АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Абҵарамза 7, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Очамчыра араион Џьгьиарда ақыҭан  афершар-акушертә пункт ҿыц дыргылеит. 

Ажәытә хыбра авариатә ҭагылазаашьа аман, убри азы 2017 шықәсазы уи ықәыргеит, ахәҭакахала егьи ахыбра ҿыц аргыларагьы иалагеит. Аха аусурақәа аамҭала иаанкылан. Иҳаҩсыз ашықәс азы аҭыԥантәи ауааԥсыра аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирыцырҵеит.  

«Ҳара ҳқыҭауаа рымчқәа рыла ахыбра аиҭашьақәыргылара рҽазыршәон.

«2017 шықәсазы, Жәлар Реизара-Апарламент ԥыхьатәи ааԥхьара адепутат Даур Голанӡиа иаԥшьгарала аҿыц хыбра аргылара иалагеит: аҭыӡқәа шьҭырхит ахыб ақәырҵеит.

 2023 шықәсазы: Зураб Багаԥшь иҟаиҵаз ацхыраарала иԥхоу адашьма ықәырҵеит.   Ҭенгиз Гирџьынба афымцацәаҳәақә аназго ашьаҟақәа ргылараҿы ацхыраара ҟаиҵеит», – ҳәа еиҭалҳәеит ақыҭа Ахадара аусбаҩ Альбина Дочиа.

Уи ашьҭахь ақыҭа Ахадара Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Вахтанг Голанӡиа ишҟа ацхырара азы аҳәара ҟанаҵеит. Аиҭашьақәыргылара-ргыларатә усурақәа рхыркәшара азы ареспублиатә биуџьет аҟынтәи 2,5 млн. мааҭ инареиҳаны  иазоужьхеит.

Џьгьиарда ақыҭан иаадыртыз афершал-акушерттә пункт аҿы иҟоуп ахәыҷтәы, ахаԥыцхәшәтәырҭатә, аҿыкчымазарақәа ркабинетқәа, адкыларҭа, ашьышьмаҭреи асанеибаркыреи анхамҩатәи акабинетқәеи. Араҟа аус руеит ҩыџьа амедиаҳәшьцәеи ахаԥыцхәшәтәҩи ҳақьыми. Убас ала, ақыҭауаа ҳаамҭа иақәшәо, иманшәалоу аҭагылазаашьақәа рҿы раԥхьатәи амедицинатә цхыраара рыҭаразы еиқәшәоуп.

Џьгьиарда ақыҭан иаадыртыз афершал-акушерттә пункт аиҳабы, амедиаҳәшьа Асида Амҷба ишылҳәаз еиԥш, акыр шықәса инеиԥынкыланы лара ақыҭауаа аҩны ацхыраара рылҭон, уахынлоума, ҽынлоума, аӡәгьы мап ицәымкӡакәа. Шьҭа ақыҭауаа амедицинатә цхыраара роулоит ҳаамҭа иақәшәо, иахәҭоу зегьы рыла еиқәыршәоу, иԥхоу ахыбра аҿы.

Аҟәа. Абҵарамза 7, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Шьамтәыла иҟоу анапынҵа ҷыдақәеи азинмчнагӡеи змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Алии Шьамтәыла аекономикеи адәныҟатәи ахәаахәҭреи рминистр Моҳаммад Рабиа Кьалааџьи реиԥылара атәы

Шьамтәыла иҟоу анапынҵа ҷыдақәеи азинмчнагӡеи змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Алии Шьамтәыла аекономикеи адәныҟатәи ахәаахәҭреи рминистр Моҳаммад Рабиа Кьалааџьи реиԥылара атәы

Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы иҟоу анапынҵа ҷыдақәеи азинмчнагӡеи змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али диԥылеит Шьамтәыла аекономикеи адәныҟатәи ахәаахәҭреи рминистр, аекономикатә, ахәаахәҭратә, аҭҵаарадырратә усеицуразы Аԥсны-Шьамтәыла Аицеилак Шьамтәылатәи ахәҭа ахантәаҩы Моҳаммад Рабиа Кьалааџьи.

Аҟәа. Абҵарамза 4, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 3 азы Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы иҟоу анапынҵа ҷыдақәеи азинмчнагӡақәеи змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Алии Шьамтәыла Аминистрцәа Рхеилак ахантәаҩы Муҳаммад Гази Аль-Џьалалии реиԥылара мҩаԥысит.

Ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али Аԥсны Аҳәынҭқарра Шьамтәыла ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи, уи аҵакыратә акзаара ишрыдгыло, иара убасгьы атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа аҽрылагалара ишақәыӡбоу азгәеиҭеит.

Аиԥылараҿы иазгәаҭан Аԥсни Шьамтәылеи реизыҟазаашьақәа рыҿиареи рырӷәӷәареи иамоу аҵак ду, иара убасгьы аҩ-ҳәынҭқаррак рнапхгарақәа еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аҳәынҭқаррабжьаратәи аусеицура аҿиаразы иҟарҵо аҽазышәарақәа.

