АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 16:51

Вараздат Миносиани Беслан Џьопуеи Очамчыреи Гәылрыԥшьи араионқәа рҿы аус зуа аграртә наплакқәак ирҭааит.

Аҟәа. Цәыббрамза 17, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ  Вараздат Миносиани ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуеи Очамчыреи Гәылрыԥшьи араионқәа рҿы аус зуа аграртә наплакқәак ирҭааит. Абри азы адырра ҟанаҵоит аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура. 

Кындыӷ ақыҭан урҭ иаҭааит ацха араӡареи аҭаҭәареи  рзы азауад, иара убас арԥхаратә нхамҩа «Кындыӷ-Агро».

2017 шықәсазы аусура иалагаз арԥхаратә нхамҩа аспециалистцәа разымхара иахҟьаны атехнологиатә уадаҩрақәа ирықәшәахьан. Аха уажәы  ари арԥхаратә нхамҩа 300 -500 тонна  аҩныҵҟатәи аџьармыкьа ахь ицәырырго еиԥш експорт ҳасабла Краснодартәи атәылаҿацә ахь ииарго аалыҵ ҭнажьуеит.

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩи  ақыҭанхамҩа аминистри иара убас иаҭааит аԥсыӡ ааӡара иазку Иаарту Аокционертә Еилазаара  Еилаху Анаплакы «Аквафуд». 2024 шықәсазы ари анаплакы иҭнажьыз 30 тонна аалыҵ аҭыԥантәи аџьармыкьақәа рҿы ирҭиит. Иаарту Аокционертә Еилазаара «Аԥснытәи ацитрусттә еилазаара» («Абхазская цитрусовая компания»)  – ари альготатә кредитҭара апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны урыстәылатәи абанкқәа рыла зфинансыркра мҩаԥысуа апроект ауп. Уи иалагалаз аинвестициақәа рхышәа-ҵышәа – 800 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Иазԥхьагәаҭоуп 20 нызықь тонн инарзынаԥшуа ацитрусттә шәырқәа ашәырӡы, аџьемқәа, амармелади аконфеҭқәеи рҭыжьразы аус адулара.   Иара убас аилазаара ацитрусттә шәырқәа ауааԥсыра рҟынтәи иаднакылалоит, урҭ ркалибровка, рырзақәреи анаҩс Аушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Ԥсоу» иахыганы аҵыхәтәантәи ахархәаҩ иҟынӡа рытранспартировкеи мҩаԥнагалоит.


Read 21 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.