АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 12:44

Жәлар Реизара-Апарламент адемократиатә институтқәа зырӷәӷәо, насгьы атәылауаа алхратә процессқәа рахь рыгәрагара шьҭызхуа иарбанызаалак аиҭакрақәа ирызхиоуп.

Аҟәа. Цәыббрамза 17, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 12 рзы Ареспублика Аԥсны Ауаажәларратә Палата аҿы алхратә закәанԥҵара ареформа амҩаԥгара азҵаара иазкны  аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи рнапхгаҩцәа реиԥылара мҩаԥысит.

Жәлар Реизара-Апарламент азинтә система арҿыцра иазырхоу аусура иахәҭакны иҟоу, аҳәынҭқарра азы ас еиԥш акыр зҵазкуа азҵаара ала аконструктивтә дискуссиеи агәаанагарақәа реимдареи иадгылоит.  

Убри аан, адепутатцәа реилазаара агәаанагарала, аиԥылараҿы  «Апарламент алхратә закәанԥҵара азҵаара ала апозициа аганахьала акала ишьаҭаркымыз, иаамсҭашәамыз аҳәамҭақәа   ҟаҵан».

«Апарламент  ареформа ихадоу аҿагылаҩны иҟоуп, адепутатцәа рхы иазеиӷьу мацара иашьҭоуп» ҳәа аҳәамҭақәа акала ишьақәырӷәӷәам, абжьахәаахәҭратә ҟазшьа змоу цәажәарақәоуп.

Ареспублика Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент – ари зусура аҳәынҭқарразаара арӷәӷәара, амилаҭтә шәарҭадара аиқәыршәареи атәылауаа рыбзанхареи иазырхоу азакәанԥҵаратә усбарҭоуп. Алхратә закәанԥҵара аиҭакра азҵаарақәа  мариаӡам, уи апопулисттә ҳәамҭақәа рыҟаҵара акәымкәа, ганрацәалатәи аҟазшьа змоу, ишәа-иза, аексперттә знеишьа зҭаху усуп. Иарбанызаалак ареформақәа хазы игоу аполитикатә гәыԥқәа ринтерессқәа рӡыргара акәымкәа, аҳәынҭқарра аҭышәынтәалареи аԥсуа жәлар зегьы ринтересқәа рыхьчареи иазырхазароуп», – ҳәа иаҳәоит Аԥсны иреиҳау азакәанԥҵаратә усбарҭа  апресс-маҵзура аҳәамҭа аҿы.

Аиаша иацәыхароуп иара убас адепутатцәа иарбоу ареформа аҿы рзинмчы аҽҳәара ацҵара азы ашәарҭара ацны ирбоит ҳәа аҳәамҭақәагьы.

«Аԥхьа иргыланы ҳара ҳхықәкы хаданы иҟоу – ажәлар рымаҵ ауреи ринтерессқәа рыхьчареи ауп. Ҳара адемократиатә институтқәа зырӷәӷәо, насгьы атәылауаа алхратә процессқәа рахь рыгәрагара шьҭызхуа иарбанызаалак аиҭакрақәа ҳрызхиоуп. Ҳара адиалоги ауаажәларра аконструктивтә мчрақәа зегьы рҟынтәи амилаҭтә интерессқәа ҳасаб азурала анагӡара зылшо ихшыҩрку ажәалагалақәеи рзы ҳаартуп», - ҳәа аҳәоит аҳәамҭа аҿы.

Жәлар Реизара-Апарламент ауаажәларра-политикатә процесс  алахәылацәа зегьы рахь аҭакԥхықәра аарԥшреи аимак-аиҿак зырҿио, Аԥсны жәлар закәанна иалырхыз аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәа равторитет ҵызшәаауа аҳәамҭақәа рҽацәырыхьчаларц ааԥхьара ҟанаҵоит. Прочитано 2 раз.

 

Источник: https://apsnypress.info/ru/home/novosti/item/17299-parlament-gotov-k-lyubym-izmeneniyam-kotorye-ukrepyat-demokraticheskie-instituty-i-povysyat-doverie-grazhdan-k-vybornym-protsessam.

© АПСНЫПРЕСС.


Read 11 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.