Аҟәа. Абҵарамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аоппозициеи атәыла анапхгара ахаҭарнакцәеи аа-сааҭк ицоз реиҿцәажәарақәа рыла аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.
Убас, аусшәҟәы инақәыршәаны:
Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа имаҵуратә уалԥшьақәа рынагӡара шаанижьуа ала арзаҳал алеиҵоит;
Анапхгаратә хыбрақәа ркомплекс аҩныҵҟеи уи акәша-мыкәшеи еизаз атәылауаа зегьы еимпуеит абҵарамза 19, 2024 шықәса иахымгакәа. Иарбоу апунк анамыгӡараан Аҳәынҭқарра Ахада ԥхьатәаразы ирзаҳал шьҭахьҟа ирхынҳәуеит;
Жәлар Реизара-Апарламент абҵарамза 19, 2024 шықәса рзы Аҳәынҭқарра Ахада ԥхьатәара ицаразы арзаҳал иахәаԥшуеит;
Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа рынагӡара идҵахоит Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба;
Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба иалаҵаз арзаҳал инақәыршәаны, атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб имаҵураҭыԥ аҟынтәи ихы дақәиҭитәуеит, аамҭак ала ари амаҵураҭыԥ аҿы дҟаиҵоит Валери Бганба;
Иҟоу аминистрцәа ҿыц иалххо Аҳәынҭқарра Ахада имаҵуратә уалԥшьақәа рынагӡара далагаанӡа рмаҵуратә напынҵақәа рынагӡаҩцәас иҟалоит.
Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит: Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы ахантәаҩы Оҭар Хьециа, ареспубликатә уаажәларратә Еиҿкаара «Аԥсны жәлар Реиҿкаара» ахантәаҩы Адгәыр Арӡынба, Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Кан Кәарҷиа, «Ареспублика Аԥсны асуверенитет ахьчаразы Акомитет» ахантәаҩы Леуан Миқаа.
Аиҿцәажәарақәа анхыркәшаха ашьҭахь урҭ ирылахәыз ажурналистцәа рахь ицәырҵит. Абар урҭ ирҳәаз:
Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба: «Шәара ишыжәдыруа еиԥш, ԥшьымш рыҩныҵҟа атәылаҿы акыр иуадаҩыз ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа шьақәгыланы иҟан. Аоппозициа ахаҭарнакцәеи атәыла анапхгара ахаҭарнакцәеи ишьақәгылаз аҭагылазаашьа лыԥхала алҵразы иҟарҵаз даара ирацәоуп.
Иахьа Жәлар Реизара-Апарламент аԥшьгарала аганқәа реиԥылара еиҿкаан. Иҳаҩсыз амшқәа рзы Апарламент Арсепублика Аԥсны анапхгареи аоппозициатә мчрақәеи рыбжьара абжьаҟазаратә миссиа нанагӡон.
Иахьа ҳара ишиашоу аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгара аформат ахь аиасра ҳаӡбеит. Акыраамҭа ицон аиҿцәажәарақәа, аҵыхәтәан иҳалшеит аконсенсус аԥшаара. Иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп аиҿцәажәарақәа ирылахәыз зегьы иааныркылаз аконструктивтә позициа азы».
Бадра Гәынба: «Ҳаҭыр зқәу сколлегацәа. Ишыжәдыруа еиԥш, аҭынчреи аҭышәынтәалареи рыхьчараа азы Аҳәынҭқарра Ахада ԥхьатәара ацаразы аӡбамҭа идикылеит. Уи акыраамҭа, жә-сааҭк инареиҳаны ицоз аиҿцәажәарақәа ирылҵшәахеит. Зегьы ирыцку – ҳара зегьы азакәан аҳәаақәа ҳаҽырҭагӡаны ҳаҟазаара ауп. Иахьа ҳара иаҳҳәар ҳалшоит, аҭагылазаашьа маҷ-маҷ аҭышәынтәалара иаҿуп ҳәа, саргьы агәра ганы сыҟоуп ҳара зегьы аҭагылазаашьа аҭышәынтәалара иазырханы имҩаԥааго аусура ахықәкынагӡара алыршахоит ҳәа».
Адгәыр Арӡынба: «Ҩаԥхьа аполитикатә кризис ҳашьҭахьҟа иаанҳажьит ҳәа ҳҳәар алшоит. Араҟа иҭабуп ҳәа раҳәатәуп аиҿцәажәаратә процесс алахәылацәа зегьы, насгьы, жәаҳәарада арҭ амшқәа зегьы рыҩныҵҟа рыҩны згәы иамыртәакәа абраҟа Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа ахыбреи Жәлар Реизара-Апарламент ахыбреи рҿаԥхьа игылаз ауаа зегьы. Ари ажәлар рҭаххра аарԥша ауп. Уи иахьа инагӡахеит. Ҳәарада, сколлегацәа рҟынтәи аӡәгьы ас еиԥш ахҭысқәа рыҟалара, аҭагылазаашьа аибарххара ҟалар иҭахӡамызт. Насыԥла, ҳгәаанагарала атәылаҿы аполитикатә ҭагылазаашьа аҭышәынтәалара алзыршо аконсенсус аԥшаара алыршахеит.
Ҳара азинтә ҳәаақәа рахь ҳхынҳәит, аринахысгьы Аконституциа ҳақәныҟәаны мацара аус ааулоит. Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп иахьа иҳабжьаҳҵаз аиқәшаҳаҭрақәа зегьы шынагӡахо. Уи зегьы зыҟаҵо ҳажәлар реизҳазыӷьара азы ауп. Иҭабуп идуӡӡаны».
Леуан Миқаа: «Ҳара ҩаԥхьа ҳҭоурых аҿы акыр иуадаҩу аетап ҳахысит. Зегьы ирыцку, иуадаҩу аексцессқәа рыда иахьымҩаԥысыз зегьы. Ҳара зегьы ҳтәылауаҩратә фырхаҵара, ахарахәыцра ааҳарԥшит. Аринахысгьы ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи зегьы ирзеиӷьасшьар сҭахуп ас еиԥш аибарххарақәа уаҳа иҟамларц. Ҳара зегьы – жәларык ҳауп».
Кан Кәарҷиа: «Ҩаԥхьа Аԥсны жәлар ртәылауаҩратә хдырра аадырԥшит. Ҳтәыла хәыҷы аҿы аамҭа-аамҭала ицәырҵуеит ауаа иуадаҩу аҭагылазаашьа алҵшьа зыԥшаауа. Ас еиԥш иҟоу уааны сара исыԥхьаӡоит аоппозициа аԥхьагылаҩцәеи Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәеи, хаҭала Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Ныгәзар-иԥа, иара убас ԥыхьатәи Аҳәынҭқарра Ахада иҟынтәи аиҿцәажәарақәа рахь иаашьҭыз аҷкәынцәа – Бадра Зураб-иԥа Гәынба, Давид Чич-иԥа Ԥлиа, Оҭар Михаил-иԥа Хьециа. Сара сгәаанагарала, иахьа инаркны зегьы ҿыц иалагароуп, ҳара ҳтәыла хәыҷы ҿыц аргылара ҳалагоит. Сара сгәы иаанагоит Аԥсны жәлар зегьы ааидгыланы зеиӷьаҟам, ишәҭыкакаҷуа аҳәынҭқарра аргылара рылшоит. Сара шәара зегьы сшәыдныҳәалоит».