АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Абҵарамза 17,  2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра абҵара 15 рзы аҭыԥ змаз ахҭысқәа азакәантә мчра ахҳәаразы аҽазышәара аҳасабала иахәаԥшуеит. Иҟалаз ҳҳәынҭқарра жәларбжьаратәи ахаҿсахьа ааха анаҭоит, ҳстратегиатә ҩыза – Урыстәылатәи Афедерациеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа иҽеимкәа ианыруеит.

Аҟәа. Абҵарамза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. «Аҭагылазаашьа ҭышәынтәалахоит, ҳара зегьы уи азин мҩахь иҳаргьежьуеит», –  ҳәа аиҳабыра алахәылацәа алархәны Тамшь имҩаԥигаз аусуратә еилатәара аҿы аҳәамҭа ҟаиҵеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.  

«Аҳәынҭқарра Ахадеи анапхгареи рахҳәара аҽазышәара шыҟазгьы, шәареи ҳареи ҳусура иацаҳҵоит, уимоу, иҳарӷәӷәоит. Аҳәынҭқарра Ахада идҵақәеи иқәҵарақәеи нашәыгӡала», — ҳәа иҳәеит иара. Аслан Бжьаниа аминистррақәеи ахылаԥшырҭақәеи рнапхгаҩцәа рықәыӷәӷәара алыршатәӡам ҳәа иԥхьаӡоит.  

«Дыҟоуп Аҳәынҭқарра Ахада, иҟоуп азакәан, иҟоуп Аԥсадгьыл, уи ҳара иҳахьчароуп», – ҳәа иҳәеит иара. Уи иара убас амчратә структурақәа русзуҩцәа зегьы аҭыԥқәа рҿы иҟоуп, рмаҵуратә уалԥшьа нарыгӡоит ҳәа иазгәеиҭеит.  

Аԥсны амедицинатә усбарҭақәа зегьы абжьааԥнытәи арежим ала аус руеит, ҳәа адырра ҟаиҵеит агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.

«Агәабзиарахьчара Аминистрра абжьааԥнеиԥш аус ауеит. Сара сҭелқәа аҿакуп, сымадаразы уадаҩра ыҟаӡам», – ҳәа иазгәеиҭеит Едуард Быҭәба.

Уи абҵарамза 15 рзы анапхгаратә хыбрақәа ркомплекс аҿаԥхьа иҟалаз аидысларақәа раан зынӡа еиуеиԥшым ахәрақәа рыманы ареспубликатә хәышәтәырҭа Хада иадҵаалеит 14-ҩык атәылауаа ҳәа Аҳәынҭқарра Ахада адырра ииҭеит. Зегьы иахәҭоу амбулатортә еиԥш астационартә  медицинатә цхыраара роуит.

Афымцамчи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба Аԥсны афымцамч азы аҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит.

Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит иааиуа амчыбжь анҵәамҭазы 650 миллион мааҭ раҟара шшәатәу Аԥсны фымцамчыла ашықәс нҵәаанӡа аиқәыршәаразы.

Уи адагьы Џьансыхә Нанба Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза атехникатә ган ала аҳаирпланқәа рыдкылара иазхиоуп ҳәа адырра ҟаиҵеит.

Аҟәа. Абҵарамза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Тамшь ақыҭан имҩаԥысит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи идгылаҩцәеи реиԥылара. Иара ицын атәыла Ахада Ихаҭыԥуаҩ, Апарламент Аиҳабы, гәыԥҩык адепутатцәа, аиҳабыра рхаҭарнакцәа.

Тамшь ақыҭа ашкол адәаҿы еизаз рҿаԥхьа дықәгыло, Аслан Бжьаниа иҳәеит:  

«Ҳыҭыр зқәу аҩызцәа, закәанмҩала иалху Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада  Аԥсны дыҟоуп, џьаргьы далҵны дымцаӡеит. 2014 шықәсазы иҟалаз асценари (2014 шықәсазы иҟалаз ахҭысқәа ирыхҟьаны, атәыла ахада Александр Анқәаб иҭакԥхықәра аанижьит, АП азгәаҭа.) еиҭаҟалаӡом. Аҳәынҭқарра Ахада иҭакԥхықәра ааныжьразы изакәантәым аӡбара рыдыркыларц азы адепутатцәа рҟны ақәыӷәӷәара ду ыҟоуп», - ҳәа иҳәеит иара.  Раԥхьа иргыланы исҳәарц исҭаху, ас еиԥш аӡбамҭа рыдыркылаӡом, иҩбахаз, уи рыдыркыланы иҟаларгьы, иара анагӡара аиуӡом.

Сара исҭахӡам иахьа Шәара агәаанагара шәурц сара амаҵураҭыԥ сахьынҳалоуп ҳәа. Мап, сара исҳәарц исҭаху абри ауп: аконституциатә форма змоу аҿиара ҟамлар, ҳара Аконституциа еилаҳго ҳалагар, иахьатәи апроцессқәа азинтә мҩахьы иаҳмыргьежьыр, ҳҳәынҭқарра аиқәырхара акыр ицәгьахоит.  Убри аҟнытә  аҳәынҭқарратә мчра ахҳәара рҽазысшәаз анапхгаратә хыбрақәа ааныжьны иқәҵыроуп, убри ашьҭахь сара алхрақәа  рымҩаԥгареи  ԥхьатәара сышцои рзы аӡбамҭа сыдыскылоит.  Атәыла аамҭала напхгара аиҭалоит атәыла Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба. Сара  алхра ҿыцқәа раан скандидатура ақәыргылара сазхиоуп, усҟан ауаа рхала ирҳәааит хадас иалырхуа. Ажәлар иалырхуа ала аиаша шьақәгылааит. Араҟа уаҳа даҽакала аҭагылазаашьа алҵшьа амаӡам.  Иҭабуп шәахьысзыӡырҩыз».

Аҟәа. Абҵарамза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут абҵарамза 15 рзы анапхгаратә хыбрақәа рҿаԥхьа иҟалаз аидысларақәа рҿы ааха зауз, Ареспубликатә хәышәтәырҭа Хада аҿы ишьҭоу иҷыдоу аҟәшеиҵа ахаҭарнак диҭааит.

Роберт Киут аруаҩ иааирԥшыз апрофессионалра азы иҭабуп ҳәа еиҳәеит..

«Сара даара сеигәырӷьоит ҳаҷкәынцәа зегьы иахьа абас еиԥш агәазҭазаара ахьрымоу, рыпрфессионалтә уалԥшьа анагӡара азы иахәҭоу зегьы ахьыҟарҵо. Аҳәынҭқарра Ахада аҭыԥ аҿы дыҟоуп, ҳара зегьы закәанла иҳаду ҳнапынҵақәа наҳагӡоит, зегьы маншәалахоит, ҳажәлар цхыраарада  иаанҳажьӡом.

Аҟәа.  Абҵарамза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ашьыжь, абҵарамза 16 рзы, атәыла агәабзиарахьчара аминистр Едурд Быҭәба абҵарамза 15 рзы анапхгаратә хыбрақәа ркомплекс аҿаԥхьа иҟалаз аидысларақәа раан ааха зауз дырҭааит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.

Аминистр апациентцәа ргәабзиара аҭагылазаашьа азы адырра ирҭеит. Зынӡа еиуеиԥшым ахәрақәа рыманы ареспубликатә хәышәтәырҭа Хада иадҵаалеит 14-ҩык атәылауаа.  Зегьы иахәҭоу амбулатортә еиԥш астационартә  медицинатә цхыраара роуит.

Аҟәа. Абҵарамза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 16 рзы   иналукааша аҵарауаҩ, археолог, аҟазара аусзуҩ, аҟазарадырра адоктор, апрофессор Леонид  (Лео) Алеқсеи-иԥа Чачба-Шервашиӡе (16.11.1910 - 23.07.2003 шш.) диижьҭеи 114 шықәса ҵит.

Иара аҭауад Алеқсеи Дырмит-иԥа Шервашиӡеи Тереза Мырзаҟан-иԥҳа Лакербаи рԥа иакәын. Диит Париж ақалақь аҿы, аха 1916 шықәсазы иара иҭаацәа хынҳәуеит Аԥсныҟа.  Лео Чачба данқәыԥшыз инаркны асахьаҭыхратә ҟазареи алитературеи акыр дрызҿлымҳан, аинтересс икын. Абызшәақәа рҵара даналага, иара ибзиаӡаны идыруа далагеит аурыс бызшәеи афранцыз бызшәеи, идыруан аԥсуа бызшәеи ақырҭуа бызшәеи. Аҵара иҵон Тифлисстәи афранцызтә лицеи аҿы, ԥыҭрак ашьҭахь Аҟәатәи аԥсуа школ аҿы, анаҩс Аҟәатәи аиндустриалтә техникум аҿы. Данқәыԥшыз Леонид аԥсуа лакәқәа рзы аиллиустрациақәа аԥиҵеит, аԥсуа нбан, иара убас А.Фадеев ииҩыз аҭоурых азы арҵагашәҟәы асахьаҭыхҩыс дҟалеит. 1936 шықәсазы иара иҵара иациҵеит Аихамҩатә транспорт азы  Қарҭтәи Аинститут аҿы, аамҭак ала Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә археологиеи аетнографиеи рмузеи аҿы аус иуан.  Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аан Леонид Шервашиӡе афронт аҿы деибашьуан, ахәрагьы иоуит. 1945 шықәса инаркны иара Кавказнҭыҵтәи аихамҩа Аусбарҭа аҿы аус иуан, хышықәса рышьҭахь ақырҭуа ҟазара Аинститут аспирантура дҭалеит, уаҟа уи ашәышықәсабжьаратәи аҿыханҵа атәы иҵон.   

1951 шықәса инаркны иара убри аинститут аҿы анаукатә усзуҩ еиҳабыс аус иуан.  1957 шықәса инаркны  1974 шықәсанӡа  Леонид Алеқсеи-иԥа Дырмит Гәлиа ихьӡ зху абызшәеи алитературеи аҭоурыхи рзы Аԥснытәи Аинститут аҿы анаукатә усзуҩ еиҳабы имаҵураҭыԥ аҿы, анаҩс археологиеи аҟазареи рыҟәша аиҳабыс аус иуан.  Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аҿы, анаҩс Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә Университет аҿы (1965 – 1992 шш.) антикатә литература аҭоурых азы алекциақәа дрыԥхьон, иара убас Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа аҿы рҵаҩыс аус иуан.

Лео Шервашиӡе инаукатә усура аусхкқәа жәпакы амҽханакуан: ашәышықәсабжьаратәи аҿыханҵа, археологиеи архитектуреи, иара убас иҿыцӡоу аҟазареи. Аԥснытәи акультура абаҟақәа рыҭҵаара аус аҿы иара илагала ахә ашьара уадаҩуп. Иара ила иаарԥшыз, иҭҵааз аҭоурыхтә обиектқәа жәпакы аҟазараҭҵааратә литература аҿы рхатә ҭыԥ ааныркылеит. Адгьылхыхьтәи аҭҵаарақәа реиԥш иара ажәытәӡатәи Аҟәа аӡаҵантәи археологиатә обиектқәагьы ҭиҵаауан, аӡаҵатәи аргыламҭақәа рыхсаала еиқәиршәеит. 

Аҟәа. Абҵарамза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа инапынҵақәа рышьҭаҵара мап ацәикит. Аслан Бжьаниа идгылаҩцәа рахь ихы рханы Аԥсны анапхгара аринахысгьы русура шынарыгӡо азы ааԥхьара ҟаиҵеит. «Иахьа имҩаԥысыз ахҭысқәа ҳреспублика ҩаԥхьа даара иуадаҩу апроблемақәа азцәырнагеит.

Аҟәа. Абҵарамза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. «Ҩаԥхьа атәыла анапхгареи аоппозициеи реиҿагылара ҳара зегьы акыр ишәарҭоу аҭагылазаашьа ҳҭанаргылеит – Арсепублика Аԥсны аҳәынҭқарратә шьақәгылара ашәарҭара иҭагылоуп! Аҳәынҭқарратә мчреи анапхгараҭареи ринститутқәа русура аиԥҟьара  - ари атәыла аҿы иҟоу апроблемақәа рыӡбара ахь уназго мҩаны иҟам». Абри атәы аҳәоит Ауаажәларратә Палата Аҳәынҭқарра Ахада, Жәлар Реизара-Апарламент,атәыла Анапхгара, иара убас аполитикатә партиақәа рахь иҟанаҵаз ааԥхьара аҿы.  

«Аԥсуа жәлар иреиӷьу рҵеицәа ршьала иааргаз аҳәынҭқарратә шьақәгылара, асуверенитет, ахьыԥшымраҳауаажәларратә еилазаареи зегьы рзы акырӡа аанагоит», - ҳәа аҳәамҭа ҟарҵоит Ауаажәларратә Палата алахәылацәа.

Ауаажәларратә Палата иарбоу аполитикатә еиҿагылара иалаху аганқәа зегьы рахь аимак аӡбаразы аиҿцәажәара мҩаԥыргарц, иҟоу аиҿагылара азинтә ҟазшьа иазыдырхынҳәырц азы ааԥхьара ҟанаҵеит. «Ажәлари ареспубликеи рлахьынҵазы аҩ-ганкгьы аҭакԥхықәра рыдуп, убри аҟнытә иҟоу аиҿагылара азинтә ҟазшьа иазырхынҳәтәуп», -ҳәа иазгәаҭоуп ааԥхьара атекст аҿы.

Аҟәа. Абҵарамза 14, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра иахьа, асааҭ 15:20 рзы, Израильтәи аҳаиртә мчқәа аоккупациа зызуу шьамтәылатәи Голан аҟынтәи ажәылара иҟарҵаз инамаданы аҳәамҭа ҟанаҵеит. Дамаск араион Мезеи, Дамаск араион Кудсаии, Дамаск иаԥну ақыҭаҭыԥқәеи рҿы анхарҭатә хыбрақәа жәпакы ааха рырҭеит, иҭахеит жәохәҩык рҟынӡа ауаа. Жәафҩык ауаа ааха роуит, аҳәсеи ахәыҷқәеи уахь иналаҵаны. Анхарҭатә ҭыԥқәеи ааигәа-сигәа игылаз аҩнқәеи ааха ӷәӷәа роуит.

Дамаск иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа азааигәара Мезе араион иалахысит. Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа амазаратә ԥхасҭа аиуит: аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ икабинет асаркьа ԥҽуп, иара убас Ацҳаражәҳәарҭа актәи аихагылаҿы асаркьашәқәа ԥҽуп. Насыԥны, Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа аӡәгьы ааха имоуӡеит. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа адагьы, Шьамтәылатәи Арабтә Республика аҳҭнықалақь аҿы иҟоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата аофициалтә хаҭарнакра.

Аҟәа. Абҵарамза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы  Азинмчы змоу Анас Кьышьмариа Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа рахь, ауаажәларра рҿы иҟоу аиҿагылареи, аҭагылазаашьа аибарххареи инарымаданы атәылаҿы аилаҩынтрақәа хацзыркуа азҵаарақәа  рыхәаԥшра, ааигәа имҩаԥысраны иҟоу  Ареспублика Аԥсны Ахада иалхрақәа рҟынӡа анаскьагара   алдыршарц азы ааԥхьара ҟалҵоит. «Иара убри аамҭазы азинхьчаратә усбарҭақәа рахьгьы ааԥхьара ҟасҵоит азин еилазгаз рганахьала амч ахархәара азԥхьагәазҭо аҭагылазаашьа аан иҟоу азакәанқәеи ауснагӡатәқәа реизышәазаара апринципқәеи  рықәныҟәара ахымԥадатәра азы», – ҳәа аҳәамҭа ҟалҵеит аомбудсмен. Уи иара убас аоппозициа аԥызацәеи апротестә акциа алахәылацәеи  рахьгьы азакәан аҳәаақәа ирҭагӡаны ахымҩаԥгареи амч ахархәара мап ацәкреи рзы аҳәара ҟалҵоит.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.