Гәынба Бадра Зураб-иԥа диит 1981 шықәса нанҳәамза 14 рзы Аԥснытәи АССР Аҟәа ақалақь аҿы.
1998 ш. далгеит Аҟәа ақ. абжьаратәи ашкол № 20, дҭалеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аекономикатә факультет.
1999 ш. диасит Н.И. Вавилов ихьӡ зху Саратовтәи аҳәынҭқарратә аграртә университет «аҳасабеилыргаратә ԥхьаӡареи аудити» рзанааҭ, далгеит 2003 ш.
2003 шықәса ԥхынҷкәынмза инаркны 2004 шықәса нанҳәамзанӡа УА Саратов ақалақь администрациа аусбарҭа асоциалтә усхки аппарати рфинансркра аҟәша аспециалист хадас дыҟоуп.
2004 нанҳәамза инаркны 2006 шықәса жәабранмзанӡа Саратов ақалақь администрациа Октиабртәи араион афинанстә ҟәшаҟны еиуеиԥшым амаҵурақәа ааникылон.
2005 шықәсазы ианашьоуп УА 3 акласс иаҵанакуа амуниципалтә абжьгаҩ еиҵбы иквалификациа аҩаӡара.
2005 шықәса жәабранмза инаркны 2006 шықәса жәабранмзанӡа Саратовтәи арегионалтә институт аҟны АПЗ (АПК) анапхгаратә кадрқәеи аспециалистцәеи реиҭазыҟаҵареи рыквалификациа аизырҳареи рзы апрофессионалтә аиҭазыҟаҵара дахысит «зинла аиқәыршәара аиҿкаара» азанааҭ ала.
2007 шықәсазы Н.И. Вавилов ихьӡ зху Саратовтәи аҳәынҭқарратә аграртә университет аҟны акандидаттә диссертациа ихьчеит «аекономикеи жәлар рынхамҩа напхгараҭареи» рзанааҭ аҟны «Аарыхра ашәага-загақәеи ақыҭанхамҩатә аалыҵ ахархәареи реишьашәалара аекономикатә ҳәаақәҵара: Саратовтәи аобласт аҿырԥшрала» атемала.
2007 шықәса цәыббрамза инаркны 2009 ажьырныҳәамзанӡа - Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара азинтә зҵаарақәа рзы референтс дыҟоуп.
2009 шықәса ажьырныҳәамза инаркны 2011 жьҭаарамзанӡа Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура аминистр ихаҭыԥуаҩыс дыҟоуп.
2011 шықәса жьҭаарамза инаркны 2014 шықәса жьҭаарамзанӡа Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура аминистрс дыҟоуп.
2015 шықәса инаркны 2020 шықәсанӡа анаплакратә усура инапы алакын
2020 шықәса хәажәкырамза 22 инаркны Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩыс дыҟоуп.
2020 шықәса мшаԥымза 23 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ имаҵура дахагылеит.
Дҭаацәароуп, ҩыџьа аԥацәа имоуп.