Аоппозициа Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа «еизаны ишьақәгылаз аполитикатә кризис алҵразы амҩа аԥшаара иадҳәаланы активла аусура иалагарц» азы ааԥхьара ҟарҵоит. Абџьар зку ауаа аминистрцәа Реилазаара ахыбра №1 (Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа, 32 аҿы иҟоу), иара убас ахыбра №2 (Лакоба имҩа, 21 аҿы иҟоу) аӡәгьы дыҩнарыжьлаӡом.
18.Абҵара.2024
Абар шьҭа ԥшьымшуп аоппозициа адгылаҩцәа анапхгаратә хыбрақәа ркомплекс аанкыланы ирымоуижьҭеи.
Аҟәа. Абҵарамза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Абар шьҭа ԥшьымшуп аоппозициа адгылаҩцәа Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы игылоу анапхгаратә хыбрақәа ркомплекс аанкыланы ирымоуижьҭеи.
Иацы, абҵарамза 17 рзы Жәлар Реизара-Апарламент аҿаԥхьа игылаз аихаанда ықәыргеит.
Амш иалагӡаны Ауаажәларратә Палата алахәылацәа рыла еиҿкаау аусуратә гәыԥ аоппозициа ахаҭанаркцәеи атәыла анапхгара ахаҭарнакцәеи ишьақәгылаз акризисттә ҭагылазаашьа алҵразы аҩганк ирнаало, акомпромисстә вариант аԥшааразы аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгара иаҿын.
Иахьа ашьжьымҭан анапхгаратә хыбрақәа ркомплекс акәша-мыкәша ҭынчроуп. Жәлар Реизара-Апарламент ахыбра аҿаԥхьа жәаҩыла ауаа еизаны игылоуп.