Аҟәа. Абҵарамза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамзазы ашәахтә шәатәқәа раҳасабала Аԥсны абиуџьет иалагалахеит 1 млрд 76 млн. 877,3 нызықь мааҭ. Убри аан, планла иазԥхагәаҭан 828 млн. 989,3 нызықь мааҭ.  Жҭаарамзазы аплан анагӡара 130% рҟынӡа инаӡеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра аофициалтә саит.

2024 шықәса 10 мыз рыла ашәахтә шәатәқәа раҳасабала Аԥсны абиуџьет иалагалаз аԥаратә хархәагақәа рзеиԥш еицҵалыҵ  5 млрд. 276 млн. 965,6 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Убри аан  планла иазԥхьагәаҭан 4 млрд. 528 млн. 619,1нызықь мааҭ.  Азԥхьагәаҭаратә рбагақәа рҟынтәи анагӡара 117% рҟынӡа инаӡеит.

2024 шықәса  10 мыз рыла араионқәа рҿы ашәахтә шәатәқәа ралагалара абасала ишьақәгылеит:

Аҟәа  ақалақь аҿы – планла иарбаз 2 млрд. 110 млн. 004,0 нызықь мааҭ аан, фактла иалагалахеит  2 млрд. 426 млн. 907,5 нызықь мааҭ, мамзаргьы даҽакала иуҳәозар  - 115%;

Гагра араион – планла иарбаз 1 млрд. 471 млн. 750,5нызықь мааҭ аан, фактла иалагалахеит 1млрд. 632 млн. 201,8 нызықь мааҭ, мазаргьы дыҽакала иуҳәоза  - 111%;

Аҟәа. Абҵарамза 05, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа А. С. Пушкин ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратә школ №2 арҵаҩцәа идикылеит.  Арҵаҩцәа аҳәара ҟарҵеит руалафахәқәа риура инамаданы ицәырҵыз ауадаҩрақәа рыӡбаразы. Аҳәынҭқарра Ахада иаразнак иҟарҵаз аҳәара дахаҵгылеит.

Аиԥылара иалахәын аҵара аминистр Инал Габлиа, Аҟәа Администрациа Ахада Беслан Ешба.

Арҵаҩцәа Аҳәынҭқарра Ахада иарҳәеит ауалафахәы нхарҭәааны аиураҟны иҟалаз ауадаҩрақәа ртәы.

Аҳәынҭқарра Ахада аҵара аминистри аҳҭнықалақь ахадеи ирыдиҵеит азҵаара аҭҵаареи аамҭа кьаҿк иалагӡаны аус аӡбаразы адырра ирҭарц.

Аҟәа. Абҵарамза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа есышықәса имҩаԥысло аерман культуреи абзазареи рфестиваль «Амшен» далахәын. 

Сынтәа аныҳәа мҩаԥысуеит Гәылрыԥшь араион Ԥшьаԥ ақыҭан. 

Аҳәынҭқарра Ахада аерман чыс ахьцәыргаз ареспублика араионқәа рпавильонқәа дырҭааны ибеит.

Аслан Бжьаниа Аԥсны иқәынхо ажәларқәа зегьы аҭынчреи аизҳазыӷьареи рзеиӷьеишьеит. 

Анаҩс имҩаԥысит аныҳәатә ҟазшьа змаз аусмҩаԥгатә, ара аҳәынҭқарра Ахада иқәгылараҟны адныҳәалара ҟаиҵеит. 

Аҟәа. Абҵарамза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба Аԥсуа телехәаԥшра аефир аҿы адырраҭара «Аргама» аҿы дықәгыло Аԥсны аенергетикатә усхкы аҿы иҟоу аҭагылазаашьа атәы еиҭеиҳәеит.

Џьансыхә Нанба аенергетикатә усхкы аҿы еиҳа иуадаҩу х-проблемак дырзааҭгылеит. Уи афымцач адефицит, афымцанхамҩа иуадаҩу аҭагылазаашьа, иара убас, жәаҳәарада,  афинанстә дисциплина ауп.  

«Аԥсны азы агенерациа азы аобиект хаданы иҟоу Егрытәи Аӡфымцатә Станциа ауп. Уи иуадаҩу аӡфымцатә станциа ауп, иара асовет аамҭазы иргылан, нысгьы иара иуникалу обиектуп ҳәа азуҳәаратәы иҟоуп.  Агидроенергетика, зегы ишыжәдыруа еиԥш, аӡы иадҳәалоуп. Ҳгеографиатә  ҷыдарақәа ҳасаб азуны уахәаԥшуазар , Џвартәи Галтәии аӡеизакырҭақәа рҿы иҟоу аӡы аҩаӡара ашықәс аамҭақәа акыр иадҳәалоуп. Рыцҳарас иҟалаз, аҵыхәтәантәи 15 шықәса  рыҩныҵҟа   шьҭа традицианы иҟалеит ҭагалан-аӡынтәи аамҭахәҭа азы ҳара Џьвартәи аӡеизакырҭа аҿы аӡы азымхара иадҳәалоу апроблема ахьҳазцәырҵуа. Уи иахҟьаны агенерациа амҽхак еиҵахоит, уи ахҩара азы  ҳара егьырҭ ахыҵхырҭақәа рхархәара ҳалагоит. Иарбоу аҭагылазаашьа аан ҳара Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи афымцамч аиагара ҳалагоит», – ҳәа адыра ҟаиҵеит Џьансыхә Нанба. 

Иара иажәақәа рыла, атәыла анапхгара даара мҽхакы ҭбаала аусура мҩаԥнагеит, Урыстәылатәи Афедерациагьы аамҭа зегьы иалагӡаны  Аԥсны  иарбоу азҵаараҿы адгылара анаҭоит.

«Иҟоуп ауснагӡатәқәа разԥхагәаҭаратә план Аԥсны аенергосистема аҭагылазаашьа аҭышәынтәалара азы.  Уи иарбоуп ҳара хәыда-ԥсада иҳауо афымцач ашәгаақәа. Уи асоциалтә ииагара ҳәа изышҭоу ауп, аха уи азхаӡом,убри аҟнытә ҳара акоммерциатә хәыԥса ала афымцамч аиагара мҩаԥаагалароуп.   Убас ала, актәи апроблема –  агенерациа азы иахәҭоу еӡытә ресурсқәа рыҟамзаара ауп», – ҳәа иҳәеит Џьансыхә Нанба.

Аҩбатәи апроблема – афымцатә нхамҩа иуадаҩу аҭагылазаашьа ауп.

«Уи астанцеиҵақәеи аиагаратә цәаҳәақәеи аихшаратә ҳақәеи роуп. Ҳара ҳенергосистема даара аҭагылазаашьа уадаҩуп. Уи акәша-мыкәша ирацәаны ацәажәарақәа ыҟан, иахьагы иҟоуп. Иҟоуп аексперттә лкаақәагьы», –  ҳәа иҳәеит Џьансыхә  Нанба.

Аҟәа. Абҵарамза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аԥснытәи Ателерадиоеилахәыра аколлективи анапхгареи ателехәаԥшра аԥҵара ҟалеижьҭеи 46-шықәса аҵра рыдиныҳәалеит.

«Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа, ишәыдысныҳәалоит  Аԥсуа телехәаԥшра аԥҵара ҟалеижьҭеи 46-шықәса аҵра! Ари, аиашазы ҳаԥсадгьыл ԥхьаҟатәи аԥеиԥш иадҳәалаз ахҭыс амилаҭтә-хақәиҭратә қәԥара иалҵшәахеит, уи ахықәкы хадақәа–аԥсуа етнос аиқәырхара, ажәлар шьаҭанкылатәи аинтересқәа рыхьчареи  Аԥснытәи аҳәынҭқарра ашьақәгылареи акыр иацхрааит. 

Аҟәа. Абҵарамза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны идуу амаининг-фермақәа ыҟаӡам, ҳәа Аԥсуа телехәаԥшра аефир аҿы аҳәамҭа ҟаиҵит Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба.

Иара иазәеиҭеит, Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵала, иҳаҩсыз  ашықәс азы изакәанымкәа акриптовалиута арҳара аԥхьырҟәҟәаара азы аоперативтә штабқәа аԥҵан ҳәа.

«Ҳазҭоу ашықәс актәи азыбжазы ҳара АУН «Амшынеиқәафымцач» аспециалистцәа ҳацны «стресс-тест» ҳәа изышҭоу аусмҩаԥгатә  мҩаԥаагеит. Иалкаау атехникатә уснагӡатәқәак ирылҵшәаны амаинерцәа инырхәо афымцамч амҽхак еилкаахеит  –  40-45 мегаватт.  Ари акыр идуу афымцамч амҽхак ауп». – ҳәа иҳәеит Џьансыхә Нанба.   

Аҟәа. Абҵарамза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аџьынџьуаа аԥсадгьыл ахь рырхынҳәразы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа напхгара зиҭо аԥснытәи аделегациа Каир ақалақ аҿы, Египет иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ  Георги Борисенко иԥылеит, – ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭеилакы апресс-маҵзура.

Вадим Ҳаразиа Георги Борисенко изеиҭеиҳәеит аԥснытәи аделегациа Египет аҭаара хықәкы хадас иамоу атәы. Уи – Аԥснытәи акультуратә Цент Каир ақалақь аҿы аԥҵара иадҳәалоу азҵаарақәа рыӡбара ауп.

Аиԥылараҿы Египет иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа аԥснытәи аџьынџьуаа  (милаҭла иаԥсыуоу Египет атәылауаа) рзы зда урҭ рҭоурыхтә ԥсадгьыл аҭааразы аҭагылазаашьақәа раԥҵара амуа атранзиттә визақәа реиқәыршәара аганахала  Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа ацхыраара иалацәажәеит.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.