АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 17:48

Роберт Кьиут аинновациатә наплакы «КлАСС» даҭааит.

Аҟәа. Цәыббрамза 17, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут   - хазхаҭалатәи акәылӡхьчара ахархәагақәа раԥҵареи рҭыжьреи назыгӡо урыстәылатәи анаука-ааглыхратә наплакы «КлАСС» даҭааит.   

Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистри Ареспублика Аԥсны иҟоу Урыстәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә хаҭарнак Сергеи Голенкови аиҿкаара аҭыжьратә лшарақәеи иҭнажьуа аалыҵи гәарҭеит. Анаплакы аинновациатә конструктортә ӡбамҭақәеи ҳаамҭа иақәшәо аматериалқәеи атехнологиақәеи рхархәарала хазхаҭалатәи акәылхьчара ахархәагақәа рҭыжьразы инагӡоу ацикл мҩаԥнагоит.

Аҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Роберт Кьиут анаука-ааглыхратә наплакы адиректор Хада Михаил Злыдневи аиҿкаара анапхгараҭареи  дырԥылеит.

Аиԥылараҿы Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Ирласны аҭакҟаҵаразы иҷыдоу аотриад аусзуҩцәа хазхаҭалатәи акәылӡхьчара ахархәагақәа рыла реиқәыршәара азҵаарақәа ирылацәажәеит.


Read 18 times - Ахаша, 17 Цәыббра 2025 15:35
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.