Адепутатрахь акандидатцәа рықәыргылара зылшо алхратә еиҿкаарақәеи алхыҩцәа раԥшьгаратә гәыԥқәеи роуп.
Азакәан инақәыршәаны алхратә еиҿкаара азин амоуп кандидатк алхратә округ аҟынтәи иқәыргылара.
Анаплакқәа, аусбарҭақәа, аҵараиурҭақәа рколлективқәа, аҭыԥ аҿы инхо алхыҩцәа ралхратә еиҿкаара аизара азимчы амоуп ҳәа иԥхьаӡахоит уи 50-ҩык иреиҵамкәа алхыҩцәа алахәызар.
Алхыҩцәа раԥшьгаратә гәыԥ аҟынтәи акандидат иқәыргылараан хәҩык иреиҵамкәа излахәу аԥшьгаратә гәыԥ аԥырҵароуп.
Алхыҩцәа ргәыԥ ақалақь, араион, араион иалоу ақалақь, аҳабла, ақыҭа иатәу алхратә комиссиа аҿы ашәҟәҭагалара иахысуеит.
Ақалақь, араион, араион иалоу ақалақь Аизара адепутатрахь акандидат иқәыргылара азы алхыҩцәа ргәыԥ ала акандидат идгыларазы 50 иреиҵамкәа, аха убри аан 70 иреиҳамкәа аокруг алхыҩцәа рнапынҵақәа реизгара алнаршароуп, аҳабла, ақыҭа Аизара ахь акәзар – 10-ҩык иреиҵамкәа алхыҩцәа рнапынҵақәа.