иҟоу лара дызхылҵыз рыԥсадгьыл аҭааразы лгәазыҳәара аҟалара аҭоурых. Лара лхы лдыруа дҟалеижьҭеи ари зынаӡара уадаҩу аҭыԥ аҭаара гәазыҳәараны илыман. Афильм афырхаҵа илыцны ахәаԥшыҩ ари иуадаҩу амҩа данысуеит, иблалагьы ибоит Ԥсҳәы ақыҭа уажәтәи ауааԥсыра рыбзазашьеи рҵасқәеи ртәы. Аҭыԥантәи ауааԥсыра рыҿцәажәарала ахәаԥшыҩ ақыҭа аҭоурых, амҳаџьырра, аибашьрақәа, ахҵәара, уҳәа егьырҭ аԥышәарақәа жәпакы зхызгаз ауаа ирлахьынҵахаз ртәы еиликаауеит. Автор иааирԥшуеит урҭ рмилаҭтә культура, рытрадициақәа, зегьы ирыцку рыԥсадгьыл ахь абзиабара мырӡкәа иахьа уажәраанӡа ишааргаз атәы.
Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа имаҵуратә уалԥшьақәа рынагӡара шаанижьуа ала арзаҳал алеиҵеит.
Аҟәа. Абҵарамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аоппозициеи атәыла анапхгара ахаҭарнакцәеи аа-сааҭк ицоз реиҿцәажәарақәа рыла аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.
Убас, аусшәҟәы инақәыршәаны:
Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа имаҵуратә уалԥшьақәа рынагӡара шаанижьуа ала арзаҳал алеиҵоит;
Анапхгаратә хыбрақәа ркомплекс аҩныҵҟеи уи акәша-мыкәшеи еизаз атәылауаа зегьы еимпуеит абҵарамза 19, 2024 шықәса иахымгакәа. Иарбоу апунк анамыгӡараан Аҳәынҭқарра Ахада ԥхьатәаразы ирзаҳал шьҭахьҟа ирхынҳәуеит;
Жәлар Реизара-Апарламент абҵарамза 19, 2024 шықәса рзы Аҳәынҭқарра Ахада ԥхьатәара ицаразы арзаҳал иахәаԥшуеит;
Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа рынагӡара идҵахоит Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба;
Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба иалаҵаз арзаҳал инақәыршәаны, атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб имаҵураҭыԥ аҟынтәи ихы дақәиҭитәуеит, аамҭак ала ари амаҵураҭыԥ аҿы дҟаиҵоит Валери Бганба;
Иҟоу аминистрцәа ҿыц иалххо Аҳәынҭқарра Ахада имаҵуратә уалԥшьақәа рынагӡара далагаанӡа рмаҵуратә напынҵақәа рынагӡаҩцәас иҟалоит.
Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит: Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы ахантәаҩы Оҭар Хьециа, ареспубликатә уаажәларратә Еиҿкаара «Аԥсны жәлар Реиҿкаара» ахантәаҩы Адгәыр Арӡынба, Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Кан Кәарҷиа, «Ареспублика Аԥсны асуверенитет ахьчаразы Акомитет» ахантәаҩы Леуан Миқаа.
Аиҿцәажәарақәа анхыркәшаха ашьҭахь урҭ ирылахәыз ажурналистцәа рахь ицәырҵит. Абар урҭ ирҳәаз:
Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба: «Шәара ишыжәдыруа еиԥш, ԥшьымш рыҩныҵҟа атәылаҿы акыр иуадаҩыз ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа шьақәгыланы иҟан. Аоппозициа ахаҭарнакцәеи атәыла анапхгара ахаҭарнакцәеи ишьақәгылаз аҭагылазаашьа лыԥхала алҵразы иҟарҵаз даара ирацәоуп.
Иахьа Жәлар Реизара-Апарламент аԥшьгарала аганқәа реиԥылара еиҿкаан. Иҳаҩсыз амшқәа рзы Апарламент Арсепублика Аԥсны анапхгареи аоппозициатә мчрақәеи рыбжьара абжьаҟазаратә миссиа нанагӡон.
Иахьа ҳара ишиашоу аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгара аформат ахь аиасра ҳаӡбеит. Акыраамҭа ицон аиҿцәажәарақәа, аҵыхәтәан иҳалшеит аконсенсус аԥшаара. Иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп аиҿцәажәарақәа ирылахәыз зегьы иааныркылаз аконструктивтә позициа азы».
Бадра Гәынба: «Ҳаҭыр зқәу сколлегацәа. Ишыжәдыруа еиԥш, аҭынчреи аҭышәынтәалареи рыхьчараа азы Аҳәынҭқарра Ахада ԥхьатәара ацаразы аӡбамҭа идикылеит. Уи акыраамҭа, жә-сааҭк инареиҳаны ицоз аиҿцәажәарақәа ирылҵшәахеит. Зегьы ирыцку – ҳара зегьы азакәан аҳәаақәа ҳаҽырҭагӡаны ҳаҟазаара ауп. Иахьа ҳара иаҳҳәар ҳалшоит, аҭагылазаашьа маҷ-маҷ аҭышәынтәалара иаҿуп ҳәа, саргьы агәра ганы сыҟоуп ҳара зегьы аҭагылазаашьа аҭышәынтәалара иазырханы имҩаԥааго аусура ахықәкынагӡара алыршахоит ҳәа».
Адгәыр Арӡынба: «Ҩаԥхьа аполитикатә кризис ҳашьҭахьҟа иаанҳажьит ҳәа ҳҳәар алшоит. Араҟа иҭабуп ҳәа раҳәатәуп аиҿцәажәаратә процесс алахәылацәа зегьы, насгьы, жәаҳәарада арҭ амшқәа зегьы рыҩныҵҟа рыҩны згәы иамыртәакәа абраҟа Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа ахыбреи Жәлар Реизара-Апарламент ахыбреи рҿаԥхьа игылаз ауаа зегьы. Ари ажәлар рҭаххра аарԥша ауп. Уи иахьа инагӡахеит. Ҳәарада, сколлегацәа рҟынтәи аӡәгьы ас еиԥш ахҭысқәа рыҟалара, аҭагылазаашьа аибарххара ҟалар иҭахӡамызт. Насыԥла, ҳгәаанагарала атәылаҿы аполитикатә ҭагылазаашьа аҭышәынтәалара алзыршо аконсенсус аԥшаара алыршахеит.
Абар шьҭа ԥшьымшуп аоппозициа адгылаҩцәа анапхгаратә хыбрақәа ркомплекс аанкыланы ирымоуижьҭеи.
Аҟәа. Абҵарамза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Абар шьҭа ԥшьымшуп аоппозициа адгылаҩцәа Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы игылоу анапхгаратә хыбрақәа ркомплекс аанкыланы ирымоуижьҭеи.
Иацы, абҵарамза 17 рзы Жәлар Реизара-Апарламент аҿаԥхьа игылаз аихаанда ықәыргеит.
Амш иалагӡаны Ауаажәларратә Палата алахәылацәа рыла еиҿкаау аусуратә гәыԥ аоппозициа ахаҭанаркцәеи атәыла анапхгара ахаҭарнакцәеи ишьақәгылаз акризисттә ҭагылазаашьа алҵразы аҩганк ирнаало, акомпромисстә вариант аԥшааразы аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгара иаҿын.
Иахьа ашьжьымҭан анапхгаратә хыбрақәа ркомплекс акәша-мыкәша ҭынчроуп. Жәлар Реизара-Апарламент ахыбра аҿаԥхьа жәаҩыла ауаа еизаны игылоуп.
Аслан Бжьаниа Ашәарҭадара Ахеилак аилатәара мҩаԥигеит.
Аҟәа. Абҵарамза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ихантәаҩрала имҩаԥысит Ашәарҭадара Ахеилак аилатәара.
Аслан Бжьаниа аминистррақәа рнапхгаҩцәа излауа ала урҭ русура алдыршарц азы анапынҵақәа риҭеит.
Аҟәа. Абҵарамза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, атәыла Анапхгара алахәылацәа, аҳәынҭқарратә напхгараҭара аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа, араионқәа рхадацәа алархәны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.
Ирылацәажәеит иҭышәынтәалоу афымцамч ала аиқәыршәара, асоциалтә инфраструктура аобиектқәа русура алыршара иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы.
Аслан Бжьаниа гәыԥҩык Апарламент адепутутцәа дырԥылеит.
Аҟәа. Абҵарамза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Имҩаԥысит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи гәыԥҩык Апарламент адепутатцәеи реиԥылара.
Иалацәажәеит атәылаҿы ишьақәгылаз аполитикатә ҭагылазаашьа. Асааҭ 18:00 иахымгакәа аделегациақәа шьақәыргыланы атәыла анапхгареи аоппозициеи реиҿцәажәарақәа ирылагарц азы аӡбамҭа рыдыркылеит.
Аоппозициа ахаҭарнакцәа анапхгаратә хыбрақәа ркомплекс аҿаԥхьа игылоу ауаа ирырҭаз адырра ала, Жәлар Реизара-Апарламент аҿы имҩаԥысыз аилатәара аихшьаалақәа рыла, ԥшьҩык адепутатцәа Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иахь рышьҭра азы аӡбамҭа рыдыркылеит.
Амыфҭы Ҭемыр Ӡыба Аԥсны атәылауаа атәыла аҩныҵҟа ишьақәгылаз аҭагылазаашьа аибарххарахь ицәырырымгарц азы ааԥхьара ҟаиҵоит.
Аҟәа. Абҵарамза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны амсылманцәа Иаку рдоуҳатә Напхгараҭара ахантәаҩы, амыфҭы Ҭемыр Ӡыба ауаажәларра рыҩныҵҟа иҟалаз аполитикатә еиҿагылара аибарххара инамаданы ажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит.
«Ҳаҭыр зқәу ҳашьцәа, ҳаҳәшьцәа, Аԥсны жәлар зегьы! Зегь зымчу Аллаҳ илԥха игәыԥха шәымазааит зегьы!
Иахьа аполитикатә еиҿагылара акабинетқәа рҟынтәи адәахьы ииасит, уи ауаажәларра рҿы асоциалтә еибарххара цәырнагеит. Жәаҳәарада ари ахҭыс агәҭынчымра узцәырнамгар залшом.
Еиҿагылоу аганқәа рнапхгаҩцәа рахь схы рханы ихадоу азҵаарақәа зегьы рыла иҿыцу аиҿцәажәаратә процесс хацдыркырц, ахарахәыцра аарԥшны адәахьтәи аидысларақәеи аилаҩынтреи рҟынӡа инарымгарц, иааизакны Ареспублика аҿы аҭагылазаашьа аибарххарахь ицәырырымгарц азы аҳәара ҟасҵоит.
Ауаажәларратә Палата аусуратә гәыԥ атәыла анапхгареи аоппозициеи рыбжьара абжьаҟазара мҩаԥнагоит.
Аҟәа. Абҵарамза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 17 рзы Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба зхадараҿы дыҟаз гәыԥҩык адепутутцәа Сократ Џьынџьал напхгара зиҭо Ацуаажәларратә Палата аусуратә гәыԥ алахәылацәеи реиԥылара мҩаԥысит. Аиԥылара аҿы ауаажәларра-политикатә кризис аҭышәынтәалара азы абжьаҟазаратә усура аҳәаақәа ирҭагӡаны еицынагӡахо ауснагӡатәқәа ркоординациа амҩаԥгара азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Аслан Бжьаниа: ишьақәгылаз аҭагылазаашьа алҵшьас иҟоу еилкаауп, уи ыҟоуп.
Аҟәа. Абҵарамза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа атәылаҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьеи уи алҵшьазы иҟаҵатәууи рзы Аԥсныпресс азҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит.
– Аслан Гьаргь-иԥа, Шәара шәгәаанагарала атәылаҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа алҵшьас иамоузеи?
– Аслан Бжьаниа: «Рҽеишьа змам ҳәа макьаназы акгьы ҟамлаӡеит. Зегьы ҳҿаанкыланы, апауза ганы цқьа ҳхәыцроуп. Ишьақәгылаз аҭагылазаашьа алҵшьас иҟоу еилкаауп, уи ыҟоуп. Араҟа шәарҭарас иҟоу, ҳара ҳҳәынҭқарра ҳцәыӡыр ахьалшо ауп.
Сара исҳәарц исҭахузеи, аҭагылазаашьа алҵшьас иҟоу еилкаауп ҳәа анысҳәо? Сара иҟасҵаз ажәалагала, даҽазныкгьы еиҭаҟасҵар сылшоит.
Ари ажәалагала ҵакыс иамоу уи ауп: апротест мҩаԥызго ауаа иааныркылаз анапхгаратә хыбрақәа ркомплекс аанрыжьроуп, уи ашьҭахь Аҳәынҭқарра Ахадеи Жәлар Реизара-Апарламенти рыла иахәҭоу анормативтә актқәа рыдкылахоит. Ҿыц алхрақәа рымҩаԥгара рылаҳәахоит. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа имаҵуратә зинмчы ааныжьреи Аҳәынҭқарра Ахадарахь акандидат иаҳасабала алхрақәа рылахәхареи дазхиоуп.
Аганқәа иааҟәымҵӡакәа ажәлар ргәаанагара ахь азхьарԥш ҟаҵо иқәгылоит, ҳтәылауаа рыдгылара рымоуп ҳәа аҳәамҭақәа ҟарҵоит. Иарбоу азҵаараҿы зегьы аҭыԥ иқәзыргыло алхрақәа роуп. Алхрақәа иаҳдырбоит милаҭрацәала еилоу Аԥсны жәлар Аҳәынҭқарра Ахадас ирбарц ирҭаху. Абас еиԥш ауп сара ишьақәгылаз аҭагылазаашьа алҵшьас избогьы. Макьана уи ҳхы иаҳархәар ҟалоит.
Сара ҳтәылауаа рахь ааԥхьара ҟасҵоит ахшыҩзышьҭра арҭарц исҳәо зегьы.
Ҳаҭыр зқәу сџьынџьуаа, апровакациақәа шәыҽрылашәымгалан. Изакәаным, зинда имҩаԥырго амитингқәа шәхы рылашәмырхәын. Ҳара уажәы уи ҳҭахӡам. Уажәы ҳтәыла ҳанахӡыӡааша, Ҳаԥсадгьыл анаҳахьчаша аамҭа шьақәгыланы иҟоуп. Уи ашәарҭара иҭагылоуп. Ас еиԥш иуадаҩу аҭагылазаашьа аҿы иҟалеит ҳ-Аԥсадгьыл аҳәынҭқарратә мчра ахҳәара зҽазызшәаз ауаа ирыхҟьаны. Макьаназы зегьы аҭыԥ иқәаҳҵартә еиԥш аамҭа ҳамоуп. Абас ала сара актәи азҵаара аҭак ҟасҵоит».
– Иаҳҳәап, апротекст ҟазҵо ауаа анапхгаратә хыбрақәа ркомплекс ааныжьра мап ацәыркыр, усҟан атәыла анапхгара уснагӡатәқәас иҟанаҵо арбан?
– Апроблема цәырҵыр уи аӡбарагьы ҳалҳаршоит. Аусура цоит, абжьацәажәарахь иадыԥхьалоуп ауаажәларратә усзуҩцәа, аинтеллигенциа ахаҭарнакцәа, аԥышәеи ақәреи змоу ауаа, Аԥсны апатриотцәа. Ҳара ахычҳара ҳамоуп, ҳааԥшып. Макьаназы аус ааулоит иарбоу ахырхарҭа ала.
– Иҟоу аҭагылазаашьа аҿы раԥхьа иргыланы иарбан хыдҵақәоу атәыла анапхгара аҿаԥхьа иқәыргылоу?
– Ишыжәдыруа еиԥш, уажәы ҭагалан-аӡынтәи аамҭахәҭа ҳҭагылоуп. Зегьы аштаттә режим ала аус аулароуп – азеиԥшҵараиурҭатә усбарҭақәеи амедицинатә усбарҭақәеи, арбџьармчқәа рҭагылазаашьа ахылаԥшра амазароуп, ауааԥсыра афымцамч ала реиқәыршәара алыршазароуп. Арҭи егьырҭ азҵаарақәеи атәыла анапхгара иаӡбалароуп, уи иарбоу ахырхарҭала аус ауеит. Аха, анапхгаратә хыбрақәа ркомплекс аанызкылаз ауаа ирыхҟьаны, иарбоу азҵаарақәа рыӡбара еиҳа иуадаҩхашт.