АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 17:43

Аҟәа ақалақь аҿы акцизатә дыргақәа змамыз 234 ҭоԥ инареиҳаны асигареҭақәа рымхра мҩаԥыргеит.

Аҟәа. Цәыббамза 17,  2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы акцизатә дыргақәа змамыз 234 ҭоԥ инареиҳаны асигареҭақәа рымхра мҩаԥыргеит.

Изакәанымкәа ахәаахәҭрахь инагаз атауар цәыббрамза 15 рзы ирыԥшааит  Адлеиба имҩала игылоу  адәқьан «Милан» аҿы. Иарбоу ахәаахәҭратә ҭыԥ аԥшәымас дыҟоуп хазхаҭалатәи аусдкылаҩ Милорава, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы апресс-маҵзура.

Аалыҵ аџьармыкьатә хәыԥса 62 090 мааҭ рҟынӡа инаӡоит.  

Аматериалқәа Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аусҭҵареи аҳазалхратә усеилыргарақәеи рыҟәша ахь инашьҭуп.


Read 19 times - Ахаша, 17 Цәыббра 2025 16:02
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.