Аҟәа. Абҵарамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацуразы аофициалтә Хаҭарнакреи Аԥсны агеографиатә еилазаареи Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети еицеиҿыркааит Аурыст географиатә Еилазаара X Жәларбжьаратәи арккаратә акциа – Агеографиатә диктант – 2024.
Агеографиатә диктант мҩаԥысуеит есышықәса 2015 шықәса инаркны. Жәы-шықәса рыҩныҵҟа ари акциа рхы аладырхәит 3,6 миллионҩык инареиҳаны.
Аԥсны, ашколхәыҷқәа, астудентцәа, уи азы агәазыҳәара змаз зегьы ҩ-плошьадкак рҿы – Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацуразы аофициалтә Хаҭарнакреи Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университети рҿы иарбоу акциа рхы аладырхәыр рылшон.
Акциа зынӡа рхы аладырхәит аҵараиурҭақәа 8 рҟынтәи 237-ҩык рҟынӡа ашколхәыҷқәеи астудентцәеи. Акциа алҵшәақәа еилкаахоит ԥхынҷкәын 12 рзы, урҭ асаит аҿы икьыԥхьхоит.