АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Абҵарамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи Аиашахаҵаратә Уахәама ҳамҭас иарҭеит  Ацқьа Иоанн Ахьҿы еицамкуа ибаҩ-ашаҩ. Ари амшхәыбзазаратә миссиа анагӡарала Аԥсныҟа дааит ҳџьынџьуаҩ Владимир Какоба.

Владимир Какоба иажәақәа рыла, Ацқьа Иоанн Ахьҿы еицамкуа ибаҩ-ашаҩ Италиантәи иааган, анаҩс урҭ Испаниаҟа идәықәҵан, аҵыхәтәаны, Анцәа иџьшьаны Аԥсныҟа аагара алыршахеит.

«Сара исҭахын Аԥсны акала сацхраарц, исҭахын араҟа зыԥсҭазааратә мҩа хзыркәшаз Иоанн Ахьҿы ибаҩ-ишаҩ араҟа наунагӡа иаанхарц. Иара араҟоуп иҭыԥ, уи Аԥсны аҭынчра ашьақәгылара иасимволхароуп. Ихашәымҵар ҟалап, аха сара исыздырӡомызт Аԥсныҟа аара арыцхә, аха абҵарамза 16 рзы абилеҭқәа анаасхәа ашьҭахь, ас еиԥш иҟаз иуадаҩыз аҭагылазаашьа аилашымҭаз, ҳшымгәыӷӡоз иаарласны аҭышәынтәалара ҟалеит, азҵаара ҭынчмҩала иӡбахеит», – ҳәа иҳәеит Владимир Какоба.

Ҳара ҳџьынџьуаҩ уажәаԥхьагьы ас еиԥш амиссиа анагӡарала Аԥсныҟа даахьан. Уаанӡа иара VI ашәышықәса иатәу Анцәа дзыхшаз Ацқьа Мариа лылацәеикәыԥсара Аныхабаа ахь иԥшьоу абер Нил Столобенски еицамкуа ибаҩ-ишаҩ ааигахьан, ааӡабхгаҩы, ахәшәтәҩы Пантелеимон, Ацқьа Трифони аԥшьаҩы Спиридон Тримифунтски еицамкуа, зҿаҳәатәы ҟалоз  Ацқьа Илииа рыбаҩ-ашаҩ Агәыӡера игылоу ауахәама ахь иааигахьан.

Аҟәа. Абҵарамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәаахьчаратә Усбарҭа 32 шықәса ахыҵит.  Аԥсны аҳәаахьчаратә архәҭақәа Аԥсны Адҵаҟаҵаҩ Хада Владислав Арӡынба иҭижьыз Аусԥҟа ала иаԥҵахеит абҵарамза 20, 1992 шықәса рзы.  Зеилазаара 120-ҩык асолдаҭцәеи 30-ҩык офицарцәеи рыла ишьақәгылаз аотриад Ԥсоу аӡиас ала инагоу Аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчара рыдҵан. 

Иахьа Аҳәаахьчаратә Усбарҭа иахьаҵанакуа Аусбарҭа анапхгаҩы Рустам Латипов инапхгарала ари арыцхә иазкны аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥысит.

Аҟәа. Абҵарамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 20 рзы иазгәарҭоит адунеизегьтәи ахәыҷы Имш. 

Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчара знапы Иану Мактина Џьынџьалԥҳа ахәыҷқәеи урҭ рҭаацәеи рандуцәеи рабдуцәеи абҵарамза 20 рзы иазгәарҭо Адунеизегьтәи ахәыҷы Имш рыдылныҳәалеит.

Адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Гәык-ԥсыкала ахәыҷқәа зегьы ирзеиӷьасшьоит агәабзиара, бзиа избо аҭаацәа, иҭәы-иԥха иҟоу аҩнаҭа, агәырӷьареи анасыԥи рыла игәылҭәаау ахәыҷра, аԥеиԥш бзиа.

Аҟәа. Абҵарамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иҭыжьуп Дырмит Гәлиеи Таиф Аџьбеи  рхьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиақәа рлауреат, ажурнал «Алашара» аредактор Хада Анатоли Лагәлаа ахәыҷқәа рзы ииҩыз ажәабжьқәа реизга «Арбаӷь ҟаԥшь».

Зтираж 500 екземплиар рҟынӡа инаӡо  ари ашәҟәы аҭыжьра алыршахеит агәыҳалалратә Фонд «Амшра» иҟанаҵаз адгылара иабзоураны.  Ашәҟәы ахь аллиустрациақәа ҟаиҵеит Гарри Дочиа. Аизга жә-жәабжьк рыла ишьақәгылоуп.

Аҟәа. Абҵарамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, афымцамчи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган,  аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба алархәны  аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩцәа напхгара зырҭо ахырхарҭақәа рыла аусура шцо азы адырра ҟарҵеит.  Аилатәара аҿы иахьатәи амш азы еиҳа актуалра злоу, Урыстәылантәи акоммерциатә шьаҭала иаауа афымцамч азы ашәатәқәа ианаамҭоу рымҩаԥгара азҵаара иалацәажәеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аҟәа. Абҵарамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба «Ареспублика Аԥсны аԥыза-министр ԥхьатәара ишьҭра азы» Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.

Аусԥҟа аҿы иаҳәоит:

««Ареспублика Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара (Анапхгара) азы Аконституциатә закәан ахәҭаҷ 7 инақәыршәаны:

Аҟәа. Абҵарамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба «Ареспублика Аԥсны аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо изы» Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.

«Ареспублика Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара (Анапхгара) азы» Аконституциатә закәан инақәыршәаны Бганба Валери Рамшьыхә-иԥа аԥыза-министр инапынҵақәәа рынагӡара идҵоуп. Ари амаҵураҿы иара диԥсахит Александр Анқәаб.

Аҟәа. Абҵарамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 20 рзы  — раԥхьатәи аԥсуа поетесса, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, Аԥсны ахәыҷтәы Фонд аԥҵаҩы Нелли Золотинска-иԥҳа Ҭарба (20.11.1934 – 29.01.2014) диижьҭеи  90 шықәса ҵит.  

Нелли Золотинска-иԥҳа диит абҵарамза 20, 1934 шықәсазы Дәрыԥшь ақыҭан.

Дәрыԥшьтәи ақыҭашкол хьтәы медалла даналга ашьҭахь 1954 шықәсазы дҭалеит М.Горки ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә Институт афилологиатә факультет. Аҵараиурҭа даналга ашьҭахь лара акыр шықәса аҳәынҭқарратә ҭыжьырҭа «Алашара» аҿы аредакторс, анаҩс адиректор ихаҭыԥуаҩыс аус луан. Лара аредакторра, ашәҟәыҩҩцәа рырҿиамҭақәа аҭыжьразы аиқәыршәара, Аԥснытәи ашколқәа рырҵагатә литература аиқәыршәара акыр аџьабаа адылбалахьан. Акьыԥхь аҿы лажәеинраалақәа раԥхьаӡа акәны ицәырҵит 1952 шықәсазы. Раԥхьатәи лажәеинраалақәа реизга «Бзиа избоит амҩа» («Я люблю пути-дороги») 1955 шықәсазы иҭыҵит. Аамҭак ашьҭахь уи иашьҭанеиуеит ашәҟәқәа «Ааԥынра агәы», «Ақәыԥшреи агәҭыхеи», «Аԥа», «Бзыԥтәи аповест» уҳәа убас ирацәаны.

Аҟәа. Абҵарамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аректор Алеко Гәарамиа урыстәылатәи иколлега – академик Виктор Анатоли-иԥа Садовничи М. В. Ломоносов ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә Университет аректор Виктор Антон-иԥа Садовничи имаҵураҭыԥ аҿы инапынҵақәа рыцҵара инамаданы ҭелла дидныҳәалеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит ААУ а-Телеграмм канал.

«Шәара адунеизегьтәи анаука, иреиҳаӡоу аҵарадырра иреиӷьу атрадициақәа реиҭашьақәыргылареи реиҭарҿиареи, урыстәылатәи аматематикатә школ аиқәырхареи аҿиареи  рус аҿы шәлагала ахә ашьара уадаҩуп. Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университетгьы. Жәларбжьаратәи аҩаӡараҿы Аԥсны азхаҵара аиуижьҭеи 11 шықәса роуп иҵуа. Аха ҳара иаҳҳәар ҳалшоит кыр уи аԥхьагьы Москватәи ауниверситет аректор ибзоурала Аԥсуа университет аӡбахә адунеи аҟны ираҳаит, егьырҭ ираҟароу азинқәа аиуит ҳәа.

Аҟәа. Абҵарамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацуразы аофициалтә Хаҭарнакреи  Аԥсны агеографиатә еилазаареи Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети еицеиҿыркааит Аурыст географиатә Еилазаара X Жәларбжьаратәи арккаратә акциа – Агеографиатә диктант – 2024.

Агеографиатә диктант мҩаԥысуеит есышықәса 2015 шықәса инаркны. Жәы-шықәса рыҩныҵҟа ари акциа рхы аладырхәит  3,6 миллионҩык инареиҳаны.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.