«Аҭагылазаашьа мариам. Ишьақәгылаз аҭагылазаашьа инамаданы, шәареи ҳареи доусы ҳнапы иану амаҵуратә уалԥшьақәа наҳагӡалароуп», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.
Иара аминистррақәеи ахылаԥшырҭақәеи рнапхгаҩцәа излауа ала урҭ русура алдыршарц азы анапынҵақәа риҭеит.
«Аиҳарак ахшыҩзышьҭра аҭатәуп аҳәынҭқарра ауааԥсыра рҿаԥхьа иамоу аԥхықәрақәа рынагӡара. Зыӡбахә сымоу асоциалтәии атәанчаҩратәи ашәатәқәа роуп», - ҳәа иазгәеиҭеит иара.
Аҳәынҭқарра Ахада атәыла Анапхгара иаауа афымцамч азы, иара убас амедусбарҭақәа иҭышәынтәалоу русура азы иахәҭоу ашәатәқәа ианаамҭоу рыҟаҵара азы анапынҵақәа аиҭеит